Аԥсуа бызшәа акәзар, наукала иара ҭызҵаахьоу аҵарауаа зегьы еицҿакны иазгәарҭахьеит аҭоурых дуи, ақәра дуи змоу абызшәақәа рахь ишыԥхьаӡоу. Аԥсуа бызшәа Кавказтәи абызшәақәа ирышьагәыҭуп.
Ишдыру еиԥш, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы, иара убас аҩнаҭақәа рҿы ахәыҷы даныхәыҷу инаркны иаҳауа абызшәа алоуп дызлацәажәо. Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәаны иҳамоуп аԥсуа бызшәа. Схаҭагьы саныхәыҷыз инаркны исаҳауаз – аԥсуа бызшәа ауп. Ҵоуп, адунеиаҿ еиуеиԥшым абызшәақәа рацәоуп, доусы ихатәы бызшәа имоуп, уи ала дцәажәоит, игәаанагарақәа иҳәоит, дхәыцуеит.
Ҳәарада, сара сахьынхо сыдгьыл аҿы еиуеиԥшым абызшәақәа актуалра рымоуп. Сгәаанагарала, ииашоуп аҳәынҭқарраҿы еиуеиԥшым абызшәақәа аҿиара рымазар, даара ишьахәуп, аха еиҳарак ахархәара амазароуп ахатәы бызшәа.
Ҳхатәы бызшәа иахьатәи аамҭала иуҳәозар, ахархәара шаҭаху еиԥш ишамам убоит. Аха зынӡаск ҳхатәы бызшәа аус адулаӡам ҳәа ҳҳәар иашам. Уи апроблема иахьеи-уахеи алацәажәара иаҿуп, аус адырулоит, знапы алаку аҵарауаа.
Еиуеиԥшым ажәларқәа рхатәы бызшәала ианзымцәажәа, ргәаанагара анырзымҳәа, урҭ рыԥсадгьыл иаԥсаны изыҟалом. Збызшәала изымцәажәаз, згәаанагарақәа ззымҳәаз, зҵасқәа, зқьабзқәа пату рықәзымҵаз ақәӡаара амҩахь рхы дырхоит.
Хатәы бызшәада изыҿиом амилаҭ, аҳәынҭқарра. Ҳхатәы бызшәа мыӡырц азын, раԥхьаӡа иргыланы ҳалацәажәалароуп. Ҳбызшәа алахьынҵа ауп ҳара иаҳлахьынҵахо. Иҿиалааит, еизҳалааит ҳхатәы – аԥсуа бызшәа, Аԥсны аԥсуа Анцәа дагимырхааит.
Анжела Хвиделиӡе,
ажурналистика актәи акурс астудент.