Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амузеиқәа рыҵх

Ишаҧу еиҧш, маи 18 рзы жәларбжьа­ратәи амузеиқәа рыҵх азгәаҭара иамшуп. Убас ари амш азы Аҧсны амузеи­қәа зегьы рҿы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭон. Амузеиқәа ирҭаауеит ашкол хәыҷқәа, аҵарауаа, ауаажәларра, агәаҳәара змоу зегьы.

Егьырҭ амузеиқәа зегь рҟны еиҧш, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаҭааит ашкол хәыҷқәеи ауаажәларреи.

Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа амузеи аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдныҳәало иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ирылшо зегьы ахьыҟарҵо, рус ҭакҧхықәрала иахьазнеиуа аҭоурыхкультуратә ҭынха аиқәырхаразы. Иара иазгәеиҭеит, сынтәа аҳәынҭқарратә музеи 107 шықәса шахыҵыз. Уи ашықәсқәа ирҭагӡаны есымшааира аҿыцрақәак, аҭоурыхтә ҟазшьа змоу амаҭәарқәа иҧшааны аҵәахразы дара рахь ишнарго. Амузеи еиуеиҧ­шым аекспедициақәа мҩаҧнагоит археологиа аганахь ала. Иара убас иҟоуп амузеи аҩныҵҟа аҟәшақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп ҳаамҭатәи аҭоурых аҟәша, мамзаргьы аҧсабаратәи аҟәша. Есымшааира, хыхь ишҳәоу еиҧш, ихаҭәаауеит аҿыцрақәа рыла арҭ аҟәшақәа. Аха шықәсыла еизгоу аҿыц маҭәарқәа зегьы цәырганы иӡырыргартә еиҧш аҭагылазаашьа рымам. Амузеи аҟны иҟоуп ҧшьы-ҟәшак, урҭ зегьы иааиҧмырҟьаӡакәа аус руеит. Иӡыругаша, узыхцәажәаша амаҭәарқәа даара ирацәаны иҟоуп.

Иара иҳәеит, ааигәа аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала Аҧсны зҽаҧсазтәыз аусзуҩцәа ҳәа ахьӡ шрыхҵаз. Урҭ рхыҧхьа­ӡа­раҿ иҟоуп: Клара Гьерзмаа, Таисиа Аланиа, Инга Шамба, Диана Ахба, Белла Қьецба. Урҭ напеинҟьарыла ирыдныҳәало, Аҧсны акультура аминистрра аҟынтәи ашәҭ шьыҵәрақәа дыркын.

Анаҩс амузеи аҿы иҟоу археологиа аҟәшахьы ииасит аҭааҩцәа. Уаҟа Диана Ах-ҧҳа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо еизаз, ирзеиҭалҳәеит ахьи араӡыни ирылху амаҭәарқәа шӡыргоу. Уи ахәбатәи ашәышықәса ҳара ҳера ҟалаанӡатәи аамҭахь ишаҵанакуа. Иӡыргаз амаҭәарқәа ҧшаан Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы. Иӡыргаз амаҭәарқәа зыҧшааз иреиуоуп Михаил Ҭраҧшь, Георги Шамба, Иури Воронов, Михаил Гәымба, Сергеи Шамба убас ирацәаҩны. Лара иазгәалҭеит археологцәа рыдагьы, анхаҩцәа ибаны имҩахыргаз амаҭәарқәагьы ишӡыргоу. Уаҟа иӡырган араӡын иалхыз амонета Византиа иатәу, ажәеизатәи ашәышықәса иаҵанакуа, ианыз аҩыра еиуан «Анцәа ҳуҳәоит Христе, аҧсуа ҳәынҭқар Баграт дшәыхьчала» ҳәа.

Анаҩс амузеи аҭааҩцәа рны­ҟәара иацҵан егьырҭ аҟәшақәа рахь.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me