Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикқәа рыдкылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсреи рҿагылара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара инамаданы, Аҟәа имҩаԥгахеит ареспубликатә акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит». Акциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭан рашәарамза 26 рзы, аха аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны, уи егьи амш ахь ииагахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Гал ахаҿра еиҕьхоит

30 Рашәара 2023 11:23
Гал ақалақь апарк хада аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Абар уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп ари апарк аҟны акапиталтә ремонт ҟарымҵеижьҭеи. Хымҧада, апарк напы адкыланы ирыман, идыргылон атәарҭа ҿыцқәа, иблыз алашарақәа рыҧсахуан, аха уи азхомызт. Иахьазы апарк шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зегьы раҧхьа иргыланы иҧсахын аӡцарҭақәа. Уи Асовет Еидгыла ахаан иҟарҵаз акәын.
Абасеиԥш рзуҳәар алшоит Аԥсны аибашьра ианалагылаз (1992-1993 шш.) иҩыз асалам шәҟәқәа. Урҭ аԥырҵон, аибашьра иалагылаз ҳфырхацәа рхәыҷқәа, рҩызцәа, рҭаацәа, мрагылареи, мраҭашәареи ҳажәлар еиҟәыгаз, изеиҭанамиааиуаз асалам шәҟәқәа цҳас ирыбжьан, гә́ырӷәӷәагас ирыман. Абарҭ асалам шәҟәқәа рышьҭра дхыланы, ҿыц аԥсы ахалҵеит еицырдыруа ажурналсит, аибашьра зегьы зкамера кны ҳфырхацәа ирыцалсыз, ааԥсара ззымдыруа Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me