Ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 35 нызқь мааҭ рҟынтәи ишьҭырхит 42 нызықь мааҭ рҟынӡа. Аҭаацәа ринститут арӷәӷәареи анра адгылареи хықәкыс иҟаҵаны абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.
2006 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз «Аҳәынҭқарратә социалтә ԥгаԥсала аԥаратә цхыраагӡақәа рыла аиқәыршәаразы» Аԥҟара аԥсахрақәа ралагаларазы ақәҵара аднакылеит Аминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа рзы атәанчахәы есымзатәи ахәцҵа ашьақәыргыларазы ақәҵара аднакылеит. Азԥҵәа ҿыцқәа амчра роуеит 2026 шықәса лаҵарамза 1 инаркны.
Аминистрцәа реилазаара адҵа аднакылеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иаҵанакуа Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Ареспубликатә кризистә центр – Аҭаацәаратә ҩны» аԥҵаразы.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аусбарҭатә (аусхкытә), аусбарҭабжьаратә (аусхкбжьаратә) программақәа аус рыдулареи, рыдкылареи, рынагӡареи, ахәшьара рыҭареи рзы аԥҟара ҿыц. Аӡбамҭа рыдыркылеит 2023 шықәса нанҳәамзазы ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны Азакәан «Астратегиатә планҟаҵаразы» анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me