Иахьа аԥсуаа милаҭтә идеологиа хадас ирзықәгылоуп аԥсуа бызшәа аиқәырхара. Бызшәада амилаҭ ахаҿра ацәыӡуеит, уи зтәу амилаҭгьы егьырҭ амилаҭқәа ирылаӡуеит. Уи аҩыза ахҭыс аҭоурых иадыруеит. Кавказ иқәынхоз аубых жәлар иахьа рышьҭамҭа ыӡит. Аамҭа аилашыра иалаӡит, рбызшәа иԥсу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Даара илахьеиқәҵагоуп, урҭ рхылҵышьҭра атәы рдыруазаргьы, уаҳа акгьы ахьрызнымхаз. Аубыхцәа аԥсреи абзареи ирыбжьагылан, аха аԥсуа жәлар иахьа рхы иақәиҭуп. Мчыла атәым бызшәа аҵара аӡәгьы ирыдиҵом. Убри аҟнытә ҳбызшәа ҳахьчароуп, иарала ҳагәҭакқәеи ҳагәҭыхақәеи еибаҳҳәалароуп.
Сара аҵара ахьысҵо Ԥшьаԥтәи абжьаратә школ аҟны ауп. Ҳашкол аҟны аҵара рҵоит 57–ҩык аҵаҩцәа. Аԥсшәа ԥсыҽны издыруа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп, аиҵбыратә классқәа рҟны иаҳа иԥсыҽуп. Иҟоуп ахәыҷқәа аԥсшәа здыруа, аха аӷьараҳәа имцәажәо. Актәи акласс аҟны итәоуп жәаҩык ахәыҷқәа, зегьы ибзианы аԥсышәала ицәажәоит. Сара ажәеизатәи акласс аҿы стәоуп, ҳмаҷуп, ԥшьҩык ҳауп иҟоу. Ҳазегьы даара ибзианы иаҳдыруеит аԥсшәа. Сҩызцәа руаӡәк иан дшәамахьуп, аха аԥсшәа бзианы идыруеит, избанзар даныхәыҷыз инаркны иаб аԥсышәала акәын дышиацәажәоз.
Сара сҭаацәараҿы фҩык ҳаҟоуп. Ҳшыхәыҷыз ҳҭаацәа аԥсышәала акәын ишҳацәажәоз. Сгәы иаанагоит ахәыҷы –аԥсуа ҭаацәараҿы ииуа, иани иаби аԥсышәала иацәажәалароуп ҳәа.
Абызшәа аҭагылазаашьа аилкааразы сара слыҿцәажәеит сышкол анапхгаҩы Қәҭелиа Раиса Капитон-иԥҳа, лара иазгәалҭеит абас: «Ԥшьаԥтәи абжьаратә школ аҿы абызшәа аҭагылазаашьа цәгьаӡам. Зынӡа ихазыноуп ҳәа сызҳәом, аха уеизгьы аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа зегьы даара ибзианы ирдыруеит рхатәы бызшәа. Маҷӡак угәы еихьызшьуа иҟоу актәи акласс инаркны аԥшьбатәи аҟынӡа аҵара зҵо, рыбжьара иҟоуп ибзианы изҳәо аԥсшәа, аха иҟоуп абызшәа даара иуадаҩны изцааиуагьы. Ҳара ҳашкол, аԥсуа школуп, убри аҩыза аҭагылазаашьа ҟазҵо иахьатәи ҳаамҭоуп уҳәар алшоит?!
Шьарида Ԥсардиаԥҳа,
Ԥшьаԥтәи абжьаратә школ
11-тәи акласс аҵаҩы


