Азареҭ Алықьса-иԥа Аиба диит хәажәкыра 25, 1944 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. 1960 шықәсазы далгеит Оҭҳаратәи абжьаратә школ. Адрҩашықәсан дҭалеит Ростовтәи афинанс-економикатә институт, афакультет «афинансқәе­и-акредити».Уантәи 1963 ш. рзы арра иԥхьеит. 1964 шықәсқәа рзы арра дахысуан амшынаҵаҟатәи аҽазыҟаҵаратә гәыԥ аҟны.
Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара амилаҭтә культура иахәҭакуп. Дыҷкәына, дыӡӷаб, ианыхәыҷу инаркны аҽықәтәашьа ддырҵон. Уи агәымшәара, аилҟьара, аԥстәы ахь абзиабара, уҳәа ацәаҩа бзиақәа ауаҩы иланааӡоит ҳәаиԥхьаӡаны. Аԥсуа иҽы еснагь дахӡыӡаауан, Аҽабӷаҟазара иахылҿиааит амилаҭтә хәмаррақәагьы.
Аҧсабара ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа еснагь ауаа ргәы иҵхо, лассы-лассы иаацәырҵуа, иаразнакгьы иаашьҭҧааны, инеиҵыхны, ҿыцбара ибаны излацәажәо акәны иҟоуп аамҭақәа зегьы рзы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me