«Ашарԥы – Еҵәа» № 3

Изаамҭанутәи аҿар рдаҟьа «Ашарԥы-Еҵәа» аҟны ишәыдаагалоит астатиақәа реиԥш, ажәа сахьарк амаҵ аура – ажәеинраала аԥҵара зҽазызшәо, уи абаҩхатәра акәиц злоу, зҩымҭақәа раԥхьаӡа  акәны акьыԥхь ианыло аҿар рырҿиамҭақәагьы

Нестор Сангәлиа
* * *
Снеиуеит сықәланы аҟәара,
Аԥша хьшәашәа сеимнадоит.
Саԥхьа иқәтәоу иԥшӡаӡа,
Аҷныш сыблақәа хнакуеит…

Ус ажәҩанаҿ џьара,
Аԥҭа хылеит ижәпаӡа.
Амрагь аҵәахит хара,
Иааилахәлазшәагь збеит убра.

Аха, сишь.. аа дахьнеиуа
Сгәы ззыбылуа аҭыԥҳа?!
Сара зынӡа слымбаӡазшәа
Лқьышә снықәылҵеит, дааччашәа.

Исҳәарызеи? Ишԥазури?
Ԥсышәак ласҳәаны сналаҩсит…
Аха, абаар, анашана…
Амра гәырӷьан иаасҿаҷҷеит.

* * *
Аԥша иасуаз аҽырҭынчны
Сара сгәаҵанӡа инаӡон.
Усҟан сыҟан сара схала,
Сгәы сҭацәажәо ус сҳәалон:

«Изакәызеи, исыҵалазеи?
Ажәак сҿамшәаӡо зынӡа?
Изысзымҳәеи, нас исыхьзеи,
Бзиа дшызбо Саҭанеи?»

Амҩа сықәуп сгәы сҭацәажәо,
Ауаа саҩсуеит иццакуа.
Сцоит сара аӡә дгәамҭаӡакәа,
Сымҩа иацҵо, сыццакуа…

Ашьыжь снеиуеит сара ашколахь,
Уа дысԥымлои Саҭанеи.
Дышсықәшәаз еиԥш, сыԥхамшьаӡакәа
Иаахтны иласҳәарцы сыӡбеит…

Данысԥылоз сгәы хыҭхыҭуан,
Иласҳәаша еиқәсыршәон.
Аха саԥхьа уи данаацәырҵ…
Сажәақәа зегь нысҿабеит.

* * *
Иаҳхашҭран ҳаҟам ҳара ахааназ,
Ҳажәлар усҟан ирылдыршаз.
Афырхацәа агәымшәақәа,
Рыԥсадгьыл гәакьа шырыхьчаз.

Агәаҟра ду рхыргеит ҳажәлар,
Аԥсреи абзареи ирыбжьан.
Аха ҳҵеицәа шьҭахьҟа ихьамҵит,
Иҳзеиқәдырхеит ҳадгьыл ԥшьа.

Афырхацәа, шәарҭ аӷьеиҩцәа
Ҳтәыла шьала изкәабаз!
Аԥсуа хацәа нагақәа
Аԥсынтәыла ԥшӡа еиқәзырхаз!

Шәа шәзы иаԥаҳҵоит ашәақәа,
Наӡаӡа аҭоурых шәазынхоит.
Аԥсуаа адунеи иқәнаҵы,
Икашәашам шәыхьыӡқәа.

Хәарцкьиа Хьыбла

* * *
Шәуааз сшәыҳәоит,
Шәуааз!
Ималу џьыбам…
Иреиҳаҵәҟьоу амал – ицқьоу агәы.
Шәуааз!
Шәҩыза изыҳәан шәамеигӡан шәыԥсы,
Шәааигәа иҟоу шәрывагылаз,
Ажәҩан иаҵәа шәанаҵагылоу,
Шәхәыцра цқьаз.
Шәуааз!
Ԥсҭазаарак!
Ԥсҭазаарак шәиҭеит Анцәа,
Сшәыҳәоит нас…
Шәхәыцреиԥш ицқьаз шәшьаҿа?
Шәуааз уара!
Зқьышықәсала ҳанума адунеи…
Изхәарҭоузеи уџьыба иҭоу,
Ҩныҵҟала уанаԥсам акапеи?

* * *
Аԥсҭазаара иамоуп агьама,
Аԥсҭазаара иамоуп аԥшшәы.
Аԥсҭазаара иамоуп аганқәа,
Иубом дара ус унаԥшны!

Аԥсҭазаара, аԥсҭазаара, аԥсҭазаара…
Иаҳцәыӡуашәа ҳбоит аҵакы.
Тәамҩахә ҟамҵакәа ҳашьҭоуп,
Ҳзышьҭаҵәҟьоу ҳаздыруам иаартны!

* * *
Сԥарԥалыкь аԥша иацыхәмаруан,
Сԥарԥалыкь сара исзыԥшуан.
Зны иаанҿасуан,
Зны исцәыӡуан,
Зхы хараӡа сагауан.
Сԥарԥалыкь са сзы инашанан,
Ҵхагәазы сымҩа арлашон.
Сԥарԥалыкь сара саркарон…
Уи амҵәыжәҩа хәыҷқәа еиҵыхуа,
Зынӡа исцәыхаразшәа збон.
Амра ашәахәақәа аҽыргәылак,
Ажәҩан агәахьы, аҽаӡеит.
Аха нас ус слымҳа инҭаҩит,
Сԥарԥалыкь амҵәыжәҩа абжьы.
«Сыбзааит, ибдыруаз, сбыцуп,
Бымҩақәа рыхьчоит сыԥсы»

Ванаба Муртаз

* * *
Абзиабара кыр исылаҽт,
Ааи, ҳәарада, изӡаӡом!
Быԥшра схашҭуам сыла ихгылоуп,
Бажәақәа схы-сгәы исызҭгом.

Иҟоуп амшқәа саназхәыцуа,
Ибзанысҵарцы «абра»
Аха нас, сааҭгылоит схәыцуа,
Ибгәаԥхомашь, уи бара?

Иҟалон уажә сажәеинраалаҿ,
Ашьха, аԥшӡара асырбарц.
Мамзар, Џьырхәа иласны илеиуа,
Хыԥсҭа аӡиас аӡбахә сҳәарц.

Абзиабара кыр исылаҽт,
Ааи, ҳәарада, изӡаӡом!
Ҳа ҳаиԥырҵит, ҳаинасыԥмызт…
Аха, сгәы бсызҭыгом сара.

* * *
Схәыцра балоуп, изӡаӡом,
Бзиа бшызбо са бызжьом!
Быда сыҟоуп уажә сара,
Измаҭәоузеи арҭқәа аҩра?

Иҟам ҽнакгьы сгәы банҭам,
Быԥшра, бсахьа сыла ианхым.
Быда сыҟоуп уажә сара,
Измаҭәоузеи арҭқәа аҩра?

Ашәҭыш еиԥшҵәҟьа ба быԥшӡоуп,
Уахгьы-ҽынгьы са сгәы бҭоуп.
Быда сыҟоуп уажә сара,
Измаҭәоузеи арҭқәа аҩра?

Хыԥсҭа аӡиас
Абна сылсны ԥшьаала снеиуеит,
Уԥшӡара сазгәыкуа.
Уҟәараҿы ахаҳә снықәтәоит,
Схәыцрақәа сҽынрыҭаны.

Аԥша ҟәанда ихааӡа,
Иасуеит игәыҟаҵагаха.
Аԥсабара даара иссируп,
Уара улеиуеит уԥагьаха.

Урҩаш ҭрысқәа ацаҟьа иалҟьо,
Аанҿасра рықәым бзанҵы.
Хыԥсҭа аӡиас, сқыҭа уалсны,
Амшын уазнеиуеит уццакны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me