Аԥҳәызба Елиф Қьецба жәаметрак инаӡо лбаҟа ықәдыргылахьеит аҭырқә дгьылбжьаха Қьефқьен амшынҿықә аҟны. Абаҟа 8 метрак иҳаракуп, ашьапы – 2 метрак. Арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иажәақәа рыла, амҳаџьырцәа рбаҟа ақәыргылара аидеиа цәырҵижьҭеи акрааҵуан. Абар, уажәы уи алыршахеит амуниципалитет Қоџьаели адгыларала, Ҳасан Қардиа хадара ззиуа Аԥсуа культуратә центр аҽазышәарақәа ирыбзоураны. Ахарџьқәа иара убас рхахьы иргеит акультуратә центри амуниципалитети.
«Абаҟа ақәыргылара мариамызт. Хәҭа-хәҭала иааганы еибырҭеит. Абри аус иацхрааит ақалақь ажандармериеи атранспорттә полициеи», – иҳәеит Багаҭелиа. Абри апровинциаҿы, иаҳа ииашаны иуҳәозар, Кандыр ақалақь аҿы ауп иахьыҟоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рнышәынҭра. 2021 шықәсазы Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа абри араион аҿы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкны хышә ҵла еиҭарҳаит.
Қьефқьен – ашьхарыуаа зҭаз аԥраӷбақәа ахьызӡхыҵуаз мшынҿықәуп, урҭ реиҳараҩӡак аԥсуаан. Атәым дгьыл аҟны амҳақьырцәа раԥхьа хкыдкыларҭас ироуз ааигәа иҟаз аҳаԥқәа роуп. Амлакреи ахьҭеи идыргәамҵхьаз ахҵәацәа ачымазара рылагьежьит. Имлашьуаз ауаа иаарымԥыхьашәоз рфон, ачымазарагьы ршьапқәа аарыҵнахуан. Иара уаҵәҟьа аҳаԥқәа рзааигәара анышә иамардон. Аҳаԥқәа рҿы макьаназгьы еиқәханы иҟоуп абарҭ ауаа иҟарҵоз аҩырақәа, 1860 шықәса ҳәа зҵаҩу. Хьыӡҳәала Қьефқьен ауп иахьыӡхыгаз 1877 шықәсазы аҵыхәтәантәи аԥсуа мҳаџьырцәа.
Есышықәса маи 21 азы Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа абраҟа еизоит, амшын ихырҵоит ашәҭ рқьақьақәа, атеатртә ҟазшьа змоу ақәгыларақәа мҩаԥыргоит, еиҿыркаауеит аиԥыларақәа. Абарҭқәа зегьы зызку – аҿар рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц ауп.