Аҟазаареи аҟамзаареи ҳнарыбжьагылаз

Август  жәиҧшь,  зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа   шықәса,  ахәаша.  Аҽны  асааҭ   12 рзы    имҩаҧысраны  иҟан, усҟантәи Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиа.  Уаҟа ирылацәажәаран иҟан Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра иазкыз азҵаара.

  Аха, уи аҟалара иахьӡаанӡа, ашамҭаз ,  Аҧсны   рнапахьы   иааргарц  азы, Егры   аӡиас   ирны  ҳтәыла   еибашьрала иақәлеит  ақырҭқәа.  Охуреи игылаз  аҩныҵҟатәи  ар рполк  аруаа   рымч  мырхакәа,  гәыҧҩык   ҭҟәаны, Очамчыра  иалсны,  Агәыӡера      аҿагылара      ҟазҵаз    аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ириааины   аҳҭны   қалақь   иалалеит,  бџьарлеи,      џьаҧҳанылеи  еиқәных. Аибашьра иалагоит ҳәа иҟамыз аҭынч уааҧсыра реиҧш, Аҧсны иҟаз аҧсшьаҩцәагьы шәаҟьаны, изеиуоу рзымдыруа иааҭагылеит.  

     Аамҭаказы,  Аҟәа   аибашьра  алагара   алмыршаразы   аицәажәарақәа    мҩаҧыргон Аҧсны    аиҳабыра   рхаҭарнакцәеи,  Қырҭтәыла  ар  рнапхгареи. Аха , ақырҭқәа  аибашьра    аанкылара   хықәкыс    ирымамызт.  Аҕацәа рымчқәа  реидкыларазы аамҭа ус баша ишырго атәы   еиликаауан  Владислав    Арӡынбагьы.  Убри азы  ауп  аҕа  иҿагылаз   адҵа     зриҭоз,  Аҧсны   аҳҭны  қалақь  аамҭала   иааныжьны, Гәымсҭа   аӡиас   аҟны   ахырҕәҕәарҭақәа   ааныркыларц азы.

 Леон иордени, Ахь-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡареи занашьоу, аибашьра аветеран Вахтанг Цыгәба дреиуоуп раҧхьатәи асааҭқәа рзы аҕацәа Ацҳа ҟаҧшь аҿы ирҿагылаз аруаа. Аветеран ибзианы игәалашәоит урҭ ахҭысқәа. «Адунеиаҿы зеиҧш ҟамло ыҟаӡам, аӡхыҵрақәа, адгьылҵысрақәа, амцакрақәа аха ауаҩы ииаӡбаз, ауаҩы идҵала иҭахрала имҩаҧысуа аибашьра еицәоу акгьы ыҟаӡам. Ирацәоуп аҧсуаа ҳҭоурых аҿы аҟазаареи аҟамзаареи ҳанрыбжьагылаз. Ус иҟан  нанҳәамза жәиҧшь 1992 ш. рзы излагаз аибашьра, уи иаанырҧшит ақырҭқәа аҧсуаа рахь ирымаз ацәымҕра» ҳәа азгәаиҭоит Вахтанг Цыгәба.

 Аибашьҩы игәалашәоит, нанҳәамза жәаха рзы Владислав Арӡынба дышиҧхьаз аҧсуа архәҭақәа реиҳабы Виктор Какалиа. Вл.Арӡынба дҵаауан, аҳәааҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы, избан акәзар уи агәҭынчымра узцәырнагартә еиҧш иҟан. Уи аҧхьа, мышкы шыбжьаз, Гал иҟаз аблокпост ықәыргахьан. «Владислав Григори-иҧа ҭелла Шеварнадӡе иҽимаидеит, иагьеиҳәеит Қырҭтәыла аруааи атехникеи Егры аҳәаа иахьазааигәахаз аҧсуа ган агәҭынчымра шрызцәырнаго атәы. Аха, Шеварнадӡе  акгьы ҟамлаӡазшәа дцәажәон, Арӡынба агәра ииргон аруаа рхыҧхьаӡара аизырҳара аҭынчра ишазкәу. Ари аҩыза, аиаша иацәыхараз ацәажәарала Владислав Арӡынба амц дузжьо дыҟахызма… Шеварнадӡеи иареи анеицәажәа ашьҭахь Виктор Какалиа игәы иҽынҵан,  ақырҭқәа Аҧсны иалалар шауа азы» иҳәоит Вахтанг Цыгәба.

 Нанҳәамза жәиҧшь рзы Гиви Камуг-иҧа Агрба,  Вахтанг Цыгәба дааиҧхьан иеиҳәеит  аҕацәа шқәылаз, дара Аҟәаҟа рхы рханы аара ишаҿу. Адҵагьы ҟаиҵеит  имашьына иакуа аруаа аашьҭыхны, аҕацәа ирҧыланы излауала аҿагылара ҟарҵарц азы.  «Автоматқәеи, ҩба-ҩба артҟәацгақәеи аашьҭаҳхын, сареи, амашьына арныҟәцаҩ Наур Агрбеи, арота авзвод аиҳабы  Александр Микеладӡеи, апрапоршьик Михаил Исаакови амҩа ҳақәлеит.  Турбазатәи аҧсшьарҭатә ҩнқәа ркомплекс  ҳаназааигәаха иаҳбеит уаҳа цашьа шҳамам, избан акәзар ирацәаны амашьынақәа еилагылан. Акыр сзеилкаауазар ҳәа амашьына сынҭыҵ  издыруаз аҷкәынцәа збеит, урҭ исарҳәеит  ақырҭқәа «Аиҭар» ишааихьоу. Гиви Камыгә-иҧа Агрба ҳаҽимаҳдартә еиҧш алшара ҟамлеит, аимадара еиҧҟьеит. Анаҩс ишеилаҳкааз ала аҕацәа ҳзыӡырыҩуазаарын иҳәоит Вахтанг Цыгәба.

Анаҩстәи ахҭысқәа еимгеимцарак иалагӡаны имҩаҧысуан. Аҕацәа  аҧсуаа аанкыланы Аиҭар» ҟа иҭаргалон.  Еизаны игылаз ауаагьы игәыҭҟьа-ҧсыҭҟьахьа аимпра иаҿын, уи аамҭазы  Вахтанг Цыгәба игәыҧ иацхраарц иааит ҩынҩажәи жәаҩык аруаа. Аха, адҵа ада ахысра аӡәгьы азин имамызт. Избан акәзар, аҕацәа рхықәкы аҵыхәтәанынӡа еилкааӡамызт. «Иахьа аибашьра ианалагаз аамҭа еиуеиҧшымкәа ирҳәоит. Ииашаҵәҟьоу аамҭа, асааҭ жәеизеи ҩынҩажәи жәохә минуҭи роуп. Аҕацәа ртанк анхыс ссааҭ аангылеит, асаркьагьы ахшәеит» иҳәоит аветеран. Аҕацәа знык танкла ианхыс нахыс еилкаан иҟоу, усҟан  ҳаибашьцәагьы рҿахысра иалагеит. Анаҩс, Гиви Агрба идҵала Вахтанг Цыгәба игәыҧ Ацҳа Ҟаҧшь ахь ииаган. Абас иалагеит аибашьра.

Ҧшьышәи жәаха мши ҵхи, аибашьра иалахәыз жәаҩа нызықьыҩык инареиҳаны аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, х-нызықьҩык хатә гәаҧхарала иааны еибашьуаз, хә-нызықьҩык  ахәцәа, ҩ-нызқьи быжьшәҩык иҭахаз-арҭ ахыҧхьаӡара хьанҭақәа аибашьра иатәуп. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, «Агәымшәараз» амедал занашьоу,  аветеран Аслан Аҩӡба аҭоурых аганахьала аибашьра ахәшьара аҭо иазгәеиҭоит аҧсуаа рыгәыҕьреи, рхымшаҭареи аҕацәа шазыҧшымыз. Урҭ шақәымгәыҕәуаз ироуз аҩыза аҿагылара. Азныказы ақәылаҩцәа алҵшәа роуит. Избанзар, дара рхы иадырхәеит агәҽанымзаара.Аҧсуаа ззыхиамыз, ргәы иҭамыз аибашьра дара ирыхәеит. Ақырҭқәа ақалақь иазааигәахеит, аха ишақәгәыҕуаз еиҧш, еибашьрада Аҧсны агара алшара рызҭодаз, Ацҳа ҟаҧшь аанкыланы итәан ҳаибашьцәа. Леон иорден занашьоу Вахтанг Цыгәба иажәақәа рыла аҕацәа ақәгәыҕуан «аҧсуаа рызҵаара» ҳәа изышьҭаз аҭыӡшәа ҩымш-хымш рыла ирыӡбоит ҳәа. Аӡәырҩы ргәы иаанагон аҧсуаа рхы иазынхеит, ар рымам, абџьар рымам, аҧышәа рымам ҳәа. Аха, аамҭа иаанарҧшит аҧсуаа дара ишырҟазшьоу еиҧш, изҭашәаз агәаҟра рхы шаҵадмырхоз. Ирзымдыруазгьы шырҵаз, ирымамыз абџьаргьы шырыҧшааз. Ахҭысқәа ирласны имҩаҧысуан. Нанҳәамза жәохә-жәаа рыбжьара аҕацәа рдесант мшынла иӡхыҵны Гагра ааныркылеит. Уи аамҭазы рхы иақәиҭны иаанхеит Гәдоуҭеи , амацәаз иҭакыз Тҟәарчали, аҕацәа ахьзымнаӡаз ашьха қыҭақәеи. Нанҳәамза жәаа рзы аҧсуа еибашьцәа аҕацәа иааныркылаз Аҟәа ааныжьны Гәымсҭа аӡиас арҕьарахьтәи аҧшаҳәа ааныркылоит. Армарахь ала итәан ақырҭқәа. Абас ала ишьақгәылоит афронт ацәаҳәа ҿыц-Гәымсҭатәи ахырхарҭа. Аҩбатәи  Очамчыратәи афронт ацәаҳәа акәхеит Мрагыларатәи ахырхарҭа ала.

Хыхь ишҳәаз еиҧш, абџьар даара имаҷын. Нхыҵ Кавказтәи аеашьаратә жәларқәеи, адунеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра иаауаз рызхара абџьар ыҟаӡамызт. Аха, ирымаз ахәыҷы ахархәарала иааныркылаз ахырҕәҕәарҭақәа аҕа ирҭаӡомызт. Аҕацәа ирымырхуа иалагеит раҧхьатәи арратә  ҷанҳәаҭҳа.

Гагратәи ахырхарҭаҿы аҧсуа еибашьцәа имҩаҧыргоз ажәыларақәа алҵшәа рыман, ақырҭқәа рабџьари ркәылӡтәы техникеи кажьны ибналон. Урҭ ирцәынхаз абџьар ҳаибашьцәа рзы ицхыраагӡан.  Гагра аҭарцәра Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурыхаҿы ихадароу аҭыҧ ааннакылоит.

Ашамҭазы, октиабр ҩба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы, Аҧсны ахьчаҩцәа ажәылара хацдыркит. Ахәылбыҽха шыҟаз ақалақь ҭарцәын. Октиабр фба ашамҭазы ҳаибашьцәа ихьарцаз ақырҭқәа реиҳараҩык аӡиас Ҧсоу ирны, аҧсуа-аурыс ҳәаа иахысны Урыстәылаҟа ибналеит. Аха, аҧхьаҟа ишьҭан аибашьра арыцхә хьанҭақәа, иҳәоит агәымшәараз амедал занашьоу Аслан Аҩӡба.

Изныкымкәа Аҧсны ахьчаҩцәа рҽазыршәахьан Гәымсҭатәи афронт ала ажәыларақәа рымҩаҧгара, иара убас ажәыларақәа еиҿыркаауан Мрагыларатәи афронт аҟынгьы. Усҟантәи аамҭазы зхы иақәиҭыз Гәдоуҭа, аамҭала Аҧсны иаҳҭнықалақьхеит. Иара иаднакылон ахәцәа, аҭынч уааҧсыра, уаҟа иҟан Аҧсны аиҳабыреи, акомандаҟаҵаратә штаби. Аҭынч уааҧсыра арратә резервны иҟан. Аб, иҭахаз иҧа иҭыҧаҿы дҩагылон еибашьҩыс. Абыргцәа инадыркны зынӡа иқәыҧшыз рҟынӡа ргәаҕ зынӡа иҕьашкит декабр жәиҧшь рзы Лаҭа, аҳәсеи ахәыҷқәеи аазгоз аверталиот анҭадырха ашьҭахь. Аҟәа ахы ақәиҭтәразы еиҿкааз, аха лҵшәа змоуз, аҧсҭбара рацәа зцыз ажәыларақәа иреиуахеит  ианартәии, марттәии ажәыларақәа.

Аҧсны имҩаҧысуаз ашьаарҵәыратә хҭысқәа х-миллионҩык инарзынаҧшуа еидызкыло адунеи зегь ахьтә ршьапы иқәдыргылеит аҧсуа-дыгатә диаспора ду, иара убасгьы аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа. «Хатә гәаҧхарала иааны еибашьуан Аҧсны зҭоурыхтә ҧсадгьылыз реиҧш, иара аӡбахә ахаан измаҳацызгьы-аха аиаша иадгылоз аӡәырҩы» иҳәоит Вахтанг Цыгәба.

Аҧсуа-қырҭуатә еибашьраҿы ихадароу ажәыларақәа иреиуоуп иультәи. Амза раҧхьатәи амшқәа рзы  аҧсуа еибашьцәа иаразнак ҩ-хырхарҭак рыла ажәыларақәа хацдыркит. Гәымсҭатәи афронт ала ашьха иаҧныз ақыҭақәа ҭырцәуа иаауан ҳаибашьцәа, уи аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҿгьы ицон ажәылара, Тамшь ақыҭан амшын аҧшаҳәала иӡхыҵыз аҧсуа десант урҭ аҭыҧқәа рҿы ахырҕәҕәарҭақәа аанызкылаз Аҧсны ахьчаҩцәа ирыцхраар акәын. Арратә експертцәа ргәаанагарақәа рыла иультәи ажәылара иалнаршеит анаҩс иаагаз аиааира аагара.

 Цәыбрамза жәаф рзы ихацыркын ҳар имҩаҧыргаз аҵыхәтәантәи ажәылара, аха иара зегь раасҭа ихьанҭақәаз иреиуан. Цәыбррамза жәаф-жәибжь рзы Гәымсҭа аҩадатәи ахәҭаҿы ицоз ажәылара иалҵшәаны ҳаибашьцәа иааныркылеит астратегиатә ҟазшьа змаз аҳаракырақәа. Жәаҩамш ицоз аоперациа иабзоураны, цәыббрамза ҩажәи быжьба рзы ахы иақәиҭтәын аҳҭнықалақь Аҟәа. Уажәшьҭа еилкаан аҕа ибҕа ашшара шыҧҵәоу,

Ақырҭуа архәҭақәа рҽыҧсаҟьаны ибналон. Ҳаҧсуа еибашьцәа риааиратә мҩа иацырҵон. Цәыббрамза ҩажәи жәба рзы иҭарцәын Гәылрыҧшь, цәыббра ҩажәи жәаба рзы Очамчыра. Ахәылбыҽха асааҭ ааба инарзынаҧшуаны, аиааира  абираҟ ахаргылан Егрытәи ацҳа, Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы.

Ари аибашьраҿы аҧсуаа иргаз аиааира амилаҭ зегьы ирхьыӡрашәоуп. Аҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз реиҧш, ифырхацәоуп урҭ зааӡаз ранацәа, дара аҧсадгьыл агәыбылра дзыркыз рабацәа. Афырхаҵа дзааӡо ахаҵа иоуп. Жәаха мзы рыҩныҵҟа ицоз аибашьра ҳажәлар еиднакылеит, адунеи зегьы агәра днаргеит аҧсуаа рыҧсадгьыл азы рхы ишамеигӡо. Ахьы Владислав дзаҧхьагылоу ажәлар маҷ доуҳала ишыҕәҕәоу.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me