Октиабр ҩеижәиакы рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны аконкурс «Аҧсны агәадура – 2022ш.» иалахәыз рахьтә аиааира згаз хҩык алкаахеит. Актәи аҭыҧ ааникылеит Валери Џьынџьал. Уи ипроект ашколхәыҷқәа рыбжьара ихадоу амедицинатә дыррақәа раларҵәара иазкуп. Аҩбатәи аҭыҧ даҧсахеит Гал араион ашәахтә инспекциа аусзуҩы Лев Буава. Уи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусшәҟәқәа реикәыршара ацифровизациа иазкыз апроект рыдигалеит. Ахҧатәи аҭыҧ лгеит Россотрудничество Аҧсны иҟоу…
Ихьуаз ачымазара иахҟьаны ааигәа иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа.
90 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҭоурыхҭҵааҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аветеран Ермолаи Кьасыгә-иҧа Аџьынџьал.
Виачеслав Аблоҭиа 80 шықәса ихыҵит «Сара бзиа избоит, аӡәы исыдигало, ма ишигәаҧхо ҳәа акәымкәан, схы сақәиҭны, исгәаҧхо алхны, уи ахәҭаны ишысыҧхьаӡо ала аусура. Аиашазы, ауаҩы ихатәгәаҧхарала, иара иҭахны, ҩнуҵҟала дазхәыцны игәы азыҳәаны иҟеиҵо, анаҧшыҩгьы, ахәаҧшыҩгьы иргәамҧхарц злшом, еиҳагьы ргәы иақәшәо иҟалоит», – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа дҳацәажәон ааигәа 80 шықәса зхыҵыз Аҧсны жәлар рартист, акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша»…

Зымҽхак ҭбааз

28 Жьҭаара 2022 14:16
Аҧсны асахьаҭыхҩцәа рцәыргақәҵатә зал хада аҿы ҳҧыза ду Владислав Арӡынба изкыз афильм «Страсти по Владиславу» аҧызҵаз Ольга Давид-иҧҳа Дубинскаиа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аартын, урҭ аҧҵоуп еиуеиҧшым аамҭақәа рзы. Дара зегьы Аҧсны жәлар, анхаҩы инаиркны ҳҵарауаа, ҳхақәиҭра аагаҩцәа уҳәа ирызкуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me