Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аргыларақәа ирымадоу азҵаарақәа

Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рпресс-конференциа мҩаԥысит. Активистцәа ақалақь аҿиара, зинда аргылара, аҳҭны-қалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара уҳәа ирыдҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Хықәкыла ажәалагалақәагьы ҟаҵан.

Архитекторцәа, анџьнырцәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аурбанистцәа, азиндырҩцәа, ажурналистцәа зеилазаараҿы иҟоу аԥшь­гаратә гәыԥ алахәы­лацәа Аҟәа ақалақь аҿы иҳараку ахыбрақәа рыргылара атема ҩаԥхьа изышьҭырхуа еиҭар­ҳәеит. Урҭ ргәаанагарала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылаг­ӡаны аҳҭны-қалақь ауааԥсыра Аҟәа аҭоурыхтә ԥшаҳәа иахьаҵанакуа еицлабны, аиҳарак ала изакәанымкәа аргылара шымҩаԥысуа рымбо иҟам. Раԥхьаӡа иргыланы, излацәажәатәу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳара­жәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра еихаххаа ауп. Активистцәа агәра ганы иҟоуп, ас еиԥш иҟоу «архитектура» XIX ашәышықәса анҵәамҭазы ишьақәгылахьаз аҭоурыхтә ԥшаҳәа иаҵоу аԥшӡареи ауникалреи шыԥха­сҭанатәуа, иара убас иҳаҩсыз аамҭақәа рзы аҟыбаҩ ду злаз архитекорцәа еиҷаҳаны иаԥырҵаз амшыни ашьхареи ркомпозициа ӷәӷәала ишеи­ланагауа. Иарбоу аргыламҭа амра ашәахәақәа ишиашоу ари аҭыԥ аҟынӡа рынаӡара аруада­ҩуеит, иара убри ала ԥсабаратәла аҳауеиҭарсра иаԥырхагахоит. Иара убас, убри адагьы еидгәыԥланы ахыбрақәа ахьыргылоу аҭыԥ ахь амҩақәеи, амашьынар­гыларҭақәеи, амцарцәаратә неирҭақәеи, анџьныртә инфра­структуреи еиҳагьы иаруа­да­­ҩуеит.

Аҵыхәтәаны, хымԥада иазгәа­ҭатәуп даҽакгьы – Аԥсны адгьыл­ҵысратә (асеисмикатә) шәарҭаразы зиндекс ҳараку (9 рҟынӡа инаӡо) тәылоуп, убри аҟнытә, ахыбрақәа еидгәыԥланы рыргылара мап ацәктәуп.

 «Ҳара Ҳақалакь» алахәылацәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ааигәа иҟалаз адгьыл­ҵысра ахҟьаԥҟьа дуқәеи уи зыдҳ­әалахаз аргыла­­рақәа раан асеис­микатә шьақәтәара аԥҟарақәа реилагареи ртәы ҩаԥхьа еизаз иргәаладыршәеит. Ахыбра заҟа иҳараку аҟара, аиҳарак аԥшаҳәа иахьаҵа­накуа игылоу, араҟа иҟоу агеологиатә ҭагыла­за­ашьақәа ҳасаб рзуны уахәаԥ­шуазар, адгьыл­ҵысра аан аилаб­гаразы еиҳа ишәарҭоуп.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳара­жәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра – ари проблема заҵәны иҟаӡам иахьа. Анџьныр-ргылаҩ Асҭамыр Маан игәаана­гарала, И. Коӷониа имҩаду аҟны игылоу иҳараку аҩнқәа атәара иаҿуп. Уи ҵаҵӷәыс иамазар алшоит ахыбра ахьыргылаз аҭыԥ аҿы адгьыл ианаамҭаз иахәҭоу анализ ахьазумыз.

Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа аҳҭны-қалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵа­накуа аргыларақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу апроб­ле­мақәа рыӡбаразы вариантқәак рыдыргалеит. Апресс-конференциаҿы ажурналистцәа идырбан Аҟәа ақалақьтә Еизараҿы абҵарамза 12, 2009 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбамҭа. Уи инақәыршәаны, амшын аԥшаҳәеи аихамҩеи рыбжьара, Аргылаҩцәа рымҩеи Титов имҩеи инадыркны Басла аӡиас (Ацҳа ҟаԥшь) аҟынӡа иргылахо ахыбрақәа роура 16 метра еиҳамзароуп. Агәыԥ азиндырҩцәа ргәаана­гарала, уажәазы иарбоу аӡбамҭа аԥыхразы изеиԥшразаалак адырра ҳәа акгьы ыҟам, аусшәҟәы иахьа уажәраанӡа азинмчы шамац иаанхоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me