Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иалагоит аҵарашықәс ҿыц

Абар мышқәак роуп инхаз, иалагоит аҵарашықәс ҿыц. Раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп раҧхьатәи аҵәҵәабжьы. Сынтәатәи ашықәс азы 2452-ҩык ахәыҷқәа ршьаҿа еихыргоит адыррақәа рдунеи ашҟа. Аҧснытәи ашколқәа зегьы азхиоуп аҵаҩцәа рыдкылара.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҧсны анапхгара рыбзоурала, иара убасгьы аҵарадырра Аминистрра имҩаҧнаго аусурақәа рылҵшәақәа рыла Аҧсныҟа иааган арҵага шәҟәқәа. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраарала ҳазҭоу амчыбжь иалагӡаны Аҧсныҟа иааргараны иҟоуп 8-9-тәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы арҵага шәҟәқәа.

Аҵара Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы Курт-оҕлы Радам излаҳаиҳәаз ала, Урыстәылантәи ироураны иҟоу арҵага шәҟәқәа, ишаароулак иаразнак ашколқәа зегьы ишаны ирырҭоит. Иара убасгьы, уи иажәақәа рыла, Аҧсны иҭыҵуа арҵага шәҟәқәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аурыс литература 10-тәи акласс. Уи раҧхьаӡа акәны иҭыҵуеит. Егьырҭ аҧсуа школқәа рзы, анбан инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа арҵагатә шәҟәқәа ирзыҧшуп.

Иҟоуп ацәажәарақәа Урыстәылантәи иаарго арҵага шәҟәқәа ҳарҭ ҳапрограмма иақәшәом ҳәа. Убри азы Радам иазгәеиҭеит англыз бызшәазы уи аҩыза апроблема шыҟалаз. Уи зыхҟьо Урыстәыла ахәыҷқәа англыз бызшәа аҵара иалагоит актәи акласс инаркны, ҳарҭ ахәбатәи акласс аҟны. Убри аҟынтә хымҧада апрограмма иақәшәомызт. Егьырҭ арҵага шәҟәқәа ракәзар, аҵара аминистр акырынтә иқәгыларақәа рҟны иҳәахьеит апрограмма ҿыц ала аҵара иазнеитәуп ҳәа», – азгәеиҭеит Радам Курт-оглы.

Аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы Аҧсны аҵара Аминистрра имҩаҧнаго апрограмма инақәыршәаны, зҭаацәаратә ҭагылазаашьа уадаҩу, иара убасгьы ахәыҷы рацәа змоу рзы 600-ҩык ахәыҷқәа инареиҳаны ашкол маҭәала еиқәдыршәоит.

Ашкол хәыҷқәа зегьы еиҧшны еилаҳәазар ауп, мамзаргьы дәқьанк аҟны ашколтә форма аархәар ауп ҳәа ицо ацәажәарақәа ртәы дазааҭгыло, Радам иазгәеиҭеит уи аҩыза адҵа шыҟам. «Иҟоуп ишьақәгылахьоу аҧҟара, ашколтә маҭәазы. Хыхь ахәыҷы ишәызар ауп ашкәакәа, ҵаҟа аиаҵәа. Уи амаҭәа аҭаацәа иахьаархәо дара ирусуп, ҳара урҭ адҵа рыҭара азин ҳамам», – иҳәоит Радам.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me