Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақьырсиантә ныҳәа ду

Ақьырсиантә ныҳәа дуқәа ируаку – Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа иаԥхьанеиуа ахәылԥаз ажьырныҳәамза 18 иақәшәоит.
Ари ауха, ишаԥу еиԥш, ақьырсианца ачарыц иалху ацхеи ашәырҩеи зларҵо ачгьахьачыс хаа ҟарҵоит. Ари ачыс жәытә-натә аахыс аиҭаҿиара, аԥсҭазаара ахацыркра символра азнауан.


Ари амш ауха аӡы аԥшьара мҩаԥысуеит. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы.
Анцәа дхазҵо ауахәамақәа рҿы еизоит иԥшьоу аӡы ргарц азы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит, изҩыдоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убас ари аӡы ԥхасҭахаӡом ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Иара шьыжьхьа уфаанӡа, улахь-уџьымшь ӡатәны, Анцәа иахь уныҳәа-ныԥхьаны ҿамҩак-ҿамҩак ужәлар ауп. Адин ныҟәызго ақьырсианцәа ачгара иҵоуп, убри аҟнытәи дара абжьааԥны ари ахәылԥаз «амла иакуа ахәылԥаз» ҳәа иашьҭоуп. Мацара иуфар иҟало хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ачгьахьатә чыс ауп. Ас еиԥш акрыфараҿы аҽынкылара ажәытәан Аҽӡаахра аламҭалазы ауаа зынӡа афатә адкылара мап ахьацәыркуаз ауп изыдҳәалоу.
Аԥсны ауахәамақәа зегьы рҿы аныҳәатә анцәаимҵаныҳәарақәа рымҩаԥгара мҩаԥысит. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лгәырӷьаҿҳәаша Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы ахәылбыҽхатәи анцәаимҵаныҳәара, Анцәахаҵаратә Литургиа, мҩаԥган иара убас аҵыхәтәаны аӡы рыԥшьеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me