Аԥсны ақыҭа нхамҩа аҿиараҿы иарбан лагалоу иамоу Ақыҭанхамҩатә институт, хықәкыла иугозар, уи иаҵанакуа алабораториа? Иарбан усуроу иахьатәи аамҭаз инанагӡо, иадҵаалома анхацәа, лшарақәас иамоузеи, насгьы аибашьра ҟалаанӡа иамаз ахԥша зеиԥшраз еилаҳкаарц ҳаҭааит аҭҵаарадырратә лабораториа.
Баӷбаран иҟоу алабораториаҿы аус руеит ҩажәаҩык рҟынӡа аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Ҳара даҳԥылеит агрохимиа аҟәша аиҳабы Светлана Гадлиа. Лара араҟа аус луеит 1978 шықәса инаркны, даныстудентыз аахыс. Светлана анышәҭҵаара аганахьала лҵара хлыркәшеит Ростов, аспирантура дҭалеит, аха дзалымгеит ҳаибашьра иахҟьаны. «Аӡә дсазҵаар, ак иасҳәартә сыҟоуп макьана» лҳәоит длафуа Светлана. Лара зегьы иреицәаз аамҭақәа рзгьы, аибашьра ашьҭахь, лус аанылмыжькәа абри алабораториаҿы дыҟоуп.
Ақыҭа нхамҩа аинститут алабораториаҿы ҳаннеи аамҭазы Светлана агеран абыӷьқәа ирылхны ахәша ҟалҵон. Аиаша уҳәозар, ахәша ҟазҵоз амаруга ҷыда акәын, лара еиҵаҵаны амца иахалыргылеит. Ауатка андыршуа еиԥш, цәыкәбарла ахәша еизылгон, аха аамҭала ари апроцесс акырӡа иадхалоит. Аефиртә хәшақәа злыҵуа аҵиаақәа рааӡоит алабораториа иаҵанакуа ааӡарҭаҿы.
«Агеран, араҳана уҳәа иҳамоу зегьы уажәшьҭа иҭагалатәуп. Аҵиаақәа рыхәҵәқәа ҳҵәахуеит ҽааны еиҭаҳҳарцаз, амахәҭақәеи абыӷьқәеи ахәша рылаҳхуеит. Агеран аҟынтә аефиртә хәша амедицина, апарфиумериа, ахәыҟаҵараҿы уҳәа ихәарҭоуп», иҳаиллыркаауеит Светлана.
Лара ҳналгеит ахәшақәа ахьҭагылаз ашьқаԥ ахь, уаҟа агеран иалхыз ахәша адагьы, илыман араҳана, адаԥа, арозмарин иалхны иҟаҵаз. Дара зегьы акакала иааҭганы ҳрыфыҩуан. Светлана илҳәоит, Урыстәыла аконференциақәа рахь ааԥхьара анрымоу, русура зыршаҳаҭуа акы акәны ахәшақәа уахь ишырго. Аҵарауаа даара ирызҿлымҳауп урҭ, «иҳаҩуа иашьҭоуп» ҳәа азгәалҭоит лара. Аибашьра ашьҭахь алабораториаҿы аефиртә хәшақәа злыҵуа акультурақәа зегьы еиқәырхо иахьа уажәраанӡа иааргоит.
«Ахәшәақәа акосметика ҟазҵо рзы даара ихәарҭоуп. Ааигәа Аԥсны ицәырҵит анаплакы, аефиртә хәшәақәа ҟазҵо. Уи аусура ианалагоз аусзуҩцәа алабораториаҿы иааины аҵиаақәа ахәша шрылхтәу апроцесс ҭырҵаауан. Иҳамаз аинформациа зегьы раҳҭеит. Даара акрааҵуан аефиртә хәшақәа ирылхны ҳтәылаҿы ак аҟаҵара иалагарц ҳҭахижьҭеи. Дара рхатә плантациақәа аԥҵара ргәы иҭоуп. Ахәшақәа рхы иахьадырхәо ахырхарҭақәа рацәоуп аҟынтә изҭахугьы рацәаҩуп», - лҳәоит Светлана.
Иҳәатәуп, асовет аамҭазы Аԥсны аефиртә хәшақәа раарыхра аус ибзианы иҿианы ишыҟаз. Тамшь, Гәылрыԥшь, Гал аус руан азауадқәа. Аҵиаақәа раарыхразы иаԥҵан аплантациақәа. Агеран, агәил, аевкалипт уҳәа афҩы хаа зхылҵуа асубтропикатә ҵиақәа рыҿиаразы ҳтәыла аҳауатә ҭагылазаашьа даара ианаалон.
Алабораториаҿы аҵиаақәа ахәша анрылырхлак ашьҭахь, иҵәыӷьаз абыӷьқәа ауац иаҩызахоит, анышә азы ихәарҭоуп. Ашәҭқәа аншуа ирыҵыҵуа аӡы, гидролат ҳәа изышьҭоу, уигьы хәарҭоуп. Ухы-уҿы, ухцәы алауҿышыр ҟалоит, Светлана лхаҭагьы аҩныҟа илгоит. Абзазараҿы лхы иалырхәоит.
Алабораториаҿы ахәшақәа рыҟаҵара аус инаҷыданы иҭырҵаауеит анышә. Ақыҭанхамҩатә культурақәа рыҿиараҿы дара ахьықәиаауа анышә злашьақәгылоу адырра акырӡа аҵанакуеит. Убри аҟынтә аплантациақәа реиҿкаара згәы иҭоу ауааԥсыра анышә аҭҵааразы алабораториахь иааргоит́.
Анышә ақәырԥшыга анализ аҟаҵара иалагаанӡа еилыхтәуп. Адацқәа, ахаҳәқәа, аҳаскьын уҳәа, агәам-сам алырхуеит. Нас иара ибзианы иҿырпны, алыхәҭа гәӡа икылырхуеит. Светлана алабораториаҿы ирмазеины илымаз анышә, аинститут иаҵанакуа абаҳча аҟынтә иааган. Иара убри алагьы иаҳлырбеит, анышә зхысуа апроцессқәа зегьы. Агронџьныртә факультет аҟынтә аԥышәа иахысуа астудентцәа анлымоугьы, ари аус длырҟаҵоит. Анышә анырхәлак, аколбақәа ирҭаԥсаны, еиуеиԥшым ареактивқәа аҭаны уахык иаанлыжьуеит. Адырҩаҽны аҭҵаара далагоит, иалоу амаҭәашьарқәа гәаҭаны, иагу еилкааны, анхацәа, ма анаплакҩцәа абжьгарақәа рылҭоит, адгьыл чашәхартә еиԥш иаҭатәу аҵәҵәырақәа длырдыруеит.
Светлана илҳәоит, Аԥсны иҟоу адгьыл хкқәа зегьы шыҵәҵәу, убри аан дара рыԥшшәқәа еиуеиԥшым. Хыхьтәи аҿыгҳараҿы иҟоу еиқәоуп. Алада улбаацыԥхьаӡа анышә цәышхоит. Еиҳарак ҳадгьылқәа нышәҟаԥшьыла ишьақәгылоуп, анаҩс иуԥылоит анышәҩеижь, адгьылцәыш, аԥслымӡ злоугьы убап.
«Аԥсны иҟам адгьыл хкқәа маҷуп, анышәеиқәаҵәа уахь иналаҵаны. Егьырҭ зегьы ара иубоит. Убри аҟынтә, ҳтәыла адгьыл хкқәа рацәаны иахьуԥыло ҭыԥны ирыԥхьаӡоит адгьылҭҵааҩцәа. Аԥсны атундра дгьылқәаҵәҟьагьы ҳамоуп. Иџьашьатәуп, аха агәылацәа ахьеиланхо рыбжьара анышә еиԥшымзар ҟалоит. Ҳадгьылқәа, аԥсабара иазааигәоуп. Иаҳҳәап, Израиль шықәсырацәала анышә арҵәыгақәа рыла идырбеиоит, уажәшьҭа иара иԥсабаратәым уҳәар ҟалоит, ҳара ҳтәқәа ракәзар, аԥсабара ишыҟанаҵаз еиԥш иҟоуп. Убри ауп араҟа изызҳауа акультурақәа даҽа гьамак зрымоу.
Ацитрус, ажь, уҳәа ашәырхкқәа зегьы рыԥшреи ргьамеи аҽакуп. Урҭ «зыԥсы ҭоу агьама» рымоуп уҳәар ҟалоит», - еиҭалҳәоит Светлана.
Анышәҭҵааҩцәа ражәақәа рыла, ҳадгьылқәа ӷаруп, есаамҭа ацхыраара рҭахуп. Анхацәа адгьыл ҿыцқәа еиҳа иԥсылоуп ҳәа иршьоит, аха уи аамҭалоуп. Ҩба-хԥа шықәса аҽаҩра бзиахалоит, нас иара уацхраароуп, арҵәыгақәа, ауац уҳәа аҭалатәуп.
Алабораториаҿы ирыдыркылоит анхацәа рҟынтә анышә аҭҵааразы, амала уи аԥара ахшәаатәуп. Аспециалистцәа русураҿы ирҭахуп ахимиатә реактивқәа, алабораториаҿы урҭ рыда аус узуӡом. Дара Аԥсныҟа раагарагьы иус мариам.
Адгьыл чашәхарцаз, аҽаҩра бзиа ҟаларцаз, ибеиазароуп аҵәҵәыра, азот, афосфор, акали рыла. Алабораториаҿы игәарҭоит абарҭ ихадаратәу аелементқәа рыҟазаара.
«Иааргаз анышә ахкы аҟынтә ҳара ирыдаҳгалар ҳалшоит аарыхразы иаҳа ианаало акультура, мамзаргьы дара еиҭарҳарц ирҭаху ала адгьыл иагу раҳҳәоит. Убри ашьҭахьгьы хәышықәса абжьгарақәа раҳҭоит», - лҳәоит аҭҵаарадырратә усзуҩы ҳаиҿцәажәараҿы.
Аџьықәреи аарыхраҿы анхацәа зышьцылахьоу акәны иҟоуп аселитра аҵаԥсара, аха уи инеибеиԥшны зегьынџьара аҭара аҭахым. Уеизгьы иҵәҵәу анышә еиҭа аселитра еиԥш иҟоу арҵәыга анарҭалак, аҽаҩра
Иахьаҭахыҵәҟьоу ааҵәак аахәаны гектрак адгьыл иаздырхоит, уигьы ииашаӡам. Усҟан абӷьы иаҵәахоит, аџьықәреи ахаҭа хәыҷхоит. Светлана илҳәоит, анхацәа абжьгарақәа рыҭаны иахәҭоу зегь аныҟарҵалак, гектарк аҿы жәаба-жәаҩа тонна рҟынӡа аҽаҩра шроуа, хәба-фба рнаҭаргьы ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Алабораториаҿы иҟоу амаругақәа зегьы асовет аамҭа иатәуп, аҭҵааратә усурақәа зламҩаԥырго аӡҭрақәак рыда, уи ахылҿиаауеит русура ахырхарҭагьы. Ажәакала, ирымоу иалнаршо ауп иҟарҵогьы. Светлана Гадлиа лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭа иақәшәо амаругақәа рымазҭгьы, адгьыл иалоу ауаа ирзеицәоу, ихьанҭоу аметаллқәа ргәаҭара рылшарын. Лара иазгәалҭоит, иаҳа инарҵаулан анышә анализ аҟаҵара иаҳа ишхәарҭахоз.
«Иаҳҳәап, амикроелементқәа адгьыл иаламзар, арахә ирфо ашьац аҟынтә ироуӡом хра злоу амаҭәашьарақәа, урҭ рзымхара ачымазарақәа цәырнагоит. Анхаҩы еилкааны имазар идгьыл иалоу ихәарҭам аелементқәа, арахә ириҭаша авитаминқәа идыруан», - лҳәоит лара.
Иџьашьатәуп, анышә аҭҵаара мацара заҵәык, шаҟа ихәарҭоу. Уи адырра иалнаршауа ақыҭа нхамҩа аҿиараҿы. Иахьа ас еиԥш анализ ахьыҟарҵо Аԥсны абра заҵәык ауп. Аҳауа аҽшеиҭанакуа ала, анышә адагьы иҭҵаалатәуп аҵиаақәа рбыӷьқәа, рдацқәа, рышәҭқәа, аха араҟа ус еиԥш алшара ыҟам. Светлана илҳәоит, аҭҵаарадырратә ус инаваргылан ихадароу аԥышәагьы. Иҭырҵаауа зегьы аԥсҭазаараҿы ахархәара анамаиу, аҭҵаара аус ԥхьаҟа изцаӡом.
Аԥсны илауҵалак зегьы аауеит ҳәа иҟоу агәаанагара ииашам. Ҳәарада, иҟоуп аҵиаахкқәа ҳҳауа иаҳа ианаало, аха урҭгьы аҽаҩра бзиа урҭарцаз, адгьыл ишахәҭоу «акраҿауҵароуп». Ишакәхалакгьы, иарбан культурақәоу ҳтәылаҿы иаҳа аҿиара бзиа змоу ҳәа Светлана ҳанлазҵаа, абас аҭак ҟалҵеит:
«Ацитрус шәырқәа зегьы даара иаҳнаалоит, урҭ инарывагылоит аефиртә хәшақәа злыҵуа акультурақәа. (Урыстәыла иганы иҭырҵаауан иҳауа ахәшақәа, дара ирылоуп хра злоу амаҭәашьарқәа, уи ауп пату зақәырҵогьы.) Аԥш, аҷыркәа, ауҭраҭыхқәа зегьы ҳара ҳҿы иааурыхыр алшоит. Агәаӷь згәылоу ашәырҵлақәа – атама, аҵәа, абҳәа, аца, ҳадгьылқәа ирнаалом, ачымазарақәа шьҭырхлоит. Ихадоу, удгьыл зеиԥшроу удыруазароуп, арҵәыгақәа шаҟа аҭатәу еилкааны иумазароуп. Арҭ акультурақәа зегьы рааӡашьа аԥҟарақәа ҳамоуп, урҭ ирықәныҟәазар, алҵшәагьы бзиахоит», - иазгәалҭоит Светлана. Лара ақыҭа нхамҩа акультурақәа рааӡашьа аԥҟарақәа еиқәлыршәеит, аматериалқәа ркьыԥхьра гәҭакыс илымоуп.
Светлана алабораториаҿы имҩаԥырго аусура инаҷыданы ҳалгеит абаҳчахь, аҵиаақәа рааӡарҭахь. Иара аҳәаақәа асовет аамҭа аахыс аҽамԥсахӡеит, жәаҩа гектар адгьыл аҵанакуеит, аха усҟан еиԥш адгьылҵакыра зегьы акультурақәа рыла еиҭаҳам. Иахьа ааӡарҭаҿы ирымоуп еиуеиԥшым ашәҭқәа: алаванда, агеран, ирис, жасмин. Иара убас араҟа еизҳауеит аҭаҭын. Уи рааӡоит ажәла аиқәырхаразы. Ҩ-хкыкны еизҳауеит - самсуни верџьиниеи. Алабораториа аусзуҩцәа арҭ аҵиаақәа зегьы ирхылаԥшуеит. Аҳаскьын иамхәаҽырцаз идырхуеит. Аибашьра ашьҭахь, ауалафахәы анырмоуаз иҟарҵоз ауп иахьагьы изҿу. Ргәы еиззырҳауа акы акәны иҟоуп, ақыҭанхамҩатә культура ааӡараҿы русура ианазхьаԥшуа.
Альбина Жьиба

