Ззанааҭ иазҟазоу

15 Рашәара 2024 09:03
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ареспублика Зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Руслан Ҳашыг иахьа 65-шықәса ихыҵит. Руслан Ҳашыг акыраамҭа амаҵ иуан агазеҭ "Аԥсны". Агазеҭ "Аԥсны" аредакциа ахьӡала идаҳныҳәалоит ииубилеитә шықәсхыҵра, агәабзиареи анҵыра рацәеи, арҿиаратә еихьӡара ҳаракқәеи иаҭәашьо.

Рашәара 17 ԥсшьарамшуп

14 Рашәара 2024 08:43
Амҽыша, рашәарамза 16 рзы аԥсылманцәа Кәырбан-Баирам ныҳәа азгәарҭоит. Ари амш Аԥсны ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Аԥсшьарамши аныҳәамши ахьеиқәшәаз инамаданы, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, рашәарамза 16 (амҽыша) иақәшәо аԥсшьарамш уи иашьҭанеиуа аусуратә мшы, рашәарамза 17 (ашәахьа) ахь ииагахоит. Рашәарамза 17 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me