Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәыҕра ҧсуам аҵыхәтәанынӡа

Август 30 рзы иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш. Иахьа адунеи зегь аҿы хабарда ибжьаӡыз мамзар ҳаамҭазгьы еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ибжьаӡуа рхыҧхьаӡара нагӡаны еилкаам. Ҵабыргны уи хьаа дууп, харҭәаашьа змам ацәыӡ зауз аҭынхацәеи ақәлацәеи рзы.

Аибашьрақәа рҟны ма даҽа мзызк иахҟьаны ибжьаӡыз ауаа рлахьынҵа аилкаареи, урҭ аҭаацәа гәеиқәҳәалагатә цхыраарак рыҭареи знапы алаку агуманитартә еиҿкаарақәа рахьтә еиҳа анырра змоу ҳәа иҧхьаӡоуп – Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи ахеилак.

31 шықәса раҧхьа ақырҭуа ир Аҧсны ианақәла, ҳажәлар агәаҟра ду рзаазгаз, 413 мшы ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра аан, 200-ҩык инареиҳаны ҳтәыла ауааҧсыра хабарда ибжьаӡит, Аҧсны атәылахьчара аминистрра адырраҭарақәа рыла.

«Аҵыхәтәантәи асолдат иҧсыбаҩ анышә иамадахаанӡа аибашьра нагӡаны ихыркәшам» рҳәоит ажәаҟны. Ҳтәыла анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит хабарда ибжьаӡыз дарбанызаалак рыҧшаареи, рхаҭара ашьақәыргылареи рзы. 1994 ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны еиҿкаан аҳәынҭқарратә комиссиа ҷыда. Уи нап анаркит хабарда ибжьаӡыз ирызку иаку абаза аиқәыршәара, ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхра, асудмедекспертиза архивтә материалқәа рыҭҵаара, ақырҭуа ган ахаҭарнакцәеи дареи аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара уҳәа хра злоу аусмҩаҧгатәқәа жәпакы рынагӡара. 1998 ш. инаркны ари аус адгылара анаҭеит Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи ахеилак Аҧснытәи аҟәша.

«Аибашьраҿы иҭырҟьоу ахызаҵә ан лгәы ауп иззынархоу» – иҩуеит еицырдыруа апоет Ҟаисын Кулиев. Ҳџьынџьхеиқәрхаратә еибашьра аҭоурых аҿы зегь раасҭа ишьаарҵәырахаз марттәи ажәылара ашьҭахь, ҳаибашьцәа рахьтә зхыҧхьаӡара маҷҩымкәа зхабар рзымдыруаз руаӡәк иан Шьушьана Хьециа-Сар-оглы: «Ҳҵеицәа жәылара ицаз рблызаргьы ҳ-Аҧсынра ирыблит, иржызаргьы, ҳадгьыл аҟны иржит. Шәырҟәац ҳаҧсцәа! Урҭ ахьыҟоугьы ҳадгьыл ауп: Мышкызны рыбаҩ ҳаур, ишрыхәҭоу анышә иаҳҭап… Аиааира ада хәарҭа ҳамаӡам! Шәеиха ҧхьаҟа!» ҳәа! Данко игәы ҭыганы ижәлар алашара шыдирбоз еиҧш, лыбжьы гәыҭшьаагала ҳажәлар рымч ҩбатәуа, ҧхьацара – ахаҵарахь ирыҧхьеит. Уи алшара мариам, здоуҳа ҕәҕәаӡоу Аҧсуа Ан лакәымзар… Урҭ ражәа акырӡа аҵанакуан усҟангьы, иаҵанакуеит иахьагьы, анаҩс ҧхьаҟазгьы.

Ааи, ҳажәлар ражәа баша иалам зыхшыҩҵак ҵаулаӡоу «Зҧа дымҧсыц уҧа диумырҵәуан» ҳәа аҳәахьа.

Акыр шықәса зҧа ихабар ззымдыруаз дыруаӡәкуп «Асоциалтә иашареи аҭынчреи рзы Аҧсны анацәа рхеилак» ахантәаҩы Гули Кьычба. Уи лҩызцәеи лареи зеилкаара мариам рхьаа иахылҵит «Агәыҕра ҧсӡом» ҳәа хьӡыс изауз, 2007 ш. рзы иҭыҵыз хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара аус зырцыхцыхыз лышәҟәы.

2013 шықәса иуль мза инаркны Аҟәа, Ахьӡ-аҧша абаҳчаҟны зыҧсыбаҩқәа амадоу, зхаҭара шьақәргылам ауаа реилкааразы, аусурақәа нап дыркын Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи ахеилаки хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара азҵа­арақәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиеи, Аҧсны анацәа рхеилаки русеицурала, аҳәаанырцәтәи аҟазацәа адыҧхьаланы. Уи иабзоураны, иахьа уажәраанӡа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп 40-ҩык инареиҳаны.

Зыхабар ыҟам дыруаӡәкуп, зықьҩыла ҳаҧсадгьыл ахьчара иазгылаз аҵеицәа злааӡаз адоуҳа иауасхыру, аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы даҽаӡәы иламҩашьо зхатәы хәыцшьа змаз иклассикатәу аҧсуа поетцәа ируаӡәкыз Таиф Аџьба. Уи днарыцлеит XX ашәышықәса 30-тәи ашықәс хьанҭақәа раан ҳмилаҭтә литература залымдарыла иаҧдырхахьаз С.Ҷанба, Л.Лабахәуа, Вл.Агрба, Вл.Маан… уҳәа реиҧш иҟаз ҳажәлар рҵеицәа хьӡырҳәагақәа.

Иахьа ҳхьыҧшымра азхаҵареи ҳиааиреи ихыркәшоу рышықәсхыҵрақәа аназгәаҳҭо, урҭ раагаразы зхы-зыҧсы иамеигӡаз зқьҩыла ҳҵеицәа рыгәҭыхажәак аҳасабала, аиҵыбӡа инаиркны абырг иҟынӡа зегьы иҳақәнагоуп аҵакы инарҵауланы азхәыцра, Та­иф Аџьба иажәеинраала анаҩстәи ацыҧҵәаха:

Сшәыҳәоит,

Ишәмырӡын сыҧсҭазаара

    Зқәысҵаз,

Сгәыҕрақәа ҭамхеит,

Иахьыҟоу шәа шәҿоуп.

    Сшәыҳәоит,

Акымзарак шәмырӡын

    Ишәысҭаз,

Убри сара сзыҳәа,

Иреиҕьу баҟоуп.

Ишдыру еиҧш, Таиф Аџьба иуаҭах ддәылган дыргеит октиабр 9, 1992 ш. рзы, уинахыс илахьынҵахаз еилкаам… Аҟәа далахан дахьынӡаҟаз иҩуан амшынҵа «Бзиала иаҳзырша!..» ҳәа хьӡыс изиҭаз. Аҧхьаҩцәа шәхаҵкы, ишәыдаагалоит уи амшынҵаҟнытә, ҩажәи жәеиза шықәса раҧхьа ҳазну амчыбжьазтәи ҭагылазаашьақәак аазырҧшуа нҵамҭақәак:

Август 30

Аиҿахысрақәа шцац ицоит Гәымсҭа ахықәан. Абзарбзанқәа алаҳауеит Ешыра. Аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит ареспубликатә хәышәтәырҭеи ауниверсами рааигәара. Агвардиауаа зҭатәаз автобус иеихсит шьоукы. Б.Гәыргәлиа иҧа дышҭахаз, дшыршьыз еилаҳкааит.

Гәдоуҭаа рхабарк ҳмаҳаижьҭеи 3-4 мшы ҵуеит. Уахь иҟоу аинформациа иаша ахьҳамам даара иаҳцәыхьанҭоуп. Иҧсыз-инхаз дҳаздыруам. Аҟәа, иржхьоу, еилкаам ыҟоуп. Рпатреҭқәа ҭыхны ижуп, мышкызны еилкаахап.

Хыс иаҳхагылоу, интеллектс иҳамоу зегьы Гәдоуҭа еизакыуп. Макьаназы политикала ҳара аиааира ҳамоушәа збоит. Гагра знапаҿы иҟоу дҳаздыруам. Иааиндаз амза хҧа – убра иҳахәарҭоу шҧармыӡбари ҳәа сыҟоуп. Анаҩсгьы ара кашырраны лассаамҭа изыҟалашам, аха усгьы бзиарак ахь аусқәа рхы шҧадмрхари?

«Итоги» иалагеит. Уаанӡаҟара ҳара иҳадгыланы имцәажәеит аполитикцәа. Уеизгьы ицәгьаз егьрымҳәеит.

Август 31

Иаха шаанӡа Гәымсҭа нырцә-аарцә аиҿахысрақәа ирҿын. Ашьыжь исаҳаит уа ҳара ҳтәқәа аӡәгьы дшьым ҳәа. Гагра 7-ҩык аҧсуаа шьуп рҳәеит, ақырҭқәа арахь маҷкгьы иааскьеит, рҳәеит.

Рима дааит ақалақь ахьынтә. Борис иарҳәеит Абзагә иҭахара атәы. Ақалақь аҟны аԥсуааи рыбжьара Арӡынба иахь агәынамӡарақәа цәырҵуа иалагеит. Уи уамашәа ибатәым – уаанӡагьы алакҩакрақәа ыҟан. Сара стәала ҳаиҳабыра уаҳа ҧсыхәа рымамызт 25 ш. азтәи аконституциа рыдрымкылар. Уи рыдыркыларгьы, зегьакоуп, Аҧсны иалалон – усҟан иаҳагьы еицәахон ҳҭагылазаашьа – уажәы ма ҳсуверенитет ҳамырхуеит ҳәа ҳаҳәҳәабжь адунеи иаҳаит, ҳхәыҵагәаны ҳрызшьуам. Ашьхаруаа рконфедерациа иабзоуроу рацәоуп – аурыс даланамгалар амуа иҟазҵаз дара роуп. Урыстәыла акәхоит ахадаратә роль аанызкыло ҳазҵаара ҭынч­рала аӡбараҿ. Иналаршә-ааларшәны аиҿахысбжьқәа гоит.

Шьыбжьышьҭахь инаркны Ешыра аладагьы аҩадагьы иалахысуа иалагеит. 3-4 ҩны амца ркын. Алада иласкьагаӡангьы икаҳауан аснариадқәа. 4 танкк нырцәҟа ирт ҳәа саҳаит. Афронт ҧыржәазар ҳәа сшәоит. Аабатәи аетаж аҟны ҳашгылаз ҳгәылаҧҳәыс Дали ахымҩас лықәшәеит. Дганы абольницаҿ ахы лылхны дааргеит. Лыхәра шәарҭам. Акгьы иалаҳәаӡамкәа ауаҩы дҭахар ауеит. Даара сгәы каҳаны сыҟоуп. Мчы ахьҳамам сгәы ҧнажәоит. Еиҭахгьы хшыҩла аус утәуп. Иамуӡакәа иҧжәаны иҭалар ҳажәлар рҿаргыланы инҳарҵәома? Иихәыцрызеи Арӡынба? Даара сиқәгәыҕуеит макьана – агәаҕьра имоуп, адыррагьы имоуп, аха аполитика каҳҧроуп, уи аиуа илоу сыздыруам. Аиашара мацара иалшо маҷуп – амч, абџьар анацым. Ҳадгылаҩцәа рымч рзаарҧшуам, иаҳбарҭам, иҳаҳарҭам. Анцәа уаҳхылаҧш, ҳиашара гәаҭ!


А. Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me