Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира ааигәазтәуаз

Қәҭелиа Алықьса (Алик) диит 1960 ш. маи 23 рзы Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан, Қәҭелиа Мези Амҷԥҳа Мери рҭаацәараҿы. Ирааӡеит ҩыџьа ахацәарԥари ҩыџьа аҭыԥҳацәеи. Алик иашьа идунеи иԥсаххьеит, аиҳәшьцәа ҭаацәара ҳәа ицахьеит.


Алик иқыҭантәи ашкол дҭалеит, усҟан 8 класск ракәын иҟаз. Даналга, иара бзиа иибоз Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа Гь. Чачба ихьӡ зху аҟны 4 шықәса аҵара иҵон. Ианыхиркәша 1980 ш. рзы Асовет аррахь иԥхьоит. Дақәшәеит аԥырра иазкыз авиациаҿ, уаҟа фымз аԥырра иазкыз аҵара дахысуан, нас аполкахь диаргеит, шықәсыки фымзи механикс аус иуан.
Арра далган данаа, Ӷәада ашколаҿ аусура далагоит рҵаҩыс, идирҵон черчениеи асахьаҭыхреи. Хышықәса иусура ашьҭахь диасуеит Кәтолҟа, уаҟа иҟаз асахьаҭыхратә школ аҟны еиҿкааҩысгьы, директорсгьы дыҟан Папасқьыр Нодар. «Абраҟа ҳамҭакы аус еицаауан, ԥыҭрак ашьҭахь даара сҽазыҟаҵан Краснодар иҟоу Ҟәбантәи асахьаҭыхратә универстиет архитектуратә латәарадатәи аҟәша сҭалеит. Аԥышәарақәа анысҭилак Аԥсныҟа саауан, абас сцо-саауа сыбжьан. Ус сшымгәыӷӡоз, иаалырҟьан саб машәырла дҭахагәышьеит, уи акәхеит–сҵарагьы аансыжьит» – дцәажәоит Алықьса.
Алик еиҭоуҳәарц сҭахуп аиба­шьра ианалагаз август 14 шугәалашәо. Алик даақәыԥсычҳан, аиҭаҳәара дналагеит: «Абри аҽны ашьыжь сгәыла ҷкәын Даур Сангәлиеи сареи Очамчыраҟа цатәыс иҳаман, смотоцикл «Иава» ҟаԥшь ҳақәтәан, Тамшь ҳнеит Даур Занҭариа иҩны. Даур Сангәлиаа рымаҳә иакәын, дара егьеихьӡылацәан, каҳуак ҳаздыршын иаажәит, нас агәашә шыҟоу ҳнаскьан, ҳаицәажәо ҳгылан. Ус амашьынақәа, атанкқәа рыбжьқәа ҳаҳауа иалагеит, иаҳа-­иаҳа иаҳзааигәахон, агәашә ҳанҭысны маӡала ҳарзыԥшуан. Иаҳзааигәахеит атанкқәа, амашьынақәа, автобусқәа, уазикқәа, ар рмашьына дуқәа, аруаа рацәаҩны еиқәных бџьарла. Аколонақәа еишьҭагыла Аҟәаҟа ицон, аруаа рыхқәа ҭырҳәҳәан, ржакьақәа рҿарбаба, еибарыҳәҳәо, инаҳаҩсны ицеит. Дара ҳарбомызт, шьҭа иаҳдыргәышьеит, ҽеи шыҟамлоз. Сҩыза Даургьы саргьы ҳмотоцикл ҳлақәтәан Кәтолҟа ҳхы ҳархеит. Ус Ачаа рҳаблаҿ ҳаннеи (иахьа атанк ахьықәгылоу) Џьгьардаа, Кәтолаа аизара иаҿын. Арҭгьы лымҳаҭасқәак роухьан, џьоукы рышәарыцага шәақьқәа ркын, иара убас алабақәа зкызгьы дубарын. Ашәақьқәа зегьы ирымамызт, еилауаҭыруа, рхы ахьдырхара рзымдыруа, еилагьежьуа игылан, ргәахы ԥыжәжәо. Нас еизааибаган, иара абраҟа ахырӷәӷәарҭақәа рыҟаҵара ҳалагеит (апозициа ҳәа изышьҭоу), ажәлар анеидгыла ирылымшо иарбану, абасоуп раԥхьатәи амш шысгәалашәо».
Сара еиҭа азҵаара исҭеит. Алик џьоукы ус рҳәоит: мрагыларатәи аибашьцәа, аумақәа рыӡбон, аҵәыҵәыра зҭаз абалонқәа (кислородный баллон) иара убас зымаа дыргьыжьуаз ажәытә телефонқәа рыла ацҳақәа ԥыржәон, насгьы амҩақәа рҿы ақырҭқәа ахьиасуаз уаҟагь иҵарҵон.
–Аиеи, ус ҟаҳҵон, уангәаҟлак, иумыӡбо иҟоузеи, иажәа ацҵара дналагеит Алик. – Зны-зынлагь смотоцикл ала ҳаиҽхьынтәалан ԥшыхәра ҳцалон сҩызцәеи сареи. Апартизанцәа реиԥш абна ҳалан, ақырҭқәа иҵарҵоз аԥжәагақәа ааҵхны, дара рганахь иҵаҳҵон. Абри аусаҿ ҳаидгылан сҩызцәа Сангәлиа Дамеи, Кәаӷәаниа Аркади, сара. Абарҭ аҩыџьегьы асовет арра ианахысуаз аминақәа рыҵаҵашьақәа ддырҵон, аԥышәа рыман. Ҳаибашьраан даараӡа ирыхәеит. Абалонқәагь убас ҳрыҵалан, кыр хара иаҳгон инеимда-ааимдо. Машьынала ҳазцомызт, абжьы раҳауан. Абас амҩақәеи ацҳақәеи ԥаҳжәон. Убас даҳзааит ҷкәына бзиак, уи Азиз Кәырт-кофа-Оглы иакәын. Аиашаз, ари аимадараҿ илшоз ҟаиҵон, иара Џьгьардантәи нхара ҳәа Очамчыраҟа диасхьан. Ари аҷкәын ахӡыргара иашьҭам, иахьа уажәраанӡагьы 30 шықәса ҵит, џьарамзар џьара иӡбахә ҳәам.
Аибашьра иалагаанӡа Егры аганахь, аҳәаа ааигәара есымша ишәарҭан, убри аҟынтә, раионцыԥхьаӡа еиҿкааны иҟан Аԥсуа гвардиа ҳәа. Сара ибзиан дысгәалашәоит Ԥақәашьтәи Борис Ԥачлиа, Дед ҳәа зыхьӡ Аԥсны иахыҵәаз, фырхаҵарыла иҭахаз. Абри ауаҩ, Ԥақәашьи Охәреии арратә ҽазыҟаҵарақәа ҳирҵон, аибашьраан даараӡа иҳахәеит. Ауаҩы агәаҟра данҭагыло, ирацәаны ахәыцра далагоит, убасҟан Анцәа ила иузаатуа рацәахоит. Уи иахьагьы агәра згоит.
Иахьеиԥш исгәалашәоит, 1992 ш. сентиабр 24. Уахынла аҷкәынцәа бнала мацара ирацәаҩны ҳаицын, аԥжәагақәа, алаӷәымқәа, 500 кг. иҟаз, Тамшь Даур Занҭариа иҩны ааигәара цҳак ыҟоуп, арахь адәахьала иубаӡом, аҳақьым Ԥашьиан ихәышәтәырҭа аԥхьа. Сҩызцәа наҟ шәнаскьаны шәтәа ҳәа расҳәеит, даргьы ԥыҭк инаскьеит. Араҟа исыцхраауада анысҳәа, ара сыҟоуп иҳәеит Чегьиа Роберт (аибашьра ашьҭахь Урыстәылаҟа дыҟан, машәырла дҭахеит). Ажәакала, хҩык аҷкәынцәа сышьҭит Кәтолҟа ицо ажәытә мҩахьы, Тамшьынтәи уахьыбжьало. Уаҟагь заанаҵ аԥжәагақәа ыҵаҳҵахьан, урҭ ахылаԥшра рҭахын, избанзар ақырҭцәа уахь ибжьалар иҵаҵан ирымаз аԥжәагақәа дыртҟәацыр акәын. Ҷыдала сара ус адҵа сыман: Цагьерантәи ӡәыр техникала иҿааихар, раԥхьа иааиуаз аколонна аусышьҭыр акәын, избанзар Тамшь ГАИ-апост анаҩсан, аԥжәагақәа ыҵаҵан ирыман, ргәырҽанны итәан. Ус, ԥыҭрак ашьҭахь, Цагьерантәи атехника рацәа рҿаархеит. Ишааиуаз, абар иаасыдгылеит, аха дара сырбарҭамызт.
 

Сара ацҳа аԥжәара азин сымамызт, ажәакала иоусышьҭит. Апостаҿ инеиаанӡа, амҩахь зҽыԥхьакны иҟақәаз ақырҭцәа аацәырҵын, инеиуаз амашьынақәа инарықәтәеит. Апост инахысуан аиԥш, тамшьаа иҵарҵаз рыԥжәагақәа инарықәыӷәӷәеит. Иԥжәеит, инҵәаз нҵәеит, иаанхаз ақырҭцәеи аԥсуааи аиҿахысра ӷәӷәа иалагеит. Аԥжәарақәеи ахысрақәеи иҟалаз цагьераа ршьапы иқәнаргылеит, ртехника, ртанкқәа, агәақь ҳәа зегь арахь рҿаархеит. Сгәы ԥыжәжәо сырзыԥшуан. Ус ацҳа инықәлон аиԥш, сыԥжәагагь снақәыӷәӷәеит. Зегь ԥжәеит, иааҳәит. Ҳамҭак акагь сгәалашәом. Сгылан дара рахь схы рханы сдәықәлазаап. Сыхдырра ҳамҭакы исыцәнарӡит (аконтузиа сыхьит), аха абри аамҭаз ҵаҟа ажраҿ итәаз сҩыза Роберт Чегьиа дҳәазаны дсыхьӡан, сшьапы кны дсыхан, дахьтәаз ажрахь сҭаижьит. Анцәа иџьшьаны уаҩы ҳимбеит.
Роберт дсыцхраан, саргьы схы ҭыууа, иҳаулак ҳрымбакәа ҳҳәазаны ҳдәықәлеит. Аха абри аамҭаз сарма шьапы ахы ақәшәан иҟазаарын, исызгәамҭеит ҳамҭакы, сышны сыҟамзи. Роберт дсыцхраан сыхәра ҿаҳәашәа иҟаҳҵеит. Абас иҳаулакгьы, ԥыҭк ҳҳәазаны, нас ҳара ҳтәқәа ахьыҟаз ахь ҳцеит. Аҵыхәтәаны ишеилкаахаз ала, акәылӡтәы техника, М.Т.Л.Б. иҭнарҟьаз ахыԥҽыха акәын сшьапы иаахаз. Ҳара ҳазлаз ҳгәыԥ иахьӡын «Дельфин». Иара ҳхырӷәӷәарҭаҿ, убра лаҳа дук гылан, антенақәа-аҭелқәа бжьданы аимадара ҟаиҵеит Азиз.
– Алик, ишсоуҳәара, аӡын асы анкажьыз, аҽыхәа уақәтәан уныҟәалон рҳәеит, избан? Уабацоз?
–Избанзар, сеиҳабацәа рҟынтәи адҵа сыман, – снапынҵа ус иҟан, хырӷәӷәарҭацыԥхьаӡа, аибашьратә хҭысқәа иааҟалоз зегьы, ажәабжьқәа, ҳаиҳабацәа ираҳәалатәын (аинформациа иаша). Адҵа исырҭаз нагӡатәын. Убри аҟынтә, ҽыхәак сыԥшаан, саб иаҳәшьа иласҳәеит шьыршьафқәак ирылхны, харԥ дук сзыӡах ҳәа. Иагьсзылӡахит, нас сымаҭәақәа шысшәыз, хыхь исхасырԥон, избанзар аӡын асы улырбааӡом. Абыржә ааскьа Кәтол ақыҭа ахада иҿы сыҟан. Уи Папасқьыр Анатоли Шьоҭа-иԥа иоуп. Ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп Аԥсны еицырдыруа, иқыҭауаа рҳәашьала, ҳенциклопедиа ду ҳәа изышьҭоу Гиви Иуана-иԥа Ҵнариа. Арҭ аҩыџьагь аибашьра мца иалагылаз роуп. Аԥсшәақәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, шәбаталион «Дельфин» аҿы ишәыцыз шәҩыза Қәҭелиа Алик (Алықьса) изкны ижәдыруа сашәҳәарц сҭахуп ҳәа расҳәеит. Гиви дналагеит игәалашәарақәа рҳәара: «иахьеиԥш исгәалашәоит, сентиабр 17, 1992 ш. Кәтолаа ԥыҭҩык, дасу рыдҵақәа, иҟарҵаша ҳашрылацәажәоз, абри аамҭазы аууы ахырга ҳаирпланк аахылеит (ашьҭахь излеилкаахаз ала, ақырҭуа ԥырҩы Маисураӡе иакәын). Ажәакала, абомбақәа лкажьны дцеит. Аӡҩыбжьаҟа ихы рханы дышнеиуаз, аԥжәага леигәыдырҵан, дылкарыжьит. Кәтол икаижьыз абомбақәа акы, ашкол аспортзал иақәҳаз ԥымжәаӡеит, хыхь иахьықәыз аҷкәынцәа Аликраа, ԥшьаала ихалан, амаршәа кны, шахала иҿаҳәаны илбаарышьҭит. Ақырҭцәа злацоз амҩала ани иԥымжәаз абомба наган иҵарҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, ақырҭқәа шнеиуаз дара рбомба дара ирыҵаԥжәеит. Егьи аҩбатәи, абомба иԥымжәаз Дӷамшь ацҳа иақәымҳакәа аҟәара иқәҳаит. Убригь ааганы, иахьахәҭаз иҵарҵеит Аликраа.
– Иҩызцәеи иареи абалонқәа ԥыржәон, Тҟәарчалынтәи алаӷәымқәа ааганы, – абас игәалаиршәоит Дамеи Сангәлиагьы. – Зынгьы Алик имотоцикл ҳаицақәтәан Аҟәатәи амҩахь ҳааны, машьынак ҳаихсит, аныҟәцаҩы дҭаҳархеит, БМП ҳацәцеит.
Арҭ иҟарҵоз аӡбахә аниаҳа, усҟан Аԥсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа ус иҳәеит, уара абри исаҳаз сыблала избароуп ҳәа. Ишыҟарҵоз идырбеит, аума шәыӡбеит иҳәазаап. Алик игәалашәараҿ абас иҳәеит: «Лабра анҭаҳарцәуаз, ҩыџьа аҷкәынцәа сыцын, сара аминақәа рыԥшаара саҿын, иҵысхуан, сзыхьчоз Феизба Игори Ҩардан Алхаси роуп»
Гиви иажәа инациҵеит: –абарҭ ҩыџьа аҷкәынцәа Сангәлиа Дамеии Кәаӷәаниа Аркадии сҵаҩцәа роуп. Иҟалозар агәра сшәырга, исшәырба абри иҟашәҵо ҳәа расҳәеит. Аҩыџьегь, Гиви Иуана-иԥа, шәаала ишәҳарбоит рҳәан, Алик, Дамеи, Аркади аӡхықәахь сыргеит. Убра ишызбоз иԥаҳшәеит, абалонгьы ԥыржәеит, уара ишәыӡбазеи ҳаҷкәынцәа сҳәеит, среигәырӷьан.
Гиви ацәажәара дшаҿыз ҳахьтәаз ауадаҿ дааҩналеит, хаҵа еинаалак, маҷк иааилан, ари Ӡлыиа Адгәыр Уаликәа-иԥа иакәын, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Усҟан аштаби аҩбатәи абаталион актәи аполки дреиҳабын. Абар, аригь иахьа Анцәа даҳзааигеит рҳәан Гивии Анатолии, иааиз рҩыза бзиа иԥылан аԥсшәа иарҳәеит.
Саргьы аԥсшәа иасҳәеит, ҳанаатәақәа ашьҭахь, Қәҭелиа изку хҭысқәак иугәалашәо ҳзеиҭоуҳәарц ҳҭахын сҳәеит.

Адгәыр даахәыцын дналагеит: –Лабра ахақәиҭтәраан, иара убас Тамшьгьы, зегь ҳаицын, Кындыӷгьы, Ҷашьа ацҳа аԥжәараан, нас – Наӷбоу, звольт ҳараку алашара ашьаҟаду. Убригь Алик иԥижәеит, ажәакала, арҭ аҷкәынцәа, ҳамҩақәа аазыртуа дара ракәын, аминақәа, аҵаҵара-аҵхрақәа, зегь дара ракәын иаҿыз. Убра еицыз зегьы даараӡа аџьабаа рбеит, мыццакрада, стәаны саназхәыцуа иҵегь исгәалашәақәо рацәахоит, насгьы 30 ш. ҵуеит, зегьы ргәалашәара уадаҩуп.
Гиви иажәа инациҵеит: ­–аибашьра ашьҭахь, ҽнак зны, Алик Қәҭелиа сыҩны дааит. Аԥсшәақәа анеибаҳҳәа, ҳнеибартәақәеит. Сизҵааит, иҟоузеи Алик, сабоугәалашәеи, уаҳзаазгазеи ҳәа. – «Гиви акы суҳәоит», – иҳәан данааиуаз, кьынтыжәк илаҳәан акы икын, дахьтәаз иааигәа ишьҭан. Иаашьҭихын иааиртлеит, автомат ашьхәа змам акьынтыжә иаалихит. Иҵегь ахәҭақәа агын, уара, ари закәи исзааугаз сҳәан, иааимсхын снахәаԥшит. Уара Гиви, абри акралҵру, ашьхәа ҟаҵашьа амоума, иҳәеит Алик. Акьынтыжә иныласҳәан иршәны ашҭахь инкасыжьит. Нас аҩныҟа сныҩналан, сызлеибашьуаз автомат аадәылызган, иҭаз апатронақәа зегь ҭырҟьаны, абар Алик абри уара иумаз сҳәан, инеисыркит.
–Гиви уххь згеит, уагьсеиҳабуп, саргьы абри саҵамхааит сҳәан, даасгәыдсырӷәӷәалеит. –Аибашьраангьы ҳаишьцәан, иаҳагьы ҳаишьцәахеит. Ҳнапқәа ааимаҳхит. Нас Гиви афатә-ажәтә ирхиан, аишәа ҳнахатәан, ҳаибаныҳәақәеит, кыргьы ҳааицәажәеит ҳазхара. Нас сҩагылан, иҭабуп ҳәа Гиви иашҭа сынҭыҵит.
Сажәа ахыркәшамҭаз, Гивии Анатолии ажәақәак рхысымҳәаар, ииашахом. Гиви Ҵнариа иқыҭа Кәтол 30 ш. ашколаҿ рҵаҩыс дыҟан, агеографиа дирҵон. Аибашьра ашьҭахь, иқыҭа ахадас кыр шықәса аус иухьеит. Иахьанӡа 4-5 шәҟәы ҩны иҭижьхьеит, аибашьраан иааирԥшыз афырхаҵаразы ианашьоуп Леон иорден. Иара аибашьра иазкны ахсаала ҟаҵаны имоуп, узизҵаалак зегь рҭак уаиҳәоит. Иҩыза Анатоли иара убас Аркади Дамеи иранашьоуп «Агәымшәаразы» амедалқәа.
Абра хыхь зыӡбахә ҳәоу Аликгьы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз атәанчахәгьы иауртә иҟарҵеит ивагылаз иҩызцәа. Ҳаԥсуа жәлар ахақәиҭра иҳауз, инаунагӡахааит, Аԥсны зхы ақәызҵаз шәыԥсаҭақәа лашахааит, зыԥсы ҭаны иахьа иҳамоу ҳветеранцәа, ҩын-ҩықәра нышәҵааит! Анцәа иҳаиҭаз ҳадгьыл наунагӡа шәагымхааит, иахьа уажәраанӡагь зыӡбахә ҳәам рацәаҩуп, убарҭгьы ҳрыхьӡароуп, аӡәгьы дыбжьамхароуп!

Борис Қәҭалиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me