Анацәа Рхеидкыла – Чечентәыла

Аҭынчра аиқәырхареи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа Рхеилак Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа сентиабр 12 рзы Грозныи ақалақь иаҭааит, 1992-1993 ш.ш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭаацәарақәа рԥыларазы. Уи рхы аладырхәит фырхаҵарала иҭахаз ачечен рԥарцәа Бислан Рассаев, Руслан Алиев, Муса Абдулгапов ранацәа – Роза Ескиева, Марха Алиева, Патимат Абдулгапова, убасгьы Жалавди Кинтаев иԥшәмаԥҳәыс – Аишат Кинтаева.

Шәҿаԥхьа ҳхырхәо иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит гәыкала, арҭ реиԥш аҵеицәа зааӡаз Чечентәыла анацәа зегьы. Урҭ фырхаҵарыла, иарбанзаалак акы хьаас имкӡакәан, аидара рацәа иаҵаланы, шьапыла ашьхақәа ирхыҵны рыжәҩахыр ҳамардеит ҳажәлар рзы иуадаҩӡаз аамҭақәа раан. Уи, ҳәарада, ҳауаажәлар ргәы шьҭнахит, ргәыӷрақәагьы еиҳанатәит. Иҵабыргны, акырӡа аҵанакуеит уи. Зыԥсыцқьақәа ҳахҭнызҵаз ахааназы рыхьӡ лашақәа кашәара рықәым» - ҳәа еицыз рыхь­ӡала дықәгылеит анацәа Рхеилак Аҟәатәи аҟәша ахантәаҩы Фируза Чамагәуа.
«Санхәа лԥацәа аҩыџьегьы Жалавдти Нурадии неит Аԥсныҟа. Хара имгакәа сыԥҳацәа раб иашьа Нуради хабарда дыбжьаӡит, аамҭақәак рнаҩс, сыԥшәмагьы иԥсыбаҩ ҳзааргеит… Ҩышықәса раԥхьа зыдунеи зыԥсахыз санхәа, лыԥсы ахьынӡаҭаз агәашә ахь лылаԥш хан, наӡаӡа аԥсуа дгьыл аҟны инхаз лԥа Нуради дизыԥшуа… Анацәеи аҭаацәеи зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳҵеицәа ахьышәхамшҭуазы» ҳәа лажәа хлыркәшеит Аишат Кинтаева.
Рԥацәа ражәақәа ргәаларшәо, урҭ рхы зқәырҵаз аҭынч бзазара аиқәырхара иазхымԥадатәу азҵаарақәа гәҭыхала ирылацәажәон анацәа акыр аамҭа. Анаҩс, Роза Ескиева Чечентәыла анацәа рыхьӡала Аԥснытәи аделегациа алахәцәа ҳамҭас ирылҭеит акасқәа. Аԥснытәи анацәагьы, Аҟәа Ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба ихьӡала изҭааз ирырҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа. Убасгьы, Чечентәыла аҳҭнықалақь Ахадара аиҳабы Хас Магомед Кадыров ихьӡала аҳамҭақәа инапаҿы иҭан уи ихаҭарнак Турпал-Али Шамильханов.
Аиԥылара ашьҭахь, уи иалахәыз, хатәгәаԥхарала ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчоз Анзор Магомадови Турпал-Алти Баисуеви, Сулиман Мицаеви, Аԥснытәи аделегациа алахәцәеи еицны ирҭааит Грозныи ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа.
Ахьааи агәеизыбылреи зҵаз аиԥылара хыркәшан лассы-ласстәи аиҭанеиааирақәеи аибабарақәеи шхымԥадатәу, урҭ анаҩсгьы ишрыцҵахо азы гәыӷрала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me