Лаҵара 22, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Милаҭтә малуп, аҭира ҟалараны иҟаӡам

Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа аӡиа Риҵа аҟны иҟоу «Сталин идача» аукцион аҟынтәи ирҭиизшәа аинформациа аларҵәара инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Беслан Кәыҵниа атәылауаа ауаажәларра рыҩныҵҟа аибарххареи аҭагылазаашьа ашьақәҟьареи иашьҭоу џьоукы ирҳәо, ирыҩуа харҵаанӡа, уи аԥхьа ироуз адыррақәа аофициалтә хыҵхырҭақәа рҟны игәарҭаларц азы ааԥхьара ҟаиҵоит.


Аҳәамҭаҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Аоппозициатә амассатә информациа ахархәагақәа рҟны ицәырҵит Сталин идача аукцион аҟынтәи 850 нызқь мааҭ ҳәа иаазхәаз, ари аҭыԥ аҟны акурорт аҟаҵара згәы иҭоу, иааиуа хәышықәса ирылагӡаны 800 миллион мааҭ ширҳауа атәы зҳәо ауаҩы ивидеонҵамҭа. «Ҳара араҟа зеиӷьаҟам акурорт ҳаргылараны ҳаҟоуп, уи қьырала Москватәи VIP-клиентцәа ираҳҭалоит, иҳамоу азԥхьагәаҭарақәа рыла, иааиуа хәышықәса рыҩныҵҟа 800 млн. мааҭ ҳарҳароуп»,– ҳәа иҳәоит авидеонҵамҭаҿы ари ауаҩ, убри аан уи адача ахыбрақәа рҭеиҭыԥш, рхаҿра ԥсаххаӡом ҳәа иазгәеиҭеит. «Официалла иаҳҳәоит, ари аинформациа шиашам, уи акыр аҵабырг ишацәыхароу. Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҟны иҟоу Сталин идача - милаҭтә малуп, аӡәы иааихәаратәы аҭагылазаашьа ҟалараны иҟаӡам.
Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп, ари адача акәша-мыкәша уажәаԥхьагьы имаҷымкәа еиуеиԥшым ацәажәарақәа шцәырҵхьаз — ари аҭоурых ҿыцӡам ҳара ҳзы.
Убас, 2005 шықәсазы амассатә информациатә хархәагақәа рҿы еицырдыруа Урыстәылатәи анаплакҩы, амалуаҩы, амиллиардер Олег Дерипаска Аԥсны анапхгара иақәырҵаз ахәԥса – 10 миллион доллар ҳәа ари адача ааихәар иҭахын ҳәа аинфомациа цәырҵит. Ари ажәабжь аҽаԥҽра аныҟала ашьҭахь, аобиект усҟан Москва ахадас иҟаз Иури Лужков иаадырхәеит ҳәа рҳәо иалагеит.
Иџьоушьаратәы иҟаӡам, ари аҩыза иблахкыгоу аҭыԥ ԥшӡаҿы, Аԥсны ахьыршәыгә ҳәа иԥхьаӡоу аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы игылоу ари аобиект хыԥхьаӡара рацәала ауаа рылаԥш задхало, насгьы убри инамаданы лассы-лассы еиуеиԥшым, џьара акала ишьаҭаркым, имцырку ацәажәарақәа захылҿиаауа». Беслан Кәыҵниа даҽазнык ауааԥсыра ироуа аинформациа аофициалтә хыҵхырҭақәа рҿы игәарҭаларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me