Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Афымцамч аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәа­жәара иазкын атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аусуратә еилатәара ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Рамин Зингишвили, Егрытәи аӡфымцатә станциа адиректор Леуан Мебониеи астанциа анџьныр хада Гиа Хубуеи.

Аилатәараҿы ирылацәажәеит Егрытәи аӡфымцатә станциа акомплекс иаанашьҭуа афымцамч ашәагазагақәа, аушьҭратә инфраструктура аҭагылазаашьа иадҳәалу азҵаарақәа, иара убас 2023 шықәсазы афымцач ахархәара ашәагазагақәеи адефицити рзы азԥхьагәаҭарақәа ҟаҵан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me