Ииуль мза жәба инаркны излагаз ақәаура иахҟьаны Очамчыра араион аҟны ирацәоуп зҳәаақәа ирҭыҵыз аӡиасқәеи акәарақәеи, акырџьара аӡы иҵнаӡәӡәааит ацҳақәа, иарбгеит ақыҭамҩақәа.
Аԥсныпресс. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит. Арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥыслоит ааха зауз ахьынхо аҭыԥқәа ирыҵанакуа араионтә, ақыҭатә, аҳаблатә хадарақәа рҿы, ҳәа иаанацҳауеит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.
Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәаршаҩы иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз ақыҭақәа Алаҳаӡы, Лӡаа, Аԥсыӡзауад араион, Бзыԥҭа аҳаблаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me