Ашаеҵәа иадыркылоз

21 Хәажәкыр 2024 08:31
Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ливан еиҿкаау «Ачерқьестә ассоциациа» ахада Риад Цыба зхадараҿы дыҟоу Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥс­а­дгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Нарсоу Салаҟаиеи злахәыз ари аиԥылараҿы агуманитартә хырхарҭа уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рыла Аԥсни Ливантәи адиаспореи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь…
Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан зҵаарак, анаҩс иҟан еиуеиҧшым егьырҭ азҵаарақәагьы.Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адепутатцәа идирдырит еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла ишалаго аилатәара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me