Ауаҩы ажәа иҭынхоит

Хнырҳәышьа змам, нҵәара зқәым аамҭа егьа ирласны ицаргьы, ауаҩы игәаҵа зырԥхо, мҵәыжәҩада жәҩан ахь дзышьҭуа, ҵа змам атыша данхықәгылоу агәыӷреи амчи изҭо, даҽазных ҵәымыӷҵас игәы иалало Ажәа.

Шаҟа шықәса ахыҵуазеи иара? Шықәсыла иузыԥхьаӡом. Азқьышықәсақәа раԥхьа, аԥсабара ахаҿра даҽакала ианышьақәгылаз, ауаҩы аԥстәқәа рдунеи далҵны дуаҩытәыҩсаны данышьақәгыла, аилибакааразы, иаԥиҵеит.
Аҭҵаарадырраҿы иҟоуп агәаанагара раԥхьаӡа иҳәаз ажәа «Аа» акәын ҳәа, уи иаанагоит «бзиара умаз». Ауаҩы дызгәылаку адунеи шьҭыбжьы рацәала иҭәуп, убри ауп изыбзоурхаз миллион шықәса ирылсны иахьанӡа иаҳзааз ԥсра зықәӡам Ажәа аԥҵара. Иалшоит ажәала асахьа ҭухыр, уи асахьа шәҟәык иануҵар аԥхьаҩ идунеи арлахҿыхырц, ашәыга ҿыцқәа рыла ихәыцрақәа аҩычар, иалшоит ажәала ашәак аԥуҵар, уи иазыӡырҩуа игәы ихаршҭны, маӡала игәҭакқәа иҽрылак амра дазааигәахар, иалшоит ажәала ахәра урӷьар, аӡәы агәыӷра изаԥуҵар, уимоу ажәеинраала алхны адунеи иахурҵәар.
Ажәа ииашаны ухы иаурхәалар, зыгәҭа угылоу ужәлар рҿы пату ду уқәлоит.

Ҳтәыла «абла аныхҩаз» рккаҩны ицәырҵыз, анаҩс зажәа хәрыбӷьыцханы ҳажәлар ирылаҵәаз Д.Гәлиа раԥхьатәи ишәҟәы хациркит абарҭ ацәаҳәақәа рыла: «Аҽы ԥсыр адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр ажәа иҭынхоит». Раԥхьатәи аԥсуа шәҟәы епиграфс иаиуз ацәаҳәа ҳажәлар рырҿиара зегьы азы иамҩақәҵаганы иҟалеит. Анаҩс, есы­шықәсааира ҳа­жәлар ­ргәеисыбжь зныԥшуаз ражәа акырӡа аҵакы ҭбаахо иалагеит.
Аҟазара ахкқәа ируаку ажәа азҟазарагьы хырхарҭас иамоуп иаԥызҵо амилаҭ рдоуҳатә ԥсҭазаара арбеиара. Иара саркьаҵас ианыԥшуеит ауаҩы иԥсҭазаара, изтәу амилаҭ рхаҿра. Ашәҟәыҩҩы иакәзар, ижәлар дырзааигәоуп, урҭ ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара иҽазишәоит. Аԥҵамҭа уанаԥхьо уагәыланахалоит, ииасахьоу аамҭа уазхьанарԥшуеит, зныхгьы узҭагылоу аамҭа уахырԥраан, иҟалаша аамҭахь уагоит. Уара иузцәырҵуеит ахәыцра ҿыцқәа, нас еиҿурԥшуеит ари аҩымҭа уаԥхьаанӡа удунеихәаԥшышьа зеиԥшраз, анаҩс аҽшаԥсахыз. Аԥҵамҭа амч ӷәӷәа агәылоуп, избанзар автор иԥсҭазаара ахәҭакгьы агәыларшәуп. Уи арҿиамҭа ҳа ҳзы имҩақәҵагахарц азы автор аҩра игәацԥыҳәон, ари аҩымҭа ҳнапаҿы иҟаларц азы шаҟа мши-ҵхи ркьаҿуа икалам игәҭахәыцрақәеи игәҭакқәеи иазнаигоз аԥҵаҩы?!
Аамҭа иагәарԥханы ауаҩы иланааӡаз ауп Ажәа азҟазара. Изҭынхазгьы рыхьӡ анаӡаӡатәра ауалуп. Аҩра згәацԥыҳәо ауаҩы раԥхьатәи иҩымҭа аӡиас иаҩызоуп, ажәа арҿиара аԥышәа анирҳалак ирҿиамҭақәа арҿиаратә мшын ду иахәҭакхоит.
Хықәкыс изықәгылаз раԥхьатәи аԥсуа ԥҵамҭа аԥызҵаз арҿиаҩы? Ҳәарада, аԥхьаҩ хшыҩеилкаарак аликаарц, дырра ҿыцк алаиоурц азы акәын, аха зегь раԥхьа дзызхәыцыз аҩымҭа ҭоурыххарц, аҭоурых агәылак иахьчаларц ауп. Абарҭқәа зегьы рзоуп сара сгәанала, жәлар рпоет Д.Гәлиа «Ауаҩы дыԥсыр – ажәа иҭынхоит» - ҳәа зиҳәаз. Избанзар, аԥсҭазаараҿы зегь мҩасуеит, зегьы ириааиуеит аамҭа, имҩамсуа ианҵоу ажәа ауп. Убри азоуп иара ихаҭагьы имч-илша зегьы ажәа анаӡаӡатәра изазикыз.
Иахьатәи аамҭазы ҳара иҳамоуп хәы змаӡам амал – ҳмилаҭтә литература, изныԥшуа ҳбызшәа абеиара. Уи ҳашәҟәыҩҩцәа ирҭынхо ҟазароуп, ҳара ҳамҩақәызҵо аеҵәа лаша иаҳзаҩызоуп, амҩа иаша алхраҿы иҳацхраауеит. Еиҵагыло аҿар ҳлитература ҳазҿлымҳазароуп, ашәышықәсақәа иргәылсны иахьанӡа иаҳзааз Ажәа еихаҳҳалароуп.
Дырмит ду зышьаҭа икыз, ҳашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа акыр рабиԥарақәа еиҵанааӡеит сынтәа 105 шықәсахыҵра азгәарҭо аԥсуа газеҭ заҵә «Аԥсны». Урҭ рбаҩхатәра иахылҵыз аҩымҭа ҟаимаҭқәа ҳажәлар зегьы рзы доуҳатә ҭынха дууп ахааназгьы.

Мадина Амҷԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me