Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳакзаара мчы ҕәҕәоуп

1992-1993 шықәсқәа ­рзтәи ҳџьынџьтәылатә еибашьра ишналагаз еиҧш, хатәгәаҧхарала иҳацхраарц иааз рфырхаҵара ҳажәлар ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит. Аҧсни уи иқәынхоз ажәларқәеи ашәарҭара бааҧсы ҳанҭагылаз зхы-зыҧсы иамеигӡакәа, акаҵәарақәа ирхыҵны иҳавагылаз рхыҧхьаӡара наӡон хнызқьҩык рҟнынӡа, урҭ рахьтә 260-ҩык инареиҳаны ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит. Шьак еицалҵыз Нхыҵ-Кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа рыдгылара, ргәашьамх арҵаруан, ргәамч ҩбанатәуан, аиааира инагӡаны агәра днаргон ҳҵеицәа.


Иахьатәи аҭынч ҧсҭазаараҿы акәзар, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз Аҧсны иахәҭакны рхы рыҧхьаӡоит, аҳәынҭқарра аҿиараҿы иҳавагылоуп жәпаџьара. Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгарагьы ирылшо ҟарҵоит иҭахаз рыхьӡ анаӡаӡатәразы. Ирыцхраауеит еибашьуаз рҭаацәа, иҭахаз рыхшара. Афырхацәа рыхьӡқәа рхырҵоит амҩадуқәа, абжьаратә школқәа рҟны аклассқәа, аӡәырҩы ирыхҵоуп аҳаҭыртә хьыӡқәа, иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.
Убас, иаҳхысыз ашықәс ахыркәшамҭазы, ҳиааира 30 шықәсеи азхаҵара 15 шықәсеи рхыҵра ахьӡала Аҧсны Ахада Иусҧҟақәа инарықәыршәаны, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз рызҵаарақәа рзы атәыла Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьали аҳҭны-қалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡеи рҭааит Адыгьеиеи Ҟабарда-Балкариеи.
Маиҟәаҧ ақалақь, Т.Керашев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа ареспубликатә институт ахыбраҟны, Адыгьеиа амилаҭқәеи, аџьынџьуаа аҽрымадареи, амассатә-информациатә хархәагақәеи русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы, Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылараҿы зџьабаа рацәоу Аскер Шхалахов иалахәрала имҩаҧысит, 1992-1993 ш.ш. рзы Аҧсны аибашьра аветеранцәа уажәраанӡа иазгәаҭамыз, «зынӡа аасҭа ихьшәаны акәзаргьы» ҳәа шырҳәо еиҧш, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара.
Рисмаг Аџьынџьал иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аҧсны Ахада Иусҧҟала ишранашьоу: 13-ҩык – «Леон иорден»; аӡәы – «Агәымшәаразы» амедал; 90-ҩык «Аиааиразы» амедал.
Агәеизыбылреи аҧхарреи зцыз ари аиҧылара хыркәшо, Аҧсны ахаҭарнакцәа рымҩа хан Нальчикҟа.
Араҟагьы, В.Вороков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи акультура Афонд ахыбраҟны, акультуратә центр «Абхазия» анапхгаҩы Инга Қацәба-Гәачапшаваи, ауаажәларратә еиҿкаара «1992-1993 ш.ш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Тимур Шорданови рыдгыларала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан аӡәырҩы иахьа зыуаажәлар ирылагылоу реиҧш, ари амш злахьынҵамхаз рҭаацәеи рыхшареи.
Уаҳа аибашьра амбааит ҳажәҩан, Нхыҵи Аахыҵи ирықәбзазо, шьак еицахылҵыз ажәларқәа ибзиоу аҵыхәала ҳаиҭанеиааира ҧкымзааит ахааназы!

А.Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me