Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зхьышьҭра иахӡыӡаауаз

1990 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ даланы раҧхьаӡа акәны Аҟәа иаҭааз гәыҧҩык ҳџьынџьуаа дрылан Ҭырқәтәылан, Есқьишьеҳир иаҵанакуа Мусаҩзу ақыҭа еиуаз Ерсын Чқәа.

Иареи сареи ҳаибадырит усҟан Алада-Ешыра аус зуаз аспортбаза «Ешыра» асасааирҭаҿы. Асасцәа аабарц гәыҧ­ҩык ҳҽеибаркны ҳаннеи, асасааирҭа ҳахьыныҩналаз иҳақәшәеит ҳџьынџьуаа иреиуаз ҩыџьа-хҩык. Аҧсшәа еибыҳәауа ҳаибадырит. Урҭ руаӡәк Ерсын иакәын. «Аҭырқәа идгьыл аҟны, аҧсуаа, абазақәа ҳәа еилых ҳамаӡам, бызшәак алагьы ҳцәажәоит, аӡә ҳауп, ус анакәха, Аҧсны саргьы сыҧсадгьыл ауп», – раҧхьаӡа Ерсин исеиҳәаз ажәақәа иара изы шаҟа рҵакы дууз акыр ихьшәаны ауп ианеилыскаа, егьсхашҭуам. Уи иажәақәа зегьрыла ишьақәирҕәҕәеит.

Ерсин раҧхьаӡа Аҧсны данааз нахыс даараӡа игәаҧхеит. Ҳанеибадыр иӡбахьан, хамҧада, нхара Аҧсныҟа аара шиҭахыз. Убри аахыс акыр шықәса шҵхьоугьы, Аҧсны аҭоурых мҩа аҟны акыр аҧышәара хьанҭақәа ишырхысхьоугьы, Ерсини сареи еснагь гәыблыла аҧсшәа еибаҳҳәон, аиҩызара ҳабжьан. Мшаҽнеиҧш, ихы-иҿы аччаҧшь ықәубаауан, иблақәа разын, игәы аартын, иҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны дынхон-дынҵуан, ихатә ҭаацәара бзиа аҧҵаны иман.

Ерсин нхара Аҧсныҟа аара игәы ишҭаз аибашьра ҵысит. Икырурҭаҿы дшыҟаз ауп ишиаҳазгьы. Гәыҧҩык аиҩызцәа рҽааибыҭан Адаҧазарҟа ицеит. Уа ҳџьынџьуаа реизара рҽаладырхәит. Иӡбан аҧсуаа-абазақәа ахьынхо ақалақьқәа рҟны ахеилакқәа еиҿкаазарц. Ауыха Ерсин иҩызцәеи иареи Есқьишьеҳирҟа ихынҳәит. Иаарласны Анкара имҩаҧысыз амитинггьы рҽаладырхәит.

Есқьишьеҳиртәи акультуратә хеидкылаҿы акәзар, иаҧҵахеит Аҧсны агәыҳалалратә цхыраара аҭаразы ахеилак, анапхгаҩысгьы Ерсин иӡбахә рҳәеит. 20-25 мшы рҟынӡа уи аус дазааҧсеит. Аха, ҽнак, Ерсин иҩызцәа иреиҳәеит Аҧсныҟа, Аҧсадгьыл ахьчараз амҩа дықәларц шиӡбыз, егьрабжьеигеит рус иацырҵарц.

Хара имгакәа Ерсин аҩны дааит, иан – Жәан-ҧҳа Лиуҭфие илеиҳәеит игәы иҭеикыз. «Уҟәышыз, нан, Аҧсадгьыл ахьчара ус дууп, узҵалаз аидара хьанҭоуп, хьымӡҕ умгааит, машәыр уқәым­зааит», – абарҭ лажәақәа наишьҭалҳәеит амҩа данықәлоз. Аҭаацәараҿы иҟаз абзиараз ҳәа нараҳәаны дындәылҵит. Дышиашаз Сҭампылҟа дцеит. Иаарласны ҳаирпланла Адлер дааит. Шәача иҟаз аҧсуаа рыштаб аҟны днеит. Мчыбжьык дыҧшын ҕбала Гәдоуҭаҟа ацаразы (усҟан Гагра ақәылаҩцәа рнапаҿы иҟан). Ари аамҭа ақәшәеит ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа Гагра ахақәиҭтәразы ржәылара. Гагра ахы ишақәиҭыртәыз еиҧшҵәҟьа Ерсин ҕбала Гәдоуҭаҟа иаауаз дрыцааит. Дук мырҵыкәагьы Шамиль игәыҧ далалеит. Аамҭала Гәдоуҭа иҟан, нас Гаграҟа ииасит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргон.

Ерсин далахәын Гәыматәи (Шро­ма) ажәылара, ари иара изы раҧхьатәи акәын. Еиҿагылаз рымчқәа еиҟарамызт, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ацәыӡқәа роуит, Ерсин иакәзар, ишьапы хәын. Ахәышәтәырҭаҿ дышьҭанаҵы игәыҧ Мрагыларатәи афронт ахь ицахьан. Иара ахәышәтәырҭа данҭыҵ Гәымсҭатәи афронт аҟны иуалҧшьа наигӡон.

Ерсин аҵыхәтәан Гагратәи абаталион далан. Уи аилазаараҿы иҟан 80-ҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа. Аҟәа ахақәиҭтәразы зымҽхак ҭбааз ажәылараан аҳҭнықалақь иахагылоу ахәқәа анапаҿы раагаразы ицоз аибашьра далахәын. Раҧхьаӡа ахәра ахьиоухьаз Шрома ақыҭа ахы иақәиҭтәны ахәы ианылбаауаз ҩаҧхьа дырхәуеит, уажәазы иарма шьапы.

Ерсин абџьар дшаҵагылаз Егрынӡа дзымнаӡазаргьы, Аиааира ахәшәтәырҭаҿ даҧылазаргьы, ахы иақәиҭхеит Аҧсны. Аибашьраан злагала маҷмыз Ерсин, ҳжәлар зегь реиҧш, ҳџьынџьуаҩ игәырҕьара ҳәаа амамызт. Уи дахьыҟазаалакгьы ирылукаауаз дреиуан, ихы деигӡомызт.

Аиааира ашьҭахь Ерсин Аҧсны даангылеит, уаанӡа гәҭакыс имаз наигӡар акәын. Аха ихәра аҽарцәгьеит. Аҧхьа Черкесск ахәы­шәтәырҭаҿ дышьҭан, аха рацәак ианимыхәа, Ҭырқәтәылаҟа дцеит. Ихәаш-хәаша ицахьаз абаҩқәа ҭыхны, ирыцқьаны, аҳақьымцәа ишьапы еиқәдырхеит.

1994ш. Ерсин ҩаҧхьа Аҧсныҟа дхынҳәит. Бзыҧҭа зынхарҭа ылызхьаз Беқьир Чқәа диҭааит. Абра еибабеит, уаанӡагьы зыӡбахә иаҳахьаз Бзыҧҭа еиуоу аҧҳәызба Емма Бган-ҧҳаи иареи. Рацәак бжьымскәа рыҧсҭазаарагьы еиларҵеит.

Ерсини Еммеи Гәылрыҧшь рынхарҭа ҭыҧ ылырхит, аҭаацәара ҧшӡагьы аҧырҵеит. Ҩыџьа ахацәарҧар рыхшеит. Аиҳабы Нарҭ Сҭампыл аргылара иамадоу архитектор изанааҭ ала азыҟаҵара бзиа иоуит. Аиҵбы Ешсоу иакәзар, Адаҧазар иреиҳау аҵараиурҭаҿы анџьныр изанааҭ алихит. Ерсин ихшара дррызгәдуун.

Ерсин Чқәа Аҧсадгьыл ахьчараан илшамҭақәа рзы ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Агәымшәаразы» амедал.

Ҳџьынџьуаҩ Аҧсны иҵегьы абзиарақәа дырхаанзар иҭахын. Аханатә еиҧш, аибашьраан иоуз ихәрақәа изынрыжьыз ахьаа даргәамҵуан, дыриааиуа дшааиуазгьы, гәабзиарала дыҕәҕәамызт. Ерсин здунеихәаҧшра ҭбааз, иҵаулаз дреиуан. Зегьы иреиҳаны дахәаҧшуан ихьыҧшым Аҧсуа Ҳәынҭқарра аҟны дахьынхоз, ихәышҭаара аҧхара ахьагмыз, ихшара иаҧ­са­ны иахьрызҳауаз. Инагӡаны иҷкәынцәа рыбзиарақәа рхаанхара дазгәышьуан. Аха, иразҟы ишалаз еиҧш, ихьуаз ачымазара иахҟьаны ааигәа иҧсҭазаара далҵит. Ҳазшаз имчала, аҭаацәа ҧшӡа иҭынхеит, иҟоуп иабиҧара иацызҵо аҵеицәа.

Хашҭра иқәым Аҧсадгьыл ахьчаҩ, аибашьра аветеран, зџьабаа рацәаз. Аҳаҭыр дугьы зҽаҧсазтәхьаз Аҧсны апатриот Ерсин Чқәа.


В. Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me