Сентиабр ҩеижәиааба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара. Аиҧылара мҩаҧысит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача аҟны. Ареспублика Беларус Ахада иҧылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, Алеқсандр Григори-иҧа! Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәеит 1996 шықәса ианвар мзазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алахәцәа – аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи…
Ихыркәшахеит сентиабр ҩеижәиааба рзы Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы имҩаҧысуаз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара. ашьҭахь уи ахҳәаа азыҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш аҳаҭыр азы Урыстәылатәи Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала. Ашәҟәы аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидыркылоит аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи. Урыстәылатәи Афедерациаҿы интересс ирымоуп исуверентәу Аҧсны иқәынхо ажәлар нхозарц иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарраҿы».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me