АХҬЫСҚӘА

Иахьа – ноиабр 20 рзы Аҧсны жәлар рпоет Нели Ҭарԥҳа диижьҭеи 92 шықәса ҵит

Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы Нели Золотинск-иҧҳа Ҭарԥҳа диит Гәдоуҭа араион Дәырҧшь ақыҭан (лыԥсҭазаара далҵит – 29.01.2014). Аҧсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵан.

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004; ароман «Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ» азы). СССР-и (1957) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999).

Аҵара лҵон Дәырҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа сектор далгеит (1959). Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс (1961), аредактор еиҳабыс (1968), адиректор ихаҭыҧуаҩс (1988). Ашьҭахь – Асоветтә хәыҷтәы фонд (Аҧсны ахәыҷтәы фонд ҳәа ишьақәгылаз) Аҧснытәи аҟәша деиҳабын.

Н. Ҭарба 30 инареиҳаны апоетикатәи, апрозатәи, апублицистикатәи ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.

Лпиеса «Амра аҧҳа» акәзар, К. Шь. Ломиа ипоема «Амра аҧҳа» амотивқәа рыла иҩуп. 1978 ш. иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Араҟа иқәыргылан аҩбатәи лпиеса «Ашәа аҧҵара мариам».

Н. Ҭарба лырҿиамҭақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Аҧсшәахь еиҭалгеит А. де Сент-Екзиупери иҩымҭа «Апринц хәыҷы», Лесиа Украинка – «Абна лакә», И. Фучик - адокументтә-сахьаркыратә шәҟәы «Ашьацҳәа зыхәда иахаршәу ирепортаж» уҳәа егьырҭгьы.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image