Хьышәахәала иҩычоу абаҩхатәра

«Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар амузыкатә ныҳәа рызнаҳгартә алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа абас ралҳәеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.


Ԥхынгәы 15 азы Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Хьыбла Гьерзмааи Урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ильдар Абдразакови идикылеит.
Хьыбла Гьерзмаа иазгәалҭеит лара ишлыцқәгыло Маритәи атеатр асолистцәа.
«Сыжәлар гәакьа, бзиа избо ауаа, ҳаҳҭны-қалақь иаҭааз асасцәа, зегьы иахьа алшара роуеит Маритәи атеатр аоркестр амузыка шьахә азыӡырҩра», - лҳәеит лара. Хьыбла Гьерзмаа Аҳәынҭқарра Ахадеи афестиваль аиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵо зегьи иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Насыԥ сыманы…»
«Сара насыԥ сыманы исыԥхьаӡоит, иҭабуп ҳәагьы расҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны акультура Аминистрра, аӡәырҩы сҩы­зцәа-амеценатцәа рҟынтәи есымша еиԥш, уажәгьы ацхыраареи адгылареи ахьҳауа. Ҳара ацхыраара ду ҳанаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу акультуратә аԥшьгарақәа Рфонд. Ирацәаҩны ҳфестиваль ацхыраара иазхиоуп», - лҳәеит Хьыбла Гьерзмаа.
Аԥсныҟа иаара инаҭо агәахәарақәа, ацәаныррақәа ртәы иҳәеит Ильдар Абдразаков.
«Сара сзы насыԥ дууп иџьашьаху атәыла аҭаара, акыр шықәса раахыс исҩыза гәакьоу Хьыбла Гьерзмааԥҳа лывагыларазы алшара ахьсоуз. Иҟан аамҭақәак, иналукааша ҳашәаҳәаҩ лааигәара агыларагьы схахьы ианысзаамгоз. Арахь сааит исылшо ала Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль амҩаԥгараҿы адгылара лысҭарц азы», - иҳәеит иара. Ильдар Абдразаков иара убас гәахәарыла иазгәеиҭеит Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани жәлар рартист ҳәа имаз ахьӡ инамаданы иахьарнахыс иара Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ шихҵоу.
Амшын аԥшаҳәаҿы

Адунеи аҟны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа ишьаҭалыркыз аклассикатә музыка есышықәсатәи афестиваль хацыркын Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿаԥхьа ииуль 15 азы.
Ҳазну ашықәс азы раԥхьаӡа акәны афестиваль иалахәын Маритәи атеатр асимфониатә оркестр – адирижиор Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Антон Гришанин.
Аконцерттә программа аартын игәамбзиара ахьҽеимыз азы Маритәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Гергиев иҟаиҵаз авидеоааԥхьарала.
«Ишәасҳәоит даара сгәы ишалоу, уи моу аҭамзаара шьҭасҵоит уа сахьыҟам азы. Сшазыԥшӡамыз сгәамбзиара уашәшәырахеит, сыззыԥшыз ари аконцерт схы сзаламырхәит», – иҳәеит адирижиор. Иагьациҵеит аконцерт шазку ҳазну ашықәс азы иԥсы ҭазҭгьы 75 шықәса зхыҵуаз Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара. «Сергеи Уасил-иԥа дысҩыза бзиан, ижәлар дырҵеи шьахәын. Уи даара иахьа дҳазхом», – иҳәеит Гергиев.
Иара убас афестиваль азкуп аҵарауаҩ, апоет, арккаҩы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра.
Урыстәыла Ахада иҟнытә адныҳәалара

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин даԥхьеит Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин афестиваль иалахәу, аиҿкааҩцәа, асасцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара. Уи иазгәеиҭеит афорум ишарҭбаауа арҿиаратә, агеографиатә ҳәаақәа, ишарбеиауа Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа жәпаки ркультуратә ԥсҭазаара.
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…». Уаҩы деигәырӷьоит атрадициақәа еиқәырханы, шәара шәфорум ҟаимаҭ есышықәса амҽхак ахьарҭбаауа, хыԥхьаӡара рацәала азыӡырҩцәа ахьаднаԥхьало. Сақәгәыӷуеит, акыр иаԥсоу аҩызцәа, афестиваль ишәнаҭаԥ ҳәа агәырӷьара, агәацԥыҳәара», – иазгәаҭоуп Урыстәыла Ахада иаацҳамҭаҿы.
Аеҵәахәқәа рықәгылара

Аконцерт мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿаԥхьа иаарту асценаҿы. Маритәи атеатр асимфониатә оркестр иацықәгылеит Хьыбла Гьерзмаа, атеатр аоператә шәаҳәаҩцәа – Ильдар Абдразаков, Сергеи Скороходов, П.И.Чаиковски ихьӡ зху XVII жәларбжьаратәи аконкурс Гран-при занашьоу Зинаида Царенко, авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәа Виачеслав Василиев, Екатерина Савинкова.
Инагӡан аоперақәа рҟнытә ариақәа: К.Сен-Санс – «Самсони Далилеи», Ф.Чилеа – «Адриан Пекуврер», А.Бородин – «Аҭауад Игор», Џь.Россини – «Севильтәи аԥаҵасаҩы», Ш.Гуно – «Фауст», М.И.Глинка – «Руслани Лиудмилеи», Ж.Массне – «Манон», Ж.Бизе – «Кармен», Џь.Пуччини – «Тоска», П.И.Чаиковски – «Евгени Онегин», Џь.Верди – «Трубадур».
Аконцерт ахыркәшамҭаз Хьыбла Гьерзмаа аԥсуа жәлар рашәа «Ахрашәа» налыгӡеит. Аӡырҩцәа гәахәара дула ирыдыркылеит артистцәа зегьы еицынарыгӡаз «Москвамҵантәи ахәылԥазқәа». Амузыкатә ныҳәа хыркәшан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкны Максим Фадеев ҷыдала Хьыбла Гьерзмаа илзиҩыз ашәа «Сыԥсынтәыла» анагӡарала.
Аконцерт иалагаанӡа Хьыбла Гьерзмааи Ильдар Абдразакови аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҭарҳаит Канзан ҳәа изышьҭоу ацаҵла. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар ишазгәеиҭаз аиԥш, ари ашәырҵла алирикатә гәалаҟазаара унаҭоит, агәыӷреи аԥсҭазаара ҿыци рахь ухьанарԥшуеит.
Ҳамҭас – ароиаль

Хьыбла адунеи дакәшахьеит, асцена дуқәа рҟны дықәгылахьеит, аха л ара дахьиз-дахьааӡаз Пицунда, X ашәышықәсазы Римтәи аимператор Иустиниан иргылаз ақьырсиан ныхабааҿы лықәгылара даҽакы илзаларҩашьом, лара лзы зегьы иреиҳау сценоуп.
Ииуль 20 азы афестиваль иацҵан уаҟа.
Аԥсни Урыстәылеи жәлар ратистка Хьыбла Гьерзмаа Пицундатәи ауахәама ароиаль ҳамҭас иалҭеит.
«Ҳазну ашықәс азы ҳара иҳаӡбеит ҳамҭас ауахәама иаҳҭарц ароиаль Bosendorfer. Сара акыр исзаԥсоу, исызгәакьоу аҭыԥ аҟны еснагь иқәыҩлааит амузыка!» – абас лыҩуеит TG-канал аҟны.
Пицундатәи ауахәама Акон­церттә зал асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Марина Шамба Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа аҳамҭа шьахә азы ҭабуп ҳәа лалҳәеит.
«Пицундатәи ауахәама аконце­рттә зал аи­башьра ашьҭахьтәи аҭоурых акыр иаҳзаԥсоу Хьыбла Гьерзмаа лыхьӡ иамадоуп. Абри ауахәамаҿы Хьыбла лыбжьы ҩныҩхьеит ауарӷан ашәа ацҳәарала, абраҟа имҩаԥысхьеит еицырдыруа амузыкатә фестиваль раԥхьатәи аконцертқәа. Абраҟа иаҳлырдыруан абаҩхатәра қәыԥшқәа. Лара зныкымкәа ацхыраара алҭахьан ҳзал, аха иахьа даҽа ҳамҭа дукгьы ҳауит – ароиаль хазына Bosendorfer-225. Уи абжьы хаа иаарласны ажәытә уахәама иҩныҩраны иҟоуп», – лҳәеит Марина Шамба. Хьыбла Гьерзмаа илзеиӷьалшьеит агәабзиара, анасыԥ, арҿиаратә қәҿиарақәа, аоператә ҟазараҿы аҳаракыра ҿыцқәа.

«Ԥҵәара зқәым еимхәыцҵас уи иамадоуп сыҩни, сҭаацәеи, ҳфестиваль хашҭра зқәым аконцертқәеи ирымадоу сгәалашәарақәа. Аҭӡқәа ирныҩхьеит ашәаҳәаҩ ду Елена Образцова лыбжьы, иқәгылахьеит аҟазацәа дуқәа Владимир Спиваков, «Виртуозы Москвы», Ильдар Абдразаков, Денис Мацуев, иналукааӡаша егьырҭ анагӡаҩцәа жәпаҩык», – иазгәалҭеит Гьерзмаа.
Ииуль 20 рзы Пицунда имҩаԥысыз аконцерт аҟны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмаа лааӡамҭацәа – П.Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консеваториа ааӡамҭацәа Вероника Хорошева, Вероника Андреиченко, Мариа Лупарева, Валентина Химич, Лада Меркулиева, иара убас Хьыбла лхаҭа, ахкытә шәаҳәаратә кафедра адоцент. Аконцертмеистер – иналукааша апианистка, Москватәи аконсерваториа аконцертмеистертә ҟазара акафедра адоцент Екатерина Ганелина.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me