Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә ҟазара иахәҭаку

Аԥснытәи Амилаҭтә галереиа аҭоурых алагоит 1964 ш. март жәибжь инаркны. Уаанӡа Аԥсны Аиҳабыра Реилазаара 1964 ш. август 20 рзы аӡбамҭа аднакылахьан уи Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афилиал акәны аиҿкааразы. Агалереиа аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылоуп еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа: В. Бубнова, М. Ешба, О. Брендель, А. Иванба уҳәа егьырҭгьы.
Агалереиа аекспозициақәа еиҳарак ишьақәыргылахеит аҿыханҵатә ҟазара абзиабаҩ, Аҟәатәи аҳақьым Е. Фишков ихатә коллекциа аҟнытә. Аҳақьым ихатәы ҩны ахәҭаки аҭыхымҭақәа хынҩеижәеи агалереиа ҳамҭас иеиҭахьан. 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны аҭыԥ еиҳа иҭбаахеит.
1994 ш. инаркны агалереиа хазы еиҿкаан. Афондқәа есааира ихаҭәаауан. Асахьаҭыхҩцәа раԥҵамҭақәа ԥшь-нызқь инареиҳаны иҵәахын. Арахь иааган раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр Чачба иусумҭақәа 300 рҟынӡа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҿыханҵеи аскульптуреи иаҵанакуа асахьаҭыхҩцәа В. Бубнова, Б. Петров, В. Контарев, М. Ешба, Хә. Аҩӡба, С. Габелиа, Т. Амԥар, В. Гамгиа, О. Брендель, И. Ҷкадуа, В. Лакрба, Л. Быҭәба уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.
1985 ш. маи 17 рзы – иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр Чачба иԥсыбаҩ Аԥсныҟа ианааргаз, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥхьа иҟоу абаҳчаҿ анышә ианамарда нахыс акартинатә галереиа ииаган Лакоба имҩа 31 ахь, Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла зыҩноу ахыбра ашҟа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан агалереиа аркын. 1994 ш. уи хазы ишьақәгылеит, Амилаҭтә картинатә галереиа ҳәа ахьӡгьы еиҭакын.
1997 ш. акәзар, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба идҵала, агалереиа Пушкин имҩа 8 ашҟа аиагара азыӡбан. Аха ахарџь ахьазымхоз аҟнытә аремонттә усурақәа аанкылан. Агалереиа еиднакылоз афонд ҵәахын Ацәыргақәҵатә зал хада ахьыҟоу (Лакоба имҩа) аҩбатәи аихагылаҿы.
Агалереиа аиҳабацәас иҟан А. Аргәын, Л. Еныкь. 2001 ш. аахыс еиҳабыс дамоуп С. Сақаниа. Аха, ишдыру еиԥш, 2024 шықәса ианвар 24 рзы агалереиа амца акит, иҟалаз абылра иахҟьаны аусумҭақәа реиҳараӡак амца иалаблит. Ибжамҽамны еиқәхаз 150 рҟынӡа И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека ашҟа ииагоуп.
Аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рыцхрааразы иаарласны Аԥсныҟа иааит Урыстәыла Акультура аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи рзы Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Н. Чечель хадас дызмаз агәыԥ. Ареставраторцәа еиқәхаз асахьақәа ирыхә­аԥшит, иҭырҵааит, аиҭашьақәыргылара иаҵанакуа алырхит. Урҭ рахьтә иҟоуп аҭыԥан ишьақәдыргылаша, насгьы Урыстәылаҟа игатәугьы.
Уажәы Пушкин имҩаҿы игылоу ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп.
В. Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me