Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Академиа апрезидиум изаамҭанытәу аилатәара. Уи аҟны иахәыԥшын аиашьаратә абазатә жәларқәа рхаҭарнакцәа иреиуо, хҩык аҵарауаа Аҭҵарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхра азҵаара. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилатәара амшхәаԥштә аҿы ицәырган азҵаарақәа ԥшьба. Апрезидиум аусура хацыркын урҭ рахьтә еиҳа ихадараз - ААР ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ралхразы акандидатурақәа хԥа рыхәаԥшрала. Аҵарауаа ирыдгалоу акандидатурақәа ахԥагьы иаԥсоу ракәны иҟоуп иҳәеит…
Шәача имҩаҧысуаз, Алена Белитова еиҳабыси еиҿкааҩыси дызмаз Урыстәылазегьтәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рконкурс «MISS Краса Руси 2024» алахәхара мариамызт, еиуеиҧшым ақалақьқәеи атәылақәеи рҟнытә 70-ҩык аҭыҧҳацәа ари аконкурс алахәхаразы рыҽҧыршәеит, аха афинал ахь 16-ҩык роуп анеира зылшаз.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы иааиуа 2024-тәи аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me