1992-1993 шықәсқәа рзтәи ҳџьынџьтәылатә еибашьра ишналагаз еиҧш, хатәгәаҧхарала иҳацхраарц иааз рфырхаҵара ҳажәлар ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит. Аҧсни уи иқәынхоз ажәларқәеи ашәарҭара бааҧсы ҳанҭагылаз зхы-зыҧсы иамеигӡакәа, акаҵәарақәа ирхыҵны иҳавагылаз рхыҧхьаӡара наӡон хнызқьҩык рҟнынӡа, урҭ рахьтә 260-ҩык инареиҳаны ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит. Шьак еицалҵыз Нхыҵ-Кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа рыдгылара, ргәашьамх арҵаруан, ргәамч ҩбанатәуан, аиааира инагӡаны агәра днаргон ҳҵеицәа.