АХҬЫСҚӘА

Зегьы ирыцку азанааҭ

Иҟам ибааԥсу азанааҭ, ихадоу унапы злоукуа аус заҟа  иуҭахны идырны уазнеиуа ауп. Аханатәгьы акгьы иузаламҵо, аџьабаа дуи аҭакԥхықәра  ҳараки зцу ираԥхьагылоуп аҳақьым изанааҭ. Акгьы иузадкылом, избанзар аҳақьым идырра, иазҿлымҳара иахьыԥшуп ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара. Уи еиҳагьы агәра угоит, ублақәа аанартуеит ахәышәтәырҭа ашәхымс уанынахыҵлак.

Дарбанзаалак ауаҩы издыруам изыԥшу, изыҵәаху. Ус ааигәа амҩатә машәыр иахҟьаны ҳаднагалеит Аҟәатәи ареспубликатә хәышәтәырҭа, аахахәышәтәырҭа аҟәша. Хаҭала сиднамгалацызт, аха А. Иванба дҳақьым бзиоуп ҳәа ибзарӡы саҳахьан. Сеилаԥыҵәҵәа сызҭоу сзымдыруа сшыҟазгьы, ацхыраара амашьына сҭыганы аҟәша  ҳшыныҩнаргалаз «Иванба иахь снажәга ҽаӡә дысҭахӡам» ҳәа  схәыҷқәа срыҳәозаарын…

Аиашазы ари аҽны иаргьы дҳақәшәеит. Иаацқьаны мызкы иназынаԥшуа ари аҟәшаҿы сырхәышәтәуан.

Исҭахуп маҷк сазхьаԥшырц аахахәышәтәырҭа аҟәша аиҳабы Асҭамыр Алеқсеи-иԥа Иванба инысымҩа. Далгеит Очамчыратәи аҩбатәи абжьаратә школ. Уи ашьҭахь, 1992 шықәсазы дҭалоит Уфа, Башкортосҭантәи амедицинатә институт.  Аҳақьым  ҳаҭырқәҵарала игәалаиршәоит уаҟатәи рҵара аамҭаз, иара иеиԥш Аԥснынтәи инеиз аҿар  адгылара ду, ахылаԥшра шрырҭоз. Далгеит иара  уа аорденатуреи, аспирантуреи.

2000 шықәса инадыркны  аус иуеит Аҟәатәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы. Аҳақьым игәалаиршәоит, уи аамҭаз араҟа имҩақәҵаҩны ираԥхьагылаз абиԥара аиҳабацәа, аҳақьымцәа нагақәа Зураб Иасон-иԥа Амқәаб, Владимир Гурген-иԥа Челиани. Дара роуп Аԥсны аахахәышәтәырҭа аҟәша аԥызҵазгьы  аибашьра ашьҭахь.

Иахьа араҟа иҳамоуп аахахәышәтәырҭа аҟәша хазына. Уи аиҳабы Асҭамыр Иванба  дырзыгәдууп ивагылоу, иара иеиԥшцәҟьа зпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа: Руслан Кәыџба, Саид Лазарев, Станислав Лаквитава, Влад Челиан. Иара убас агәыӷра ду урҭоит аспециалистцәа қәыԥшцәа Иларион Ладариа, Осман Шамба.

Ачымазаҩ ихьаа  иалыргараз ахәшә иаҩсуеит амедперсонал разнеишьа, иахәҭоу ажәа хаагьы ихьаартәагоуп.

Асовет аамҭа иааӡаз аҽа леи­шәак, знеишьак рнубаалоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҷыдала амедеҳәшьцәа Римма Қәычбериа, Диана Амаршьан, Манана Сыҷынаа, Аида Арӡынба, Лариса Ашәба, Алиса Саӷариа убас зегьы.

Акызаҵәык ахәышәтәырҭаҿ акраамҭа сыҟазаара аан избаз, аҳақьым идырра мацара азхагәышьом ачымазаҩ лыԥхала иеиқәырхараз. Ара иҟазароуп иақәнагоу аҭагылазаашьа. Ахәышәтәырҭа 2014 шықәса раахыс аремонт зыхьӡу амбац. Аҟәша аиҳабы иҳәоит аҳәынҭқарра аҟнытә ирылшо ала ацхыраара  шыҟарҵо, сынтәа  ирзаахәан акаруаҭқәа быжьба, аиашазы уи аганахьала ирымоуп  азымхара ду, апалатақәа рҿы иааиуам аӡырԥха. Акы, хәшәыла-быӷьшәыла ахәыштәырҭа ааигәа-сигәа иааухәоит иуҭаххо  зегьы, аригьы ачымазаҩ иҭынхацәа арманшәалоит. Сынтәа аҳәынҭқарра аҟнытә ирыҭан 50 протез ачымазцәа рыцхырааразы. Амза иҭагӡаны ара аҟәшаҿы имҩаԥыргоит 35-40 инарзынаԥшуа аԥҟарақәа. «Иага шықәса аус уухьазаргьы ачымазаҩ ихьаа уныруазароуп, мамзар зегь башахоит» –иҳәоит  Асҭамыр Иванба.

Ззанааҭи, зыжәлари  намысла ирзыҟоу аҳақьым иусушьа ала дубоит. Абри аҟәшаҿы акраамҭа дышьҭаҵаны дрыман ишқәыԥшӡаз, аибашьра ибжанатәыз. Ииашоуп иҭахцәа анапы игдырхомызт, аха амедперсоналгьы рџьабаа маҷӡам, иахьа анцәа иҟнытә, иахьынӡалшоз дыхәшәтәны иҩныҟа дылырҩааит.

Ҳара  насыԥ ҳамоуп, атәым тәылахь ҳамцаӡакәа абра ҳ-Аԥсны иахьҳамоу зпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа. Урҭ рус ишақәнагоу инарыгӡарцаз, маругала, иахьатәи атехнологиала реиқәыршәара аҭахгәышьоуп.

«Аҳәынҭқарра излалшо ала иҳацхраауеит» ҳәа азгәеиҭеит  тәамҩахә змамкәа ауаа рыԥсы аиқәырхара иаҿу аҳақьым Асҭмыр Алеқсеи-иԥа Иванба. Аха  изаҳӡарызеи рҽырҭбаан, рдыррақәа зегьы ҳдырхәаратәы аус рурцаз ирыгу ирацәоуп.

Аҵыхәтәан исҭахын абизнес знапы алаку  ҳаҷкәынцәа шәышҟа ааԥхьарак ҟасҵарц, издыруеит аԥсуа Галицын дышҳамам, аха «зынӡа  ҳҿы ӡәӡәаны», аԥсуа  миллионерцәа нҵәеит ҳәа ҳазҳәом. Анцәа  шәадимгалааит ахәышәтәырҭа, уи ианадамха, Аҟәа акәымкәа, Аԥсны анҭыҵ иреиӷьӡоу ахәышәтәырҭа шәазцар  шәылшоит. Аԥсны ада ԥсыхәа змам ачымазцәа рзы иҟашәҵа ацхыраара. Уи ԥсаԥоуп, ажәлар рылыԥха  шәмалқәа инарыцлоит. Ари адунеи  аҿы ауп ауаҩра ахьаҭаху, амалгьы  ахархәашьа  уахьақәшәаша, егьи адунеиаҿ акгьы  уҭахӡам, ушааз еиԥш уцагәышьоит. Ара инхоит ужәлар рҿы уусқәа, ухьӡ-уԥша. «Ажәлар рылыԥха  умазааит» ҳәа дырныҳәоит ауаҩ бзиа  данырныҳәо! Ус  акәхааит, шәгәы бзиа, шәхы бзиа  шәрацәаҩхааит аԥсуа Галицынраа! Ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара знапы иану ҳҳақьымцәа бзиақәагьы ԥынгыла  рмоуааит, рус  ԥшьа  анагӡараҿы.

Наира  Сабекиа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image