Еимгеимцарак иалагӡаны ицеит арҭ ашықәсқәа. 30 шықәса раԥхьа ҳадгьыл рыхьчон, рхы ақәырҵон ҳҵеицәа. Шаҟа ҭоурых ыҟоузеи ҳаибашьцәа ирызку? Ихадоуп даараӡа акраҵанакуеит урҭ ргәалашәара, иҳалагылоу аветеранцәа рыҿцәажәара, рнысымҩа азааҭгылара аҭоурых азныжьра.
Лыхнытәи арԥыс Сҭеԥан Анатоли-иԥа Гагәлиеи зықьҩыла уи иҩызцәеи рыԥсыцқьақәа зыхҭнырҵаз, усҟан имицыз уи иԥеи, игәараҭа иахьа иҭзырҭәаауа имаҭацәеи назлоу Аԥсны аԥеиԥш наӡаӡа ажәҩан лаша аҵаҟа рыбзазара маншәалазарц азоуп.
Амца, аҭакар, иаалырҟьаны Аԥсны ианацрала, ҳажәлар еиланаргьежьит. Рхы-ргәы ҵнаблааит. Аха ршьамхы рыҵамҟәалеит. Арма-ӷьырмала акәымкәа, еидгылан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me