Аушьҭрагәаҭаратә ҭыԥ аҟны амашьына агәаҭараан ирыԥшааит, иагьрымырхит аполиетилентә еилаҳәарақәа. Урҭ иргәылан аххыраԥшра змоу амаҭәашьарқәа. Иара убас ирыԥшааит 4 ҭрак ирҭаз (40 цыра) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу ахәшә. Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалтә центр адырранҵала, ирымхыз, зыкапан – 0,617 гр. рҟынӡа инаӡо амаҭәашьар «героин» ҳәа изышьҭоу наркотикатә хархәагоуп. 4 ҭрак ирҭаз «нейронтин» ҳәа изышьҭоу, зеилазаараҿы аиҳарак «габапентин» ала ишьақәгылоу ахәшә ауп. Иарбоу…
Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирны­леит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атема иазкуп. Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.
Август мза 14 азы ақырҭуа фашистцәа рыр Аҧсны ианалала раҧхьа ахымца иадыргаз аҧсуа қыҭақәа ируакуп Тамшь ақыҭа. Абри ақыҭаҿы ауп дахьиз, ақырҭуа ар рмагәшьхәа иадыргаанӡа дахьынхоз аҧсуа шәҟәыҩ­ҩцәа абыргцәа рабиҧара иаҵанакуа Нури Бараҭелиа. Уи иблала ибеит аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлари егьырҭ иақырҭуам амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ргәырҽанӡамкәа изыниаз арыцҳара. Ирхырго агәаҟрақәеи азалымдарақәеи иахьагьы ибла иабоит… Убри азоуп ари абырг ааигәа…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me