Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анарха аиур…

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауааҧсыра рыҩ­нуҵҟа амобилтә еимадара даара анырра ҟанаҵоит. Хәыҷи-дуи рзы зда ҧсыхәа ыҟам «ҧсҭа­заарак» иаҩызахеит. Ииашоуп, аҭел ауаҩы иусқәа даара иарман­шәалоит, аха мыцхәы амобилтә телефонла  ацәажәареи асоциалтә ҳақәа иаарҭымҵкәан аамҭа агареи, ахәыҷы иакәым, адуцәагьы ирҧырхагоуп.

Иахьа аӡәгьы изы имаӡам, хаҭала, ашколхәыҷқәа,  аиҵбыратә класс аҟны аҵара зҵо инаиркны, зегьы  неибы­неиҧшны даара зыхә ҳараку, ҳаамҭа иақәшәо амобилтә ҭелқәа шныҟәырго. Урҭ рҭаацәарақәа ахьмалуаау, зыхә ҳараку амобилтә ҭелқәа рыхшара рзаахәара ахьрылшо бзиоуп, аха убри аамҭазы ицәырҵуеит даҽа зҵаатәык. Иабанӡахәарҭоу, ихымҧадатәумашь уи амобилтә ҭел ашколхәыҷы изы?!

Мап! Зегь раҧхьаӡагьы, амобилтә ҭел ахәыҷы иҧырхагоуп, иҵатәхәқәа рҵараҿы аамҭа ицәагоит, дахнагоит, аҵара  дацәх­ҟьоит, дыбжьнахуеит. Уи инаҷыданы, акласс аҟны амобилтә ҭел ахархәара, аҵаҩы иеиҧш арҵаҩгьы  илҧырхагахоит. Амобилтә ҭел зхы иазырхәо ахәыҷы дӡырҩырц азы аамҭа иқәырӡтәуп, иҭел  ҧхьеикырц иабжьалгароуп. Ажәакала, амобилтә ҭел акласс аҿы зхы  иазырхәо ахәыҷқәа рҿы, арҵаҩы атема ҿыц ишахәҭоу анагӡаразы илҧырхагоуп, мыцхәы лаамҭа агоит.

Изныкымкәа аимак-аиҿак зхылҿиаахьоу ари атема иахьагьы аҿиара  амагәышьоуп.

Убри инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа абзоурала раҧхьаӡа акәны Аҟәатәи абжьаратә школқәа рырҵаҩ­цәеи аҭаацәеи алархәны имҩаҧган аилацәажәара.

«Ҩышықәса раахижьҭеи аҵара апроцесс аҟны даара ауадаҩрақәа ыҟан, адунеи зегь зымҽхазкыз апандемиа амшала. Арҭ  ашықәсқәа рыҩнуҵҟала еиҿкаан онлаин-урокқәа. Ҳәарада, уи ахархәара абзоурала аҵара апроцесс еихымсыҕькәа ицон, иацырҵон, аха уи ахархәараан изхьымӡаз, ирцәыбжьахазгьы акыр ыҟоуп. Уажәы, ҳзышьцылоу, иаабац акласстә урок амҩаҧгараз аҭагылазаашьа аныҟала, акласс аҟны  ахәыҷқәа амобилтә ҭелқәа  рхархәара аҭыҧ аиуит, уимоу, аҧырхага  ҟанаҵоит. Амобилтә ҭел ахәыҷы  иныҟәимгарц зҳәо Азакәан, ҳәарада, иҟам, аха, ҳара иҳаӡбеит, аҧсыуала, ҳаҭырла, уаҩышәала аҳәарак аҳасабала аҭаацәа – рыхшара хаҭала, акласс аҟны амобилтә ҭелқәа рхы иадмырхәаларц, уи азы  ирылабжьарц. Уи аҵара апроцесс ишаҧырхагоу», –лҳәеит Аҟәа  ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылҧҳа ҳаиҿцәажәара  аан.

Уи лажәақәа рыла, урҭ лассы-лассы Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ахәыҷбаҳ­чақәеи ашколқәеи рҟны агәаҭарақәа  мҩаҧыргоит.

Ҳаиҿцәа­жәараан Асҭанда Ҭаркьыл-ҧҳа иазгәалҭеит «азанааҭтә классқәа» ҳәа  изышьҭоу рҿы, еиуеиҧшым амаҭәарқәа: аҧсуа бызшәа, аҭоурых, аматематика, ахимиа, афизика, абиологиа уҳәа рыла ишеиҿкаау. Иалагалоу акласстә сааҭқәа ирзоужьуп  мчыбжьык 4-сааҭк. Инаҵшьны иазгәалҭеит, хаҭала, амаҭәар «Аҧсуара» ишазыҧҵәоу мчыбжьык ахьтә акласстә сааҭқәа ҩба.

Ҳаиҿцәа­жәара хыркәшо уи дазааҭгы­леит, аҧхьаҟа акымкәа-ҩбамкәа, ашкол­хәыҷқәа злахәу еиуеиҧ­шым аицлаб­­рақәа, аконкурсқәа рымҩаҧгара шазҧхьагәаҭоу.

Аиашазы, аҵара апроцесс аҟны ихымҧадатәиуп еснагь аҿыц алагалара, аҵара апроцесс иацхраауа, изырбеио аҧшаара. Уи  рҽазыршәоит Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа  аусзуҩцәа изларылшо ала. Рлагала ҿыцқәа анарха роур, аҵара апроцесс иахәоит, хаҭала, амобилтә ҭел иадҳәалоу аҧшьгамҭа зынӡа ишьахәуп, ишахәҭоу ирыдыркылар.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me