Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа, амшын аҧшаҳәаҿы

Маи 21 рзы Аҧсны, иара убас Кавказ ажәларқәа зегьы иазгәарҭоит аҭоурых еиқәаҵәа – амҳаџьырцәа Рымш. Кавказ аибашьра иалаӡызи, мчыла зтәыла иахыганы иқәырцаз ҳажәлари ргәалашәара игәыҭшьаагоу мшуп.

Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ари арыцхә ҷыдала иазгәарҭоит. Ара амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ажәлар ааиуеит ҧымкрада – аиҳабыратә абиҧарақәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа. Абра Амшын Еиқәа зқьы маӡа згәыҵаҵәаху ахықәан иаҳгәалаҳаршәоит аҧсуа, абаза, аубых, адыга, ачерқьес уҳәа ирхыргаз аамҭа еиқәаҵәа.

Ҳажәлар ирхыргеит уаҩы ихахьы изаамго арыцҳара ду, уи иахҟьаны ҳмилаҭ иаиуит ааха ҕәҕәа, аҧсуаа 500-нызқьҩык инареиҳаны Ҭырқәтәыла, Сириа уҳәа иҧсаҟьаны иалаҧсоуп. Ҳџьынџьуаа аиҳараҩӡак нхоит Ҭырқәтәылан.

Иахьа ҳара ҳҭоурыхаз акырӡа аҵанакуеит, ақырҭуа-аҧсуа еиба­шьра ашьҭахь аӡәырҩы, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа рабацәа рџьынџьрдаракәац ахьыҟоу ҳәа Аҧсныҟа иахьаҳзаауа.

Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыҧша­ҳәаҿы иргылоуп амҳа­џьырцәа ирызку абаҟа. Араҟа есышықәса маи 21 рзы иааиуеит шәҩыла ауаа.

Ҳара ҳажәлар абри аамҭа еиқәаҵәазы изықәшәаз ахҭыс «Ахырҵәара» ауп. Мҳаџьырраӡам. Ҳара иаҳхаҳгаз ҳҭоурых ииашаны адырразы ариашара аҭахуп. Узықәшәаз ахҭыс ииашаны ианудыруа, ианеилукаауа даҽазны агәҽанызаара унаҭоит.

Амҳаџьырцәа рымҩаду ҭырҭәааны ажәлар абаҟа ашҟа инеиуан. Агәахәара ду унаҭон аиҳабыратә абиҧара аӡәырҩы аҧсуа маҭәала рҽеилаҳәан иахьааиз, аҿар ракәзар, Абираҟ иаҵагыланы амшын аҧшаҳәа иқәсит.

Аилашәшәымҭазы амшын ахықәан аҟәараҿы еиқәҵан амца, аҿар иркын амцацәашьқәа, амшын ихыӡлаз ҳажәлар ргәалашәаразы ашәҭ шьыҵәрақәа аӡы ихырҵеит. Акраамҭа ажәлар еиҧырҵуамызт.

Рыҧсқәа ҭынчхааит амшын нырцә иагаз, зыҧсҭазаара аамҭа еиқәаҵәа иалаӡыз ҳажәлар.


Наира Санцба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me