Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақьырсианра аларҵәаҩ

Аԥсны ажәытәӡатәи ақьырсиан тәылақәа ишреиуоу азы шаҳа­ҭра руеит уи ахы-аҵыхәа игылоу ақьырсиан баҟақәа, ауахәа­мақәа, аԥшьаҭыԥқәа. Убарҭ иреи­уоуп иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит иуахәамагьы. Аԥсны иалкаау аҭоурых рыцхәқәа инарыдкыланы, маи 23 Симон Кананит Имш ауп, ҳтәылаҿы ныҳәаны, ԥсшьарамшны иазгәарҭоит 2013 шықәса инаркны. Ари аҽны хыԥхьаӡара рацәаҩыла адинхаҵаҩцәа Анцәаиҳәара мҩаԥыргоит уи ауахәама аҿаԥхьа.

Аӡы аҩы алызхыз

 Симон Кананит, 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа иреиуоу, Иосиф Ауадыхәҟаҵаҩ раԥхьатәи иԥшәма лҟнытә ԥшьҩы иԥацәа дыруаӡәкын, даҽакала иуҳәозар, Иисус Христос абла диашьан. Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ зыдҳәалоу Галилеитәи Кана ауп. Убраҟа, Симон аҭаацәара даналалоз, Ҳазшаз Иисус Христос раԥхьаӡатәи аџьашьахә ҟаиҵеит – аӡы аҩы алихит. Абри атәы арбоуп Иоаан иҟнытә Иԥшьоу Ажәабжь аҿы. Хьыӡҳәала абри ацыԥҵәаха иаԥхьоит аҭаацәаралалара аан, насгьы қьырсиан ҵасла аҭаацәаралалара ахылаԥшҩы иаҳасабала ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит ихьӡ шьҭыҵит.

Кана иҟаз ачараҿы Ҳазшаз иҟаиҵаз аџьашьахә лабҿаба ианиба, Симон иџьеишьеит, даршанхеит, убасҟак Христос игәра игеит, хьаҳәхьачарада Ҳазшаз имҩа данылеит иҭаацәара ааныжьны.

Христос Жәҩан ахь данхала ашьҭахь, мцаԥшьҵас Ҳазшаз иҵаҩцәа рахь илбааит Адоуҳа Ԥшьа. Симон аԥхьа Христос идин алаирҵәон Иудеиа, нас – Едессе (Шьамтәыла), Ермантәыла, Мысра, Киринеиа (Ливиа), Мавританиа, Испаниа, уимоу Британиагьы. Абри азы шаҳаҭра руеит қьырсиан жәларқәак аҭыԥантәи рҳәамҭақәа.


Аԥсуаа ӡаазхыз

Адинхаҵара аҭоурых зыҩуаз рыла еилкаауп, Симон, ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьеи Матфии дрыцны ақьырсианра шалаирҵәоз. Симони Андреии Уаԥстәыла ашьхақәа рыла рҿынархеит, ашьҭахь Аԥсныҟа илбааит, иагьаангылеит Севаста (иахьатәи Аҟәа) ақалақь аҟны. Анаҩс, Андреи Кавказ Амшын еиқәа аҿықә даваланы ақьырсианра аларҵәауа иҿааихеит, Симон иакәзар Ԥсырӡха аӡиас ҳаамҭазтәи (Афон Ҿыц акәша-мыкәша) аиҩхааҿы иҟоу ҽышьа­ԥхыцк ахьамкуаз ҳаԥык аҿы инхарҭа ылихит. Уи аҳаԥахьы дхалон, дылбаауан шахала. Ари ҟалеит ҳара ҳера 55 шықәсазы, Христос Жәҩанахь данхала ашьҭахь ҩажәа шықәса ааҵуаны.

Ацҳаражәҳәаҩ шаҟаамҭа Аԥсны дыҟаз азы ашықәсынҵаҩцәа акагьы адырбом. Уи араҟа хыԥхьаӡара рацәала аџьашьахәқәеи, ассирқәеи, ашанақәеи ҟаиҵон, иара иажәа иабзоураны аӡәырҩы Христос иахь рхы дырхеит. Аҳәамҭақәа изларҳәо ала, Симон Кананит иалаирҵәоз ақьырсианхаҵара иабзоураны, Аԥсны аҵыхәа ԥҵәан ахәыҷқәа анцәақәа ԥсаҭатәыс рыҭаразы амырҭаҭратә ҵас бааԥсы. Ажәытәӡатәи аԥсуа ҳәамҭақәа рҿы иуԥылоит Аԥшьа Симон иӡбахә. Уи напыла дрыхькьысны ихәышәтәуан еиуеиԥшым ачымазарақәа, аӡы рықәиҭәон иахьрыхьуаз, анцәа диҳәон, абарҭқәа рышьҭахь урҭ рчымазарақәа ныҵаба ицон. Симон Кананит иоуп аҭыԥантәи ауааԥсыра – ҳаамҭазтәи аԥсуаа рхылҵышьҭрақәа рнаҭра иалагаз.


Симон Кананит ааӡабла иҭархара

Абарҭқәа рзы уи амырҭаҭцәа акырынтә иқәлахьан, длаԥшықәҵан дрыман. Ақьырсианцәа ӷәӷәала ианкыдырцалоз аамҭазы, Симон ааӡабла иԥсҭазаара далырхит. Иҟоу агәаанагарақәа руак ала, ихы хырсеит, даҽа гәаанагарак ала – иԥсы шҭаз хәархьла деихырҵәеит. Иара убас даҽа ҳәамҭак излаҳәо ала, аџьар дкыдырҵеит, ахаҳә дадыргеит.

Иара иҵаҩцәа иԥсыбаҩ иҳаԥы азааигәара анышә иамардеит. Уахь имҩахыҵуа иалагеит адин хазҵоз, рчымазарақәа рыхәшәтәразы ацхыраара иаҳәон.

Ажәбатәи ашәышықәсазы Симон Кананит анышә дахьамадаз идыргылт ицәыз ақьырхаҳә шкәакәа иалхны ауахәама. Ҩ-шәышықәсак ааҵуаны ақьырсиан дин Аԥсны иахьабалак ӷәӷәалаҵәҟьа ашьапы акит. Аԥсны ажәеизатәи, ажәаҩатәи ашәышықәсақәа раан ишәҭыкакаҷуаз қьырсиантәылан. Амшын иаԥныз аԥсуа ҿықә хҟьан ишәҭыкакаҷуаз ақалақьқәеи аберҭыԥқәеи рыла, ашьхақәа ракәзар баашла, уахәамала ирӷәӷәан.  Аха нас Аԥсны рымпыҵархалеит аҭырқәцәа, ԥыҭҩык аԥсуа­агьы аԥсылманра рыдыркылеит. Ауахәамақәа жәпакы ԥдыргеит, убрахь иналаҵаны Симон Кананит итәгьы.


Аиашахаҵара амҩала

19-тәи ашәышықәсазы ажәытәӡатәи ауахәама еиҭашьақәыргылан Афон-Ҿыцтәи Симон Кананит имонастыр аҟны иҟаз аберцәа рыла. Уи шьаҭадыркит ажәытәтәи Афон (Бырзентәыла) аҟнытә амонахцәа 1875 шықәсазы. Убри азы аимператор Алеқсандр III иҟаиҵаз адҵала 327 десаҭын адгьыл алхын. Амонастыр ҟалеит Кавказ аиашахаҵаратә ҵаралашара иагәыцәны.

Симон Кананит ажәытәӡатәи иуахәамахь анеира маншәалахарц азы хаҳәла амардуан ҿарҵеит, еиуеиԥшым ахаҳәжәлақәа рыла ичаԥаны Иисус Христоси, Анцәа Иани, Симон Кананит ихаҭеи рхаҿсахьақәа аҳаԥы аҭыӡқәа ирнырҵеит. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы инханы иҟоуп. Уахь инеиуа ирбоит аӡыхьԥшьа, ацҳаражәҳәаҩ ишьхәаҭыԥ зну ахаҳә. Аҳаԥы ааигәара ишьҭоу ахаҳә иахьанӡагьы ианубаалоит ашәыта ҟаԥшьқәа – «Ацҳаражәҳәаҩ ишьацәыкбарқәа».

Ацҳаражәҳәаҩ Симон иӡбахә арбоуп Ауасиаҭ ҿыц аҟны Кананит ҳәа, даҽаџьара – Симон Зилот ҳәа.

Ажәытәтәи абырзен бызшәеи ажәытә арамеитәи абызшәеи рыла «кананит», «зилот» ҵакык ауп ирымоу: Ҳазшаз иуасиаҭқәа быцра рықәымкәа иназыгӡауа. Даҽа версиак ала, Кананит ҳәа ахьӡшьара Симон иоуит Кана (Назареҭ ааигәара) ақалақь аҟны ачара аниуаз.


Акьыԥхь иазирхиет Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me