Аекологцәа рхала аҧсабара рзыхьчаӡом

Аҵыхәантәи ашықәсқәа рзы даара агәцаракра рымоуп аекологиа иазку азҵаарақәа. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿеиҧш, Аҧсныгьы ари азҵаара аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы иактуалтәқәоу иреиуоуп.


Аӡәырҩы ирцәеилаҩашьоит аилкаарақәа аҳауеи аклимати. Аҳауа ари атмосфера аҭагылазаашьа ауп. Аклимат – шықәсык аҟынтәи даҽа шықәсык ахь ииасуа, уажәшьҭа ишьақәгылаз аҳауа аҟазшьақәа роуп, ҳәарада дара еидҳәалоуп, еиҿыбаауеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳауеи иара адунеи аҿы имҩаҧысуа аклимат аҽыҧсахрақәеи угәы шьҭырхуеит ҳәа ҳазҳәаӡом. Асакарақәа рҿы шьамхахьы асы ауеит, еснагьтәи аӡынра ахьыҟаз акәзар, асқәа шьҭыҵны, аҵаақәа ӡыҭны, аҧхын мшқәа шьақәгылеит. Ари азҵааразы аҵарауаа ргәаанагарақәа еиуеиҧшӡам, уи зыхҟьо ҳәа ирҳәо еиқәымшәозаргьы, апроцессқәа зегьы шеихьҧшу еилкаауп.
Аглобалтә ҧхарра шыҟоу еиҧш, иҟоуп аглобалтә хьшәашәарагьы. Ациклқәа инарықәыршәаны адгьыл шәышықәсак азы ишуеит, анаҩстәи азы еиҳа ихьшәашәоит. Ҳазну аамҭазы амра иаҿырҧшны ҳапланета иааннакыло аҭыҧ ҳасаб азууазар, адгьыл еиҳа ихьшәашәазар ахәҭан рҳәоит аҵарауаа. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аекологиа аинститут аиҳабы, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет актәи апророектор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Роман Дбар иажәақәа рыла, адунеи аҿы имҩаҧысуа аҽыҧсахрақәа аҳәынҭқаррақәа зегьы аҵанакуеит. Избан акәзар, аҳауатә еилазаара ахсаала еиҧшуп. Ажәҩани, адгьыли, аӡхыҵреи, аҧшеи, ақәеи, ахьшәашәареи, аҧхарреи иааџьаушьартә еиҧш еиҟәыҭхашьа рымамкәан еидҳәалоуп зегьы. Аҧсны аҳауа иамоу аиҭакрақәа ҳҵарауаа ашәҟәы иҭаргалоит. Иҟоу астатистикатә рбагақәа реиҿырҧшрала еилкаахеит аҵыхәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-градуск рҟынӡа аҳауаҧхарра шеиҳахаз. Иҳаҩсыз хышықәса инеиқәырццакны амшцәгьа бааҧсқәа ҟалалон, аӡиасқәа хыҵуан, амшынцәқәырҧақәа аҧхасҭа ҕәҕәа ҟарҵон, аҧшасра акәзар ауаа аҧырхага рнаҭон. Иааидкыланы уахәаҧшуазар, ҧхьаҟа аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахар, аҧсабаратә цәырҵрақәа иҵегь рыҽдырҕәҕәар ауеит ҳәа агәаанагарақәа ыҟоуп.
Роман Дбар иҳәеит уаанӡа Аҧсны шықәсык аҩныҵҟа илеиуаз ақәа зқьы милллиметра еиҳамызҭгьы, аҵыхәантәи ашықәсқәа рзы х-нызықь миллиметра аҟынӡа ишышьҭыҵыз. Даҽакала иуҳәозар, хышықәса рыҩныҵҟа иаураны иҟаз шықәсык иалагӡаны иауеит. Хьыхь зыӡбахә ҳәаз зегьы – аӡхыҵрақәа, аҧшасрақәа, ахьшәашәарақәа зыхҟьогьы аҳауа аиҭеиҭашәарақәа роуп.

Аекологиа аинститут аиҳабы ихымҧадатәны иҧхьаӡоит астратегиа алхреи аҭагылазаашьа иацхраауа амҩақәа рызхәыцреи. Убри аан иара иазгәеиҭоит, аҧсабара иаиааихьоу дшыҟам. Ҿырҧштәык аҳасаб ала Роман Дбар иааигеит Аҟәа иагәылсуа «Сухумка» ҳәа изышьҭоу азиас маҷ «Ҳақыҧсы». Асовет аамҭақәа раан , иара аӡышьҭра ақаҭран ҭырҭәааны ианыҟарҵоз аҳауатә ҭагылазаашьа даҽакын, усҟан иаҭахӡамызт аӡиас хыхь аҭӡамц дуқәа ахаргылара. Аха зҽызыҧсахыз аҳауатә ҭагылазаашьа уахәаҧшны иуҳәар ауеит, иахьа уи азҵаара ҵарны иқәгылоуп ҳәа. Избан акәзар, абжьааҧны «лак иажәша» аӡы зҭам Ҳақыҧсы, амшцәгьақәа раан аҳәаақәа ирҭыҵны ақалақь шьамханынӡа аӡы инӡаанаргылоит . Аҽыҧсахрақәа рнаалара атәы ҳаналацәажәо абас еиҧш иҟоу ахырхаҭақәа ҳасаб рзутәуп. Ҳаамҭазы ицәырҵыз азҵаарақәа зегьы аекологиа аинститут амацара иалшаӡом рыӡбара, ари аус аҿы аидгылара аҭахуп, хазы игоу стратегианы иҟаҵатәуп иҿыцу адыррақәа змоу аспециалистцәа рааӡара, урҭ аусура радыҧхьалара. Роман Дбар иҳәоит аҧсабара иадҳәалоу азҵаарақәа рыгәраганы знапы иануҵаша аҿар маҷымкәан ишҳамоу, урҭ реиҳараҩык усурҭа ҭыҧла еиқәыршәоуп, ирацәаҩуп аекологиа аинститут аҿы аус зуагьы.
Аибашьра ҟалаанӡа Аҧсны аус руан аглиациологцәа, Асовет аамҭазы иаартыз аглициалогиақәа мҽхакыҭбаала асыҧсақәа рыҭҵаара иаҿын. Иара убасгьы асеисмологцәа рлабораториақәа аус руан, адгьылҵысрақәа ирыдҳәалоу ахырхарҭақәа зегьы рыҭҵараақәа мҩаҧыргон. Иахьа арҭ аусбарҭақәа ҳамаӡам. Абраҟа иазгәаҭатәуп Аҧсны асыҧсақәа ркыдҵразы ишәарҭоу ҳәа ахсаала ишану зқьы инареиҳаны аҭыҧқәа. Аекологиа азҵаарақәа рҿы игәыгәҭажьу, ибжьшәаны иҟоу аганқәа маҷӡам.

Аҧсны аекологиа аинститут аҧҵан атәыла ахадара рықәҵарала 2012 шықәса рзы, иара аус ауеижьҭеи сынтәа иҵуеит жәаҩа шықәса. Аинститут аусура еихшоуп хырхарҭала. Аҭҵаарақәа мҩаҧыргоит амшын инаркны ашьхақәа рҟынӡа. Ишдыру еиҧш, Аҧсны иахьаҵанакуа Амшын Еиқәа беиоуп ҧсыӡла. Есышықәса, иазыҧҵәоу амзақәа рыҩныҵҟа аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ишьақәдырҕәҕәо акапан ркуеит аҧсыӡ зауадқәа иртәу аҕбақәа. Аҧсыӡкра хацыркын ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс анҵәамҭазы, ҧхынҷкәын мзазы. Аханатә акразы ззин ҟаҵаз ҩажәи быжьба нызықь тонна роуп. Аха сынтәа ҳаҧшаҳәақәа рахь иааит ирацәаӡаны ахамсагәыҧқәа, ззин ыҟаз ҩажәи быжьба нызықь тонна мызкы аҩныҵҟа амшын иӡаархит. Ахамса арацәара ҳасаб азуны аекологцәа азин ҟарҵеит еиҭа ҩажәа нызықь тонна акразы, уи иазыҧҵәаз аҽҳәарагьы еиҭа инахеит. Зынӡа амшын аӡыхгылареи аусуреи рзы азин рыҭан ҩажәи быжьба ҕбеи, атранспортә ҕбақәа ҩажәи жәаҩеи. Араҟа иҳәатәуп иркуа аҧсыӡ зегьы аус шадыруло Аҧсны, уи рнапы алакуп азауадқәа жәба. Сынтәа Аҧсны иаҵанакуа Амшын Еиқәа аҿықә ахь иааз ахамса ақәра аман рҳәоит аекологцәа.
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аеколог еиҳабы, аҧсыӡкра ахылаҧшреи амшынтә ресурсқәа рыхьчареи рзы аинспектор Џьамал Дбар иажәақәа рыла, ари аҧсыӡ хкы хышықәса анахыҵлак хыхь ахалара иаҟәыҵуеит, иҵаатәалоит, даҽакала иаҳҳәозар аҧсра аҽазнархиоит. Аӡынра анааилак ахьшәашәара аныҕәҕәахалакь, аҧсаатә атәыла ҧхаррақәа рахь ишыҧыруа еиҧш, аҧсыӡ рацәа ргәыҧ аӡы еиҳа иахьыҧхоу иашьҭаланы рҭыҧ рыҧсахуеит. Убри аан Џьамал Дбар иҳәоит аҧсыӡ акраан шамахамзар аилагарақәа шыҟам. Ацәажәарақәа рацәоуп ахамса анаҩсгьы хәы змоу ақьоуқьад ҧсыӡхкқәа рахь иаҵанакуагьы ркуеит ҳәа. Уи аиаша иацәыхароу ҳәамҭоуп ҳәа азгәаиҭоит аеколог. Избан акәзар, аҧсыӡкра иалагаанӡа аҧшаҳәа иаадгыло аҕбақәа, аусуразы азин рырҭаанӡа агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит. Игәазҭо аеколгцәа рымацара ракәӡам, урҭ ирыцуп амчратә усбарҭақәеи, амшынтә ҳәаақәа рыхьчаҩцәеи. Насгьы дара аҧсыӡ зларкуа ззин ыҟоу «кошельковый невод» ҳәа изышьҭоу ақаҭа ауп. Акык –ҩбак алашәар ауеит ҳәарада, аха аӡбахә шырҳәо еиҧш, тоннала, шәкыла акьылақәа рыкӡом, уи ахагьы рымаӡам, иагьашьҭаӡам ҳәа азгәеиҭоит Џьамал Дбар. Аеколог иажәақәа рыла, азауадқәа рҿы аҧсыӡ иалырхуа ашылеи ашшеи ахамса мацара ауп излыҵуа, ари азҵаараҿы аамҭа – ҧароуп аҟынтәи даҽа ҧсыӡхкқәак рышьҭалаха рымаӡам.

Убри аан, Џьамал Дбар имӡа­ӡакәан иҳәоит, жә-зауадк мыцхәуп ҳәа ишиҧхьаӡо. Аекологиа иадҳәалоу азҵаарақәа аҿы ианаамҭоу аанкылашьа ҳақәшәароуп. Зауадк хәба-фба ҕба иреиҵамкәан иамазароуп, азауадқәа рхыҧхьаӡареи урҭ ирымоу аҕбақәеи анеицшьҭаҳхлак иҳауа ахыҧхьаӡара маҷӡам. Ақәа ашьҭахьтәи акәыкәбаақәа реиҧш азауадқәа рхыҧхьаӡара азҳара иаҟәымҵыр, уи аекологиа ианымҧшыр алшаӡом иҳәоит аеколог. Зауадк амш аҩныҵҟа хышә тонна инареиҳаны аҧсыӡ ахьаднакыло анаҩсгьы, уи зегьы аус аднаулартәгьы алшарақәа амоуп. Ҳәарада, аҧсыӡ ашша ахьалырхуа, аҧсыӡшыла ахьыҟарҵо аҭыҧ аҿы афҩы ҟамлар ауӡом. Аха, ааигәа инхо ауаа уи ҧырхага рнамҭац, афҩы харанӡа имнаӡарц азы, ҷыдалатәи афильтрқәа хархәара рымазар ауп. Аҳабла Ҿыци, Ажәытә ҳаблеи, Алашарбага аҳаблеи, аҳҭнықалақь агәани, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәеи рҿы зны-зынла уҧынҵа иааҭасуа, ауаа зыргәамҵуа аҧсыӡфҩы бааҧс зыхҟьо афильтрқәа реихәлачра, ианаамҭо рымҧсахра ауп изыхҟьо иҳәоит Џьамал Дбар.
Џьамал Дбар игәаанагарала, аекологиазы аус зуа азакәан еиҭахәаҧштәуп, аилагарақәа рзы уи аҟны иарбоу ахарҧса иацҵатәуп. Аҧсыӡкра иадҳәалоу азҵаарақәагьы ҿыц ирылацәажәатәуп. Хынтә­-ҧшьынтә аилагара ҟазҵаз аҧсыӡкҩы дызлахьдырхәыша мамзаргьы акрахьы инамышьҭра алзыршо амеханизмқәа шьақәыргылатәуп ҳәа иҧхьаӡоит иара.
«Ишдыру еиҧш, Аҧсны беиоуп аӡиасқәа рыла. Шамахамзар урҭ зегьы ашьха ҳаракыраҿы ауп рхы ахьыҵырхуа. Дара ирҭоу амикроцәеижь еиҷаҳатәуп. Харантәи иааз атәымуаа ракәӡам, ашьха ӡиасқәа рҿы зхархәара ҟамло ацхыраагӡақәа рыла акалмаҳеи амлагури зкуа, уи зхы иаҭәазшьо аҭыҧантәи ауааҧсыра роуп.
Лассы-лассы афымца змоу амаругақәа ахьҭыршьуа аӡиасқәа рҿы аҧсыӡ дуқәа ракәым ассақәагьы нхаӡом. Асеиҧш зхы мҩаҧызго ауаа уаҵәтәи амш иазымхәыцуа, зхада аӡәгьы хьаас дызмам роуп. Аекологцәа ирымаӡам алшарақәа аҧсабара ахьчара иазкны ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы хылаҧшра рыҭаразы. Рымч ахьеизхо агәаҭарақәа мҩаҧыргоит, аилагарақәа ахьыҟоу иалыркаауеит, иахьрылшо, изхароу ахараҧса рықәҵаны иахьдырхәуеит. Ҳаҧхьаҟа – еиҵагыло абиҧарақәа ирзынҳажьуа ҳәа ҳхәыцуазар, алацәажәара мацара ҳааҟәыҵны ҳамч зықәхо аҟаҵара ҳалагар ауп. Даҽаӡәы иҿыҧшра аҭахӡам, доусы ҳхы иадаҳҵап аҭакҧхықәра, убри ауп алҵшәа аазго иҳәеит», – аҧсыӡкреи амшын ахьчареи рзы аспециалист хада Џьамал Дбар ҳаиҿцәажәара хырқәшо.

Елана Лашәриа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me