Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анапынҵақәа рынагӡаразы

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аиҳабыра Раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, Аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны.


Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз Аиҳабыра рықәҵарақәа, рыдҵақәа ирынагӡашьоу, иара убас ҿыц еиҿкаау Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрра ашьақәыргылара азҵаарақәа.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла, Аԥыза-министр Аиҳабыра рнапхгара рнапы ианиҵеит ирыдыркылахьоу ақәҵарақәа рынагӡара иазку аусура хдыркәшарц, Ахада иҟны иҟалараны иҟоу аицәажәара ашҟа ихаҭәаау аинформациа аздырхиарц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me