Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

«Арратә уалԥшьазы» 2014 шықәса маи 6 азы, «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ианвар 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рышьаҭала, «Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса апрели ииуни рзы аррамаҵзурахь рнаԥхьаразы, аррамаҵзура иахысуа атәылауаа рхы рақәиҭтәразы» 2023 шықәса март 22 азы Аԥсны Ахада Иусԥҟа анагӡаразы:
– иалнаршароуп Аԥсны Арбџьар Мчқәа рахь 2023 шықәса апрели ииуни рзы Аԥсны атәылауаа аррахь рнаԥхьара;
– Аԥсны атәылауаа аррамаҵзурахь рнаԥхьара иамадоу аусмҩаԥгатәқәа азеиԥш напхгара рнаҭароуп, иагьырхылаԥшыроуп;
– 2023 шықәса ииуль 31 азынӡа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаарахь инанагароуп Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса апрели ииуни рзы аррамаҵзурахь рнаԥхьара аихшьалақәа ирызку адырраҭара.
– анаԥхьаратә комиссиақәа еиҿыркаароуп «Арратә уалԥшьазы» 2014 шықәса маи 6 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адҵақәа инарықәыршәаны;
– анаԥхьаратә комиссиақәа еиқәдыршәароуп иаҭаху дгьылҵакырала, хыбрала, мазарала, транспортла, абылтәы-хьшьтәы маҭәашьарқәа рыла, иара убас ареспубликатә ҽеизгарҭатә ҭыԥ ахь аррахь инарыԥхьауа рнагара;
– ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадарақәа реиҳабацәа, арра-ҵаратә ус азы егьырҭ аҭакԥхықәра зду ирыдырҵароуп араионтә анаԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақ. анаԥхьаратә комиссиеи реилатәарақәа рахь инарыԥхьауа адырра рыҭареи рнагареи.
– ареспубликатәи, араионтәи анаԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақ. анаԥхьаратә комиссиеи реилазаарахь иалнахыроуп Аԥсны атәылауаа аррамаҵзурахь рнаԥхьара иамадоу аусқәа рымҩаԥгаразы ахаҭарнакцәа;
– аусмҩаԥгатәқәа аднакылароуп аррамаҵзура зҽацәхьазкуа рыԥшааразы.
– ареспубликатәи, араионтәи анаԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақ. анаԥхьаратә комиссиеи реилазаарахь иалнахыроуп инарԥхьауа медицинала агәаҭара рахыжьразы аҳақьымцәа-аспециалистцәа;
– араион аҟны иаҭаху аҳақьымцәа-аспециалистцәа ыҟамзар, анаԥхьаратә комиссиақәа реилазаарахь инарышьҭыроуп егьырҭ араионқәеи (мамзаргь) Аҟәа ақалақьи рҟнытә аспециалистцәа;
– араионтәи анаԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақ. анаԥхьаратә комиссиеи рҟны арентгенологиатә, афлиуорографиатә, алабораториатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵароуп. Ареспубликатә медицинатә комиссиа аус анауа ирнаҭароуп еиҭаҵуа афлиуорограф;
– Аԥсны атәылахьчара Аминистрра алархәны анаԥхьаратә комиссиақәа еиқәнаршәароуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы ахархәагақәа рыла;
– Аԥсны Арратә комиссариати инарԥхьауа агәаҭара иахзыжьуа аҳақьымцәа – аспециалистцәеи алархәны анаԥхьара аан акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҿагылара азҵаара иазку аилатәара амҩаԥгара.
– ареспубликатәи, араионтәи анаԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақ. анаԥхьаратә комиссиеи реилазаарахь иалнахыроуп атәылауаа аррамаҵзурахь рнаԥхьара иамадоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ахаҭарнакцәа;
– аусмҩаԥгатәқәа аднакылароуп Аԥсны аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵауа анаԥхьарҭатә ҭыԥ ахь рнагаразы, анаԥхьара аҽахырԥара азин ашьақәырӷәӷәаразы иаҭаху адокументқәа рцәыргаразы.
А.Анқәаб, Аԥсны Аԥыза-министр
Аҟәа ақ., 2023 ш. март 31, № 43