АХҬЫСҚӘА

Ашколқәа рҟны аспорт рҿиалатәуп

2026 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра аусура мҩаԥысуан ашколтә спорт аҿиареи, аҵаҩцәа махәҿала разыҟаҵара аиӷьтәреи, еиҵагыло абиԥара арра-патриоттә ааӡареи рхырхарҭала.

Хшыҩзышьҭра аҭан ареспубликатә спорттә еицлабрақәа реиҿкаара, рырра-спо­рттә усмҩаԥгатәқәа, ашколхәыҷқәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхара, абаҩрҵәыразы арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара, аҵаратә еиҿкаарақәа рматериал-техникатә база арӷәӷәара.

Хықәкыла иуҳәозар, араионқәа зегьы рҟынтә хыԥхьаӡара рацәала ашколхәыҷқәа злахәыз ашк­о­лтә спорт аҿиара аларҵәара аганахьала еиҿкаан аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ рахьынтә иалукаар ҟалоит XIX ашколхәыҷқәа Рспартакиада. Иара еиднакылеит ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 1 238-ҩык аҵаҩцәа. Аицлабрақәа мҩаԥган 14 спорттә дисциплина рыла, амилаҭтә спорт хкқәагьы налаҵаны. Араионтә ҵара аҟәшақәа заанаҵтәи аиҿкааратә усура мҩаԥыргеит, иалахәыз рсиақәа шьақәдыргылеит. Аспартакиада иалахәыз заанаҵы аԥышәарақәа рыҭиразы алшара рыҭан. Араионқәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы анхареи акрыфареи рзеиҿкаан. Аспартакиада алҵшәақәа рыла актәи аҭыԥ ааныркылеит  аҟәаа, аҩбатәи – гаграа, ахԥатәи – гәдоуҭаа. Аспартакиада амҩаԥгара амассатә школтә спорт аҿиара, араионбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара, абаҩхатәра злоу аспортсменцәа раарԥшреи аҵаҩцәа инеиԥынкыланы абаҩрҵәыра аҽазыҟаҵарахь ирымоу аинтерес ашьақәгылареи иацхраауеит ҳәа иршьоит аҵара Аминистрраҿы. Абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Иракли Ҵурҵумиа иажәақәа рыла, Аспартакиада аиҿкаараҿы ауадаҩрақәа ыҟамызт.

«Инеиԥынкыланы зеижә шықәса имҩаԥысуа аусмҩаԥгатә иалахәу зегьы аԥышәа бзиа рымоуп. Ауадаҩра зхылҿиаауа иара аспо­рттә еицлабрақәа ахьымҩаԥырго аҭыԥқәа разымхара ахьыҟоу ауп. Ареспубликатә стадион иагу рацәоуп,  аспорттә ханқәа ракәзар, разымхара ыҟоуп. Аицлабрақәа аҳҭнықалақь аҿы мацара акәымкәа,  Аԥсны ахы-аҵыхәа еиҿаҳкаартә еиԥш алшара ыҟазҭгьы, иаҳа ибзиахон. Иласу атлетиказы аицлабра амҩаԥгара ицәырнагоит ауадаҩрақәа, аҩырҭатә мҩахәасҭақәа ахьыҟоу ареспубликатә стадион аҿы мацара ауп, аха иара уигьы аҭагылазаашьа ҽеим. Аҵәы ахьуршәуа аҭыԥ ыҟам. Аҟәа иҟоуп аспорттә хан, аха уаҟагьы еснагь аҽазыҟаҵарақәа цоит», - иҳәоит Иракли.  Иага ԥынгыла ыҟазаргьы, Аспартакиада мҩаԥысуеит есышықәса. Иара аамҭала аԥышәарақәа ирықәшәоит, аха аҵара Аминистрра Аспартакиада иалахәу ахәыҷқәа ирырҭоит алшара заанаҵы урҭ рыҭиразы. Уи азыӡбан ахәыҷы аспорти аҵареи рҿы ихы аарԥшра илшартә еиԥш. Аԥышәарақәа абжьааԥнытәиқәа реиԥш иарҭоит, аспорт  ԥырхага анаҭом.

Сынтәа Аспартакиадаҿы аиааира ргеит аҳҭнықалақь акоманда. Уи еилкаауп, Аҟәа аспорт азы аҽазыҟаҵарақәа рзы алшарақәа  еиҳауп. Амҵәышәымпыл, абокс, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аҟәа ахәыҷқәа еиҳа рҽазыҟарҵоит, аха иҟоуп адисциплинақәа аиааира ахьырзымго. Ашьапылампыл аҿы гәдоуҭаа актәи аҭыԥ ааныркылеит, ашахмат аҿы – ус. Очамчыраа ихьанҭоу атлетикаҿы рхы бзианы иаадырԥшит.

«Аҳҭнықалақьи араионқәеи рҿы имаҷуп аҽазыҟаҵарҭатә залқәа, аспорттә маҭәахәқәа рганахьалагьы ирыгу ыҟоуп, аха зынӡа акгьы рымаӡам ҳәа узҳәом. Сынтәа  аспорт аматериал-техникатә база арӷәӷәаразы 160 спорттә мпыл аахәоуп. Аха, ахан аныҟам, амаҭәахә мацара ухәаӡом», - иҳәоит Иракли.

Абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, ақыҭа школқәа зегьы рҿы аспорт аҽазыҟаҵаразы азалқәа зегьы аус руазҭгьы, ахәыҷқәа иаҳа аспорт иадыԥхьалахон.

«Аҿырԥшы бзиа ҳамоуп Кәтол. Ашкол аҿы еиҿыркааит абокс азы аҽазыҟаҵарҭатә уада. Уахь иныҟәо ахәыҷқәа аицлабарақәа рҿы ибзианы рхы аадырԥшуеит. Уи иаанаго убри ауп, ахәыҷқәа аҭагылазаашьа рзаԥҵазар аспорт рҽазыркыртә еиԥш, уахь инеиуеит. Алшара змоу аҭаацәа ақалақь ахь иргоит, аха ахара иҟоу ақыҭақәа рҿы инхо ус еиԥш алшара рымам», - иазгәеиҭоит Иракли.

Иааиуа ашықәс азы аҵара Аминистрра аплан ала, ақыҭақәа рҿы ашьапылампыли амҵәышәымпыли рыла имҩаԥгахоит ашколтә чемпионат. Уи хықәкыс иамоуп ақыҭа хәыҷқәа раалкаара.

«Актәи аетап мҩаԥгахоит араион аҿы, ақыҭақәа рыбжьара. Уаантә иалкаахоит еизгоу акоманда, анаҩс араионқәа рыбжьара афинал еиҿкаахоит. Ари ззырхахо ақыҭаҿы абаҩрҵәыра иаҳа хшыҩзышьҭра аҭароуп».

Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи 31-ҩык абаҩрҵәыра арҵаҩцәа ААУ аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аизырҳареи реиҭазыҟаҵареи Рцентр аҿы реиҭазыҟаҵара иахысит. Ирацәаҩын аҿар, аха ашкол аҿы аусура зегьы ирҭахым, иҳәоит Иракли, иҟоу ауадаҩра атәы далацәажәауа.

«ААУ иалго рахьынтә аиҳараҩык спортсменцәоуп. Дара аспорт ахь рхы дырхоит. Ҳара абаҩрҵәыра аганахьала зҵара хзыркәшаз, ашкол аҿы дааины аус иуртә еиԥш алшарақәа изаԥаҳҵоит. Иахьазы ашколқәа зегьы рҿы абаҩрҵәыра мҩаԥысуеит, аха арҵаҩцәа разымхара ҳныԥшуеит. Гагратәи ашкол аҿы аус руеит ҩыџьа, аха уигьы маҷуп фышәҩык ахәыҷқәа ахьыҟоу. Аӡә ашкол аанижьыргьы иаразнак даҽаӡә иԥшаара иалагоит ашкол анапхгаҩцәа. Аҭагылазаашьа хырҩа арҭауа иҟам», - еиҭеиҳәоит Иракли.

Аспартакиада атема иацҵауа абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы иҳәоит, ахәыҷқәа аицлабрақәа бзиа ишырбо, уа иалоу амилаҭтә хәмаррақәа еиҳагьы аинтерес шрызцәырнаго. 

«Ахыци ахәымпали рыла ахысра, аҵәҩан ахалара, ахаҳә арԥара, аҵәҩан ахыԥара, алабашьа аршәра – ари зегьы аицлабрақәа еиҳагьы идырбеиоит. Сара схаҭагьы Аспартакиада амшқәа рзы сыҽԥысшәон урҭ адисциплинақәа рҿы. Ахыц акышьагьы сҵеит, алабашьагьы сыршәуан ахәыҷқәа ирымхны. Ахәыҷқәагьы иргәаԥхоит. Ари ааӡагоуп. Арҭ ахырхарҭақәа ирымоу аҭоурыхгьы ахәыҷқәа ирызнагазар, иаҳа агәыбылра рзацларын. Ус еиԥш иҟамлааит, аха ианаамҭаз ашкол иалганы аибашьрахь ицаз арԥарцәа ыҟан. Ахәыҷы дазыҟаҵазароуп, иқәра иахьынӡаҵанакуа», -  иҳәоит Иракли.

Раԥхьатәи арра-пат­ри­­от­­тә лагер

Сынтәа аҵара Аминистрра аԥшьгарала раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы имҩаԥган Сергеи Дбар игәалашәара аҳаҭыраз арра-патриоттә лагер. Араионқәа рҟынтә шәҩык ахәыҷқәа жәиԥшь мшы арратә ҽазыҟаҵара иахысуан, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ҭырҵаауан. Апрограмма иаҵанакуан атактикатә зыҟаҵарақәа, ахысгатә хархәагақәеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи рхархәашьа аҵара, автомат аибыҭареи аимыхреи, ахыци ахәымпали рыла ахысреи, аполигон аҭаареи, аҭоурых-патриоттә хырхарҭа змоу адокументтә фильмқәа рыхәаԥшреи. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра афицартә еилазаареи, ашколхәыҷқәа рырратә зыҟаҵаразы аспециалист хада аполковник Беслан Мышәбеи рнапхгарала. Алагер амҩаԥгара хра алан, ҳәа дахәаԥшуеит Иракли Ҵурҵумиа.

«Ахәыҷқәа рхы иадырхәоз аматериалтә база Аминистрра иаанахәеит. Уаҟа ахәыҷқәа ирыдгалаз аҵаратә процесс иалҵшәахеит ахәмарра «Аиааираҿы» аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла аицлабра алагалара. Иара ахәмарра цонаҵы, хәылбыҽхала Беслан Мышәба иҩызцәа иваргыланы ахәыҷқәа азиҟаиҵон. Ари ԥышәа ҳасабла иалагалан, аха уажәшьҭа ашколқәа зегьы рҿы уи аганахьала аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит», - иҳәеит И.Ҵурҵумиа.

Арратә лагер аусура иаҭаан ирбеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба, ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар. Ахәыҷқәа урҭ рҿаԥхьа рылшарақәа аадырԥшит.

«Аԥхьатәи амшқәа рзы ахәыҷқәа ирцәыуадаҩын, аҩныҟа ацара зҭаххаз дҟалеит, зҭаацәа аазгьы дубап, аха зегьы ирацәажәаны, ирылабжьаны иаангылартә еиԥш иҟарҵеит азыҟаҵаҩцәа. Алагер аусура ахыркәшамҭаз иубон, афицерцәеи ахәыҷқәеи ахьынӡеизааигәахаз, еигәыдибаҳәҳәалан абзиараз ҳәа рарҳәон. Алагер аусура алҵшәа бзиа аанарԥшит, ахәыҷқәагьы, аҭаацәагьы иргәаԥхеит. 2027-тәи ашықәс азгьы иазгәаҭоуп амҩаԥгара», - иҳәеит Иракли.

Аҵара Аминистрра аспециалист иажәақәа рыла, аԥырҩы дызҭам атехника аус адулара аҵаратә процесс иалагалахоит. Аҟәеи Гагреи ашколқәа рҿы дырҵара иалагоит,  аинтернатгьы ҳамҭас иаҭан аиԥш зеиԥшу атехника. Арратә лагер иалахәыз ахәыҷқәа 14 ҳәынҭқарра рҟынтәи ашколхәыҷқәа злахәыз,  Урыстәыла жәларбжьаратәи аицлабра асуперфинал аҿы, Аԥсны акоманда қәҿиарала иқәгылеит, араӡны медалқәа ранашьахеит. И.Ҵурҵумиа иҳәоит, школқәак рҿы аррақәранӡатәи азыҟаҵара амаҭәар мҩаԥызго шазымхо, аха аҭагылазаашьа алҵразы амҩақәа рыԥшаара иаҿуп араионқәеи аҵара аминистрреи.

«Маха-шьахала ахәыҷқәа иаҳа иӷәӷәазарц ҳҭахуп. Гәыла иӷәӷәоуп, рылақәа амца рхуп, уи рыгӡам. Ашкол адагьы згәы бзиоу ахәыҷы иааӡараҿы аҭаацәагьы ҳацхраар ақәнагоуп. Ашкол дҭанаҵы ахәыҷы аспорт дазкызароуп. Ателефон, ателевизор дахәаԥшуа иаамҭа анихиго, уи акгьы инаҭаӡом», - иҳәоит аҵара Аминистрра ахаҭарнак.

Арра-спорттә хәмарра «Аиааира»

Жьҭаарамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҟәа мҽхакы ҭбаала имҩаԥысит XX арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Уи аартра далахәын Аԥсны Ахада Бадра Гәынба. Араионқәа зегьы рҟынтә ашколхәыҷқәа еицлабуан жәа-дисциплинак рыла. Ахәмарра аԥшьызгаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Аслан Ҭаркьыл иоуп. Иара абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабыс даныҟаз аамҭазы Урыстәыла имҩаԥысуаз арра-спорттә хәмарра «Зарница» еиԥш ак еиҿикаар иҭаххеит Аԥсны, игәҭакы наигӡеит. Ахәмарра азырхоуп алеишәа, аицхыраара, акомандатә усеицура, маха-шьахала ахәыҷқәа рырӷәӷәара, иара убас аҿар рҿы аграждантә ҭакԥхықәреи апатриоттә ааӡареи рышьақәыргылара.

«Атәылахьчара аминистрра аофицерцәа адгаланы аиҿкаара ҳалагеит. Ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» ҳәа ахьыӡхеит. Уаҟа иҟан бџьарла ахысра, абџьар аимыхра-аибыҭара, махәҿала аҽышьҭыхра, аиԥхныҩлара, ацәаҳәа ақәгылара уҳәа. Нас иалагалахеит амилаҭтә хәмаррақәагьы – ахыци ахәымпали рыла ахысра. Актәи ахәмарра, 2003 шықәса рзы имҩаԥган. Даара ицәгьан, ахәыҷқәа усҟак иазыҟаҵамызт. Рышәҵатәы, ршьаҵатәы рыла еиқәшәамызт. Нас хәыҷы-хәыҷла аҿиара аиуит. Ахәыҷқәа бзиа ибаны, рҽазҵәылхны рҽазыҟарҵон. Иубаратәы иҟан ари иаԥсоу ак шакәу», - иҳәоит Ҭаркьыл.

Ахәмарра ковид аныҟаз аамҭазы имҩаԥгамызт акәымзар, иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит, ахәыҷқәагьы азыԥшуп. «Аиааира» ааӡамҭацәа рахьынтә иҟоуп арра аганахьала зҵара иацызҵаз. 

«Хақәкыс иҳамаз, ахәыҷқәа арра ианцо аамҭазы рымаха-рышьаха ӷәӷәаны, иазыҟаҵаны иазнеиртә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵара акәын. Ари аицлабара мацара иазырхаӡам, араҟа алекциақәагьы цоит, атехника дҳарбоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араионқәа рҟынтә иаауа ахәыҷқәа уанрыхәаԥшуа, угәы еизҳауеит. Икахәхәа, маҭәала еибыҭоуп, ма ишԥахысуа. Уамашәа иубаша, аҭыԥҳацәа арԥарцәа иреицәамкәа. Ари ахәмарра анарха заиуз, араионқәа рҿы аҵара аҟәша аусзуҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи рус ҭакԥхықәрала иахьазнеиуа ауп. Ари шьҭа аанкылашьа амам», - иҳәоит Аслан Ҭаркьыл.

Иара игәаанагарала, ахәмарра адисциплина ҿыцқәа алагалатәуп иахьатәи аибашьыгатә хархәагақәа ирышьашәаланы. Ахәыҷқәа атехника ҿыц ирызцәырнагоит еиҳагьы агәаԥхара. 

 

Аԥсни Урыстәылеи рҵара Аминистррақәа ирыбжьоу аусура иалҵшәаны аԥсуа школхәыҷқәа ирыман алшара атәыла анҭыҵ имҩаԥысуа арра-спорттә еицлабрақәагьы рылахәхара. Аԥснынтә ахәыҷқәа алахәын «Наследники Победы» ҳәа хьӡыс измаз Арра-патриоттә парк хада «Патриот» аҵакыраҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабра. Уа иҟан Урыстәыла, Беларус, Ҟазахсҭан, Узбекистан уҳәа рҟынтәи 32 команда. Апрограмма иаҵанакуан арра-спорттәи аинтеллектуалтәи еицлабрақәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рнапхгараҭаразы аицлабрақәа, афиџьитал-спорт аелементқәа, арра-мшынтә дисциплинақәа, раԥхьатәи ацхыраара аҭара, акомандатә ԥышәарақәа.

Иара уи адагьы, аԥсуа школхәыҷқәа алахәын жәларбжьаратәи арра-спорттә хәмарра «Зарница 2.0», Волгоград ақалақь аҿы иҟоу арратә полигон ашьаҭала. Уа еицлабуан Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым ақалақьқәеи арегионқәеи рҟынтәи 96 команда. Аусмҩаԥгатә алахәцәеи аҵара зҵои рзеиԥш хыԥхьаӡара 1 000-ҩык иреиҳан. Аԥсны акоманда ахәмарра афинал аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Ашколхәыҷқәа аспорт аганахьала аихьӡарақәа раарԥшра шрылшогьы, абаҩрҵәыреи арратә зыҟаҵареи рзы ицо аусура иаанарԥшуеит апроблемақәа жәпакы, урҭ ирзааҭгылоуп аҵара Аминистрра ашықәсазтәи аусура аихшьаала аҳасабырбаҿгьы. Хыхь ишаҳҳәахьо еиԥш, Аԥсны имаҷуп аспортзалқәа, иҟоу аспорттә ргыларақәа шьаҭанкылатәи реиҭашьақәыргылара аҭахуп, аспо­рттә маҭәахәқәеи иҷыдоу аиқәыршәагақәеи разымхара алкаауп, хаз игоу аспорттә хырхарҭақәа рыла аҽазыҟаҵаратә процесс аиҿкааразы алшарақәа маҷуп, ззанааҭдырра ҳараку азыҟаҵаҩцәеи аспециалистцәеи разымхара убарҭоуп, иара убас абаҩрҵәыра арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра анаҩстәи аизырҳара хымԥадатәиуп.

Арҭ азҵаарақәа рыӡбара хықәкыс иҟаҵаны Аминистрра иалнакаауеит, ашколтә спортзалқәа реиҭашьақәыргылареи реиҭарҿыцреи, етап-етаплатәи аматериалтә-техникатә база арӷәӷәара, аҽазыҟаҵаратә ргыларақәа раԥҵареи рырҿыцреи, ззанааҭдырра ҳараку азыҟаҵаҩцәа аҵара процесс радыԥхьалареи арҵаҩцәа рзанааҭтә дыррақәа аизырҳареи. Иара убасгьы Аминистрра иаҭахны иаԥхьаӡоит ашколтә спорт аицлабрақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, аҟыбаҩ злоу аспортсменцәа қәыԥшцәа раарԥшреи адгылара рыҭареи, арра-патриоттә хәмаррақәеи, атематикатә лагерқәеи, аспорттә усмҩаԥгатәқәеи рыцҵара, жәларбжьаратәи аспорттә усеицура арҭбаара.

 

Альбина Жьиба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image