Лаҵара 22, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Збаҩхатәра ҳаракыз

Ауаҩы ихы азыгәдуреи итәылауаҩра аԥсахареи еизнарҳауеит амилаҭтә доуҳатә культура. Еиҵагыло абиԥарақәа инарҵауланы ирнырратәы идеилнаркаауеит шаҟа иҵаулоу рыжәлар рҭоурых адацқәа.
Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура ахәҭа хадақәа ируаку атеатртә ҟазара ашьаҭа кын, ишдыру еиԥш, сынтәа диижьҭеи 150 шықәсхыҵра азгәаҳҭо, ҳдоуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иаԥшьгарала, иаҳхысыз ашәышықәса актәи ажәашықәсақәа раан.

Анаҩс, уи аҟазара аҩаӡара еизҳаларц Аԥсны анапхгара рықәҵарала, 95 шықәса раԥхьа – 1929 шықәсазы, Аҟәа иаартын раԥхьаӡатәи аԥсуа театртә студиа. Уи анапхгаҩыси рҵаҩы хадаси даҭан Кандрат Ӡиӡариеи Константин Ковачи арӷьажәҩаны извагылаз Уасил Домогаров. Уи ааӡамҭацәа, актиорцәа раԥхьатәи рабиԥара рыԥсабаратә баҩхатәреи рзанааҭтә ҟазара разыҟазаашьеи рыла ишьақәдыргылеит аԥсуа милаҭтә драматә театр атрадициақәа. Аԥсуа театр иагәыцәхаз акорифеицәа, ахәаԥшцәа наӡаӡатәи рыбзиабара зцызаауа: Леуарса Касланӡиа, Азиз Агрба, Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәба уҳәа. Ашәышықәса аҽеиҩшамҭаз иаарыҵагылаз абиԥара дырхаҭарнакын Аԥсны жәлар рартист Сергеи Виктор-иԥа Сақаниа. Уи, 1958 шықәса рзы Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт аҟны иҵара анхиркәша инаркны, ирҿиаратә биографиа иузаҟәымҭхо иамадан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр. Изгәакьаз аԥсуа жәлар рҟазара амаҵ аура иԥсҭазаара зегьы азкын, иааирԥшуан аҟыбаҩ ҷыда, аусуразы агәацԥыҳәара, ахамеигӡара.
Атеатри акинои иналукааша аԥсуа актиорцәа ируаӡәкыз Сергеи Сақаниа 50 шықәса инарыцны аус ахьиуаз, Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҟны ибаҩхатәра ааԥшит адраматә ҟазара еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны. Иԥсы ҭанаҵы, амилаҭтәи, адунеитәи литературақәа рыклассикцәа рпиесақәа рыла иқәыргылаз еиуеиԥшым аспектакльқәа рҿы дыхәмарит 60 инареиҳаны арольқәа. Аха еиҳарак ибаҩхатәра ахьааԥшыз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Б. Шьынқәба, Р. Џьопуа, А. Мықәба уҳәа егьырҭгьы рҩымҭақәа рыла инаигӡоз ахаҿсахьақәа рҟны ауп.

Сергеи Сақаниа илагала рацәоуп, иара убас, амилаҭтә сатиреи аиумори ржанр ашьақәгылараҿы. Иахьа Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филормониаҿы, иаҳхысыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы иаԥҵахаз аминиатиурақәа ртеатр «Чарирама» анеиҿкааха инаркны, уи ахадаратә еилазаара шьақәзыргылоз еицырдыруа актиорцәа: Амиран Ҭаниа, Мажара Зыхәба, Хәыта Џьопуа, Чынчор Џьениа дыруаӡәкын.
Илшамҭақәа маҷмызт жәлар рартист асахьаркыратә фильмқәа рҟны еиуеиԥшым арольқәа рынагӡараҿгьы. Иаҳҳәозар, Шь. Аџьынџьал иҩымҭала иаԥҵоу «Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал», Б. Шьынқәба иҩымҭала иҭыху «Хҭырԥа шкәакәа», Ф. Искандер ирҿиарала «Анапыхьараџь» уҳәа иҵ.
Сергеи Сақаниа актиор ибаҩхатәра анаҩсангьы илан аразра, ақьиара, ауаҩы иеилкаара, ицхыраара, иџьоушьаратә аиумор, алахҿыхра уҳәа реиԥш иҟоу ауаҩытәыҩса ихаҭаратә цәаҩа бзиақәа.
Иара изы зегь реиҳа ихадоу ҳамҭан ахәаԥшцәа рыбзиабара. Уи ззанааҭ бзиа избоз, ҭакԥхықәра ҳаракыла иназыгӡоз ҟаза дуун.
Ҳажәлар ргәалашәараҿы Аԥсны жәлар рартист Сергеи Сақаниа даанхоит дҵеи хатәраны, зҟазара ала аԥсуа профессионалтә театр зхыҽхәалаша, уи аҭоурых адаҟьақәа зырҭбааз, наӡаӡа зыхьӡ ԥшьа анхало хаҭараны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me