Аԥсны ахи-аҵыхәеи Егры инаркны Ԥсоунӡа иазгәарҭоит Абираҟ амш. Аԥсны араионқәа зегьы рҟнеиԥш, ари амш азгәарҭеит Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿ еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Еизаз, еиҳарак ҳасасцәа, аԥсшьаҩцәа рыбла хыркуан аԥсуа милаҭ маҭәа рышәҵаны, Аԥсны абираҟқәа рхашәыршәыруа ашҭа ҭзырҭәаауаз аҿар. Уантәи ҳбираҟқәа ҳаракны икны шьаҿеиқәшәала, инеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ашҭахь. Уаҟа еиҿкаан Аԥсны…