Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адоуҳамч иазымхьчо – анарха имаӡам

«Сгылеит ҳәа иҩаҵыззаны зхы узырдырыз, мамзаргьы зықәгылараҿы аҧсшәаҳәара, ҳдоуҳатә хаҿра иашьаҭоу хатәы бызшәала гхада иззымҳәаз, уи хныҟәгага мыругак аҳасабала зыхдырра иаднакылахьоу ауаҩы, хыншьалара змам, џьара зхәы ҭазмыжьуа иоуп.

Аҳәынҭмаҵурауаа рҿаҧхьа, насгьы ажәлар рымаҵ аура зҭакҧхықәроу иреиуоу рахьтәгьы ус ҟазшьас ишьҭызхыз, ирызгәамҭаӡакәан даҽа «мчрақәак» ирқьаҳиацәахоит, рхықәкы хадагьы ишакәхалак, акагьы хәынгамшьакәа, ахныҟәгара мацара акәхоит.

«Илоуҵаз ауп иааурыхуа». Ҳазшаз имҭан иумҧыхьашәаз «лоуҵар» изырҕьацаша аамҭа бзиа ауп ҳәарада. Џьоукы рыбзиа – егьырҭ рыцәгьа, урҭ рышьхәа еивҵазароуп еснагь. Иаиааиуа еиҳау ауп, еиҳау ажәлар ҳаиҳараҩык ҳзықәшаҳаҭхо акәзароуп. Ус иҟан жәытә аахыс, ус иҟазароуп иахьагьы, анаҩсгьы.

Иахьа ашәышықәса ҿыц ахҧатәи ажәашықәса ҳанану, ажәлар рыхдырра, рҟазшьа, рцәаҩа шхазхахьоу еилкаатәуп. «Уара уанҟәыҕахоз сара аҟәыд сҭәаҭәозма» ҳәа, аҿаҿы ирымҳәозаргьы, агәаанагара рмоуртә еиҧш уажәа зықәку. Ҳҧеиҧш лаша азнеира амҩа есымшааирагьы ишьақәҳарҕәҕәаларц, уи ҧырхага амҭакәа иманшәалахаша азнеишьақәа ҧшаалатәуп, зегьы ирыцкны аргәыҕрақәеи амцҳәарақәеи мап рыцәкны, иҟоу шыҟоу аиаша рызнагалатәуп ажәлар, ргәы казмыжьша аҳәашьа ала.

Ааи, аҳәатәы змоу, аҳәашьагьы здыруа…

Ҵабыргуп, аҽы иақәтәоу аҕәра иара дақәиҭны икызароуп, аха убри аан дызхыҧар амуа акәзароуп, «аҧҳалҟаҵаҩ иахьиҭаху амаа аиҭар шалшогьы», хаҭала иара имароуп ҳәа аҵаҿы аҭашьа шамам аҵакы.

Ишдыру еиҧш, аҧшацәгьа ашьҭахь ааха зауз аҧсабара акыраамҭа ашьара изықәлом, ус ҳахьзар акәхап ҳаргьы. Жәларык ҳхьаа жәларык ҳаргәамҵуеит, аха уи ахәшә, аҧсцәаҳа ихәшә еиҧш, ҳара ҳхаҭақәа ҳҟноуп иахьыҟоу. Иарбан ҭоурыхтә ӡыбларазаалак ҳажәлар алнагон ҳдоуҳа амчи ҳадгьыл ҧшьа амчи рхеибарҭәаара. Баша ирҳәом, «Адоуҳамч зцым амал аҩсҭаа ичысхәуп» ҳәа. Аха, ирыцҳарахаз, убри «аҩсҭаа ичысхә» акәхеит иахьа ҳауаажәларратә бзазараҿы ҧыжәара заҳҭо ҳалагаз, жәпаҩык ҳчынуаагьы нҳаҧхьагыланы.

Зымгәа хәыцра ҧыжәара азҭаз аҧсыҟьашь қымқымқәа рхыҧхьаӡара еизҳалацыҧхьаӡа, ҳажәлар иҧшьоу рдоуҳа аӡыхь хәашьхалоит, уи, ҳәарада, изызҳауа абиҧарақәа ҕәҕәала ирнымҧшырц залшарым…

Иабанӡашьҭибахуеишь ҳгәыҕреи ҳҧеиҧши?!

Арҟәышга ажәақәеи инаҧынҵоу ахшыҩрҵарақәеи ауаҩы дырзааӡом, адоуҳа амч ахархәара еиҳазароуп. Убри аҟнытә, ҳажәеи ҳуси еимаданы, урҭ ҳхықәкы анагӡара ҵабыргыла иазынархазарц, иҳәаны ҳхәыцуа акәымкәа, ҳхәыцны ҳцәажәо ҳшьаҿақәа еихаагалап.


 Ахра Анқәаб,

аредактор хада

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me