Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, амҵәышәымпыл азы аспорт азҟаза, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Џьансыхә Гәбаз.1963 -1977 шықәсқәа рзы иара Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аилак напхгара аиҭон. Арҭ аамҭақәа рзы аԥснытәи аспортсменцәа Асовет Еидгыла еизгоу акомандақәа изныкымкәа ирылахәхеит, Аолимпиатә хәмаррақәа, Европа, СССР ирчемпионхеит. Аҟәатәи "Динамо" аспортсменцәа СССР ачемпионат иалахәхеит. Иара ихаан ауп Ешыра Аидгылазегьтәи аспорттә еилакы аолимпиатә…
Ааигәа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟнытә илахьеиқәҵагоу ажәабжь ааҩит – 78 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳџьынџьуаҩ Феридун Аҟәсба. Аԥсуа диаспорақәа рҟны еиԥш, Аԥсны уи дыздыруаз зегьы даара гәалсра дула ирыдыркылеит.
Адунеи иқәынхо абазақәа зегьы Аҧсны иатәылауааны иҧхьаӡоуп. Бызшәала аҧсуааи дареи акырӡа еиҧшуп, ацәажәараҿы еилибакаартә иҟоуп. Абаза бызшәа ҩ- диалеқтк рыла ишьақәгылоуп: тапанта, ашьхаруа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me