Есымша дҳацуп

04 Хәажәкыр 2024 12:16
Имариам Владислав Григори-иԥа изкны ажәа аҳәара. Март ԥшьба. Шәышықәса инарзынаԥшуа ныҳәаны аԥсуа жәлар иазгәаҳҭоз, иахьагьы ҳахдырраҿы иҟоу, анаҩсгьы наунагӡа иаҳхамышҭырц азы, Анцәа Владислав акала дшаны дшаҳзаашьҭыз еиԥш, инырцәымҩа ақәларагьы иамшны иаҳзыҟаиҵеит. Акгьы баша иҟалаӡом. Жәытә-натә аахыс аамҭа ишьақәнаргылон иара ахатәҿиарамҩа. Уи аҿиарамҩа иангылоу ажәларқәа, рабиԥаратә еимадаратә цҳақәа аамҭа иқәнамыӡәӡәаарц азы, иара ахала далнахуан, ҷыдала анапынҵа зауаз, аԥызареи ахақәҵареи злахьынҵахаз аҵеицәа.…
«Ашәа ԥсаатәуп, амҵәыжәҩақәа амоуп, иԥыруеит. Ҳбызшәеи ҳашәеи адунеи иахыҩуеит. Ашәа аԥсы ахазҵо, амҵәыжәҩақәа азҭо, изырԥыруа ашәаҳәаҩ бзиа иоуп. Аԥсуа цәа ахаҵаны, ԥсыуа бжьыла иназыгӡо…» –лҳәоит жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа.Аҟазара аҳаԥшьа ҵаулоуп, ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иалан. Ауаҩы ицәа-ижьы аҟазара аламзар, мчыла иузилаҵом, дузадгалом. Аҟазара ԥсабарала иуциуа, уԥсы ахьынӡаҭоу уи ала уԥсыԥ лазга-ҩазго махәҭа дууп.Жәытәнатә аахижьҭеи ашәаҳәареи акәашареи…
Аҵыхәантәи ашықәсқәа рзы даара агәцаракра рымоуп аекологиа иазку азҵаарақәа. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿеиҧш, Аҧсныгьы ари азҵаара аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы иактуалтәқәоу иреиуоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me