Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашьхаруаа ршкол 160 шықәса ахыҵит

 

Cынтәа 160 шықәса ахыҵит Н.А.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи Ашьха­уаа ршкол. Хыҧхьаӡара рацәала амилаҭтә кадрқәа еиҵанааӡахьеит. Ашкол есымшагьы иадҳәалоуп атәыла аҭоурых, уи иқәынхо ажәлар рыҧсҭазаара, ргәеисра.

Сынтәа ажәабатәи Ашьхаруаа ршкол аиубилеи иақәшәеит ҳара ҳиааира ду 30 шықәса ахыҵра. Машәыршәа иҟалаз акы акәым, Аҧсны ахақәиҭра азаагараз ари ашкол аушьҭымҭацәа 56-ҩык ҳҵеицәа рхы ахьақәырҵаз.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿгьы Аҧсны ахьӡ ҭызгаз Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ашьхаруаа ршкол даушьҭымҭан. Уи Владимир Ҳаразиа иоуп. Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла нахыс, аҧсуа жәлар аҵаралашарахь амҩақәа рзаазыртуаз, зхы-зыҧсы иамеигӡа ҧсыцқьала зыжәлар ирзааҧсоз арккаҩцәа иреиуан: Д.Гәылиа, А.Ҷоҷуа, С.Ҷанба, С.Басариа, Ф.Ешба, П.Шьаҟрыл, К.Ӡиӡариа убас аӡәырҩы.

1922 шықәсанӡа ари ашкол напхгара азиуан Д.Аланиа, уинахыс Кондрат Феодор-иҧа Ӡиӡариа. Рыцҳарас иҟалаз, зыжәлар рыбла хтыраз аџьабаа ду збаз Кондрат Ӡиӡариа арепрессиа ашықәсқәа рзы харада ахара идҵаны дахыган, нас дыриашан, аха уи азалымдара изааннажьыз игәамбзиара иахҟьаны декабр мза 1943 шықәсазы Қарҭ иҧсҭазаара далҵит, анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Лыхны. К.Ӡиӡариа ишьҭахь ашкол напхгаҩцәас иҟан: Н.Гериа (1937-1938ш.), К.Камлиа (1939-1941ш), К.Шершериа, В.Ҭарба, А.Аршба, Г.Чыкәбар, М.Гәбаз, В.Кетиа, ҳәарада, арҭ зегьы алагала ду ҟарҵеит 10-тәи ашкол ҧхьаҟа агаразы, абиҧара бзиа реиҵааӡаразы.

Сынтәа Ашьхаруаа рышкол 160 шықәса ахыҵра азгәаҭара хацыркын иара ашкол ашҭаҭбааҿы, ашкол ашҭа дырҧшӡон иахьа 1909-ҩык зхыҧхьаӡара наӡо аҵаҩцәеи, асасцәеи дахьқәеи. Уи ашьҭахь аныҳәа иацҵан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы. Арахь иааит: Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аҵара аминистр Инал Габлиа, ашкол аушьҭымҭацәа, ауаажәларра.

Аныҳәатә хәылҧазы мҩаҧылгон атележурналист Лана Аҧшьлаа. Аныҳәа хацыркын Аҧсны Агимн арҳәарала. Адныҳәаларақәа ҟарҵеит аҵара аминистр Инал Габлиа, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, 10-тәи ашкол аушьҭымҭацәа Иракли Хынҭәба, Есма Џьениа-ҧҳа. Аныҳәатә хәылҧазы иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭраз иҭахаз Ашьхаруаа ршкол аушьҭымҭацәа. Иара убас, идырбан Шьалуа Инал-иҧа игәалашәарақәа авидео ала. Идырбан ашколхәыҷқәа еиҿыркааз аконцерттә программа. Аҵаҩцәа ҟазарыла ирыҧхьон ажәеинраалақәа, инарыгӡон аҧсуа кәашарақәа.

Аҵыхәтәаны ирылаҳәан агәыҳалалратә акциа, уи азкуп Ашьхаруаа ршкол аиҭарҿыцра. Жәытә-натә аахыс ашкол ацхыраара азыҟарҵон зыжәлар рҧеиҧш иазхәыцуаз, зҵеира рҵаралашара аихаҳара иашьҭаз аҭаацәа, аҩызцәа, аҭахцәа. Иахьагьы ус шакәхо агәра ҳгоит.

Аныҳәатә хәылҧазы хыркәшо, 10-тәи ашкол аҵаҩцәа инарыгӡеит ршкол иазку агимн.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me