Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Кәтаҕьцәахылҧа» ахәыҷқәа рзы!

Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит аҧсуа мультфильм «Кәтаҕьцәахылҧа» аҧхьарабара.

Арежиссиор- амультипликациа ҟаҵаҩы  Асҭамыр Кәыҵниа  изы ари раҧхьатәи аҧҵамҭаӡам, иара авторс дамоуп ахәыҷқәа зегьы бзиа еицырбо «Абраскьыл ифырхаҵара». Уажәтәи, Кәтаҕьцәахылҧа актәи аасҭа акыр еиҳауп, «Абраскьыл ифырхаҵара»  жәибжь минуҭ иҟазар, «Кәтаҕьцәахылҧа»  ҩажәи хәба минуҭ азыҧҵәоуп. Аусумҭа аӡыргара аҟынӡа анагаразы даара аџьабаа рацәа адбалан. Иааидкыланы аусурақәа ҩышықәса ицон. Автор ихаҭа иажәақәа рыла, афинанстә цхыраара ахьимамыз иахҟьаны еиҳа ирласны иузыҟаҵозгьы аҽеиҵнахит, аха зегьы акоуп амультфильм ахыркәшара алыршан.

Аҧхьарбара шыҟало азы заа алаҳәара ҟаҵан, уи мҩаҧысуан хәыда-ҧсада. Иазыҧҵәаз аамҭазы афилормониахь ааира иалагеит хыҧхьаӡара рацәала ауаа, еаиҳаракгьы ахәыҷқәа. Дара афилормониа аҿаҧхьа игылаз, амультфильм афырхацәа  хадақәа зныз аӡыргаратә ҭӡы иадгыланы рфотосахьақәа ҭырхуан, акраамҭа иззыҧшыз амультфильм алагара ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшын. «Ари амультфильм аҧҵараҿы Асҭамыр идагьы, иҭаацәагьы рџьабаа адуп, «Кәтаҕьцәахылҧа» ибжьы ихазҵаз арҧысхәыҷгьы Леон Асҭамыр-иҧа Кәыҵниа иоуп.

Автор ицәажәараҿы иазгәеиҭеит  амультфильмқәа раҧҵарагьы аҟазара ишахәҭакәу, аха иагьа ус иҟазаргьы игәы ишаанамгоз уи бзиа ибаны, иара атәы ҵаны иҽазикуеит ҳәа. Избан акәзар, Асҭамыр занааҭла дшәаҳәаҩуп. Х-ҩык ахшара раб, еснагь иҭахын ахәыҷқәа бзиа ибаны изхәыҧшыша, иблахкыгоу, ҳаамҭа иақәшәо, аха убри аан аҧсуа цәа зхоу, ҧсышәала ицәажәо мультфильмк ыҟазарц. Абри ахшыҩҵак азхәыцра ауп изхылҿиааз раҧхьатәи «Абраскьыл ифырхаҵареи», аҩбатәи «Кәтаҕьцәахылҧеи».

 «Абраскьыл ифырхаҵара» анҭыҵ анаҩс еилкаахеит асеиҧш амультфильмқәа ҳтәылаҿы даара ишаҭахәу. Ахәыҷқәа уи уамакала ргәы иақәшәеит, бзиа ирбеит, афырхацәа рбызшәа ҿырҳәала ирҵеит, Абраскьыл иашәа амҩаҿи аҩни иазыӡырыҩуа иалагеит.

 Асҭамыр Кәыҵниа изыҳәан кыр зҵазкуа акәны иҟоуп абызшәа ацқьара, иусумҭақәа рҿы уи ҷыдалатәи ахылаҧшра аиҭоит. Аха, убри аан алаф аҵаҵаны, ирмарианы, ахәыҷқәа ирзышьҭкаартә еиҧш иҟаиҵоит. Асҭамыр иҩызцәа, иуацәа, иҭаацәа изларылшоз ала апроект анагӡараҿы  адгылара ирҭон, аха уи азхомызт. Анаҩс, афинанстә цхыраара аҟаҵара ахахьы иагеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Уи иабзоураны аусқәа рхыркәшара алыршан. Амультфильм «Кәтаҕьцәахылҧа» аус адырулеит  атекстқәа рредактор – Дырмит Габалыиа,  афырхацәа абжьы рхазҵаз Анатоли Алҭеиба, Софа Агәмааҧҳа, Виачеслав Аблоҭиа, Ҭемыр Ҭаниа , Леон Кәыҵниа, Сырбеи Сангәлиа, Џьамбул Жорданиа, Мадина Кәарацхьелиаҧҳа.

Афырхацәа злацәажәо абызшәа ацқьареи, амультфильм шаҟа исахьаркуи гәаумҭарц залшом. Аҵәа акашәарҭа амамкәан иҭәыз азал аҿы аҷыҭыбжь гомызт. Ахәыҷқәа реиҧш урҭ ирыцааиз рҭаацәагьы, «Кәтаҕьцәахылҧа» даара иргәаҧханы иахәаҧшуан. Иахьатәи аамҭазы аҧсуа бызшәа ауадаҩра иҭагылоуп ҳәа азҵаара ықәҳаргылозар, уи аҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҟаҵатәу  амҩақәа рыҧшаара ҳашьҭазар, ихымҧадатәызар ҟалап ахәыҷқәа абызшәа агәыбылра дыркра алзыршо, асеиҧш аусумҭақәа раҧҵара адгылареи ацхыраареи рыҭара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me