АХҬЫСҚӘА

Аҽқәа ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхраауеит

"Аԥсны арҿиаҩцәа" аҩбатәи аицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 инаркны, и,мҩаԥыслоит жьҭаара 16 рҟынӡа.Урыстәыла Ахада игрантқәа Рфонд Аицлабра иазоунажьит 150 млн мааҭ.

"Аԥсны арҿиаҩцәа" иабзоураны ҳтәылаҿы иалыршоу апроектқәа иреиуоуп Очамчыра Аибашьра ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аартра, иара убас Аҟәа аԥраӷба аргылареи аклуб аартреи. Ишәҳардырырц ҳҭахуп даҽа проектк, згәабзиара ԥку ахәыҷқәа ирзырхоу. 

Ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭа­шьа­қәыргыларазы иаҭахуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳақьымцәа, урҭ аус зларуша амаругақәа. Есааира аметодикақәа рҽырыԥсахуеит. Инеиԥынкыланы ауаҩы ҳтәылаҿы игәабзиара еиҭашьақәиргылартә аҭагылазаашьа ыҟам.  Ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы ихәарҭоу акы акәны иҟоуп аҽы ахархәарала ахәшәтәратә бҩарҵәыра.  Ҽыла аныҟәараан ахәыҷы имаха-ишьаха аусура иалагоит. 

Владислав Ҵышәба жәаф шықәса ихыҵуеит. Дааижьҭеи ахәы­шәтәырҭақәа ҳарҭоуп, лҳәоит иан Раҭха Ажьиԥҳа. Аҷкәын ДЦП имоуп. Иуҳәо зегьы иликаауеит, ҩ-бызшәак иаҳауеит, аха ацәажәара ицәыбыргуп. Ахәыҷы ҩымз раԥхьа Сҭамԥыл дԥырҟеит, аҳақьымцәа ирҳәоит, аныҟәара далагар шалшо. Дшьақәгыларцаз, ҽыла ахәшәтәра иабжьаргеит. Владислав аҽқәа даара бзиа ибоит, иабгьы аҽқәа иааӡоит. Аклуб «Бзоу» ахь дныҟәоижьҭеи акрааҵуеит, аха уажәоуп ара аԥышәа змоу рыцхыраара иоуа даналага. 

Мариа Москолева Ачадара аҽтәы клуб аартра аԥшьызгаз дреиуоуп. Араҟа хәыҷи-дуи аҽы ақәтәашьа ддырҵоит, қьырала ҽыла Гәымсҭа аӡиас унавалар алшоит. Згәы бзиоу рыдагьы арахь иаарго иалагеит зымаха-зышьаха аусура ацәыбыргу ахәыҷқәа. Зны ус баша аҽы рбарц, иалакьысырцаз. Аҭаацәа иаҳа-иаҳа иадҵаало иалагеит ҽыла ахәшәтәра азҵаара. Аха аклуб аҿы уи атәы здыруаз дыҟамызт. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" збаз Мариа лҩыза илыҵалҳәеит уи лҽалалырхәырцаз. 

«Апроект еиқәҳаршәеит, арзаҳал алаҳҵеит, аиааирагьы ҳгеит. Ҩыџьа аусзуҩцәа аҵара дҳарҵеит. Ԥшь-ҽык алԥшааны, даргьы иазыҟаҳҵо ҳалагеит. Иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло аԥстәқәа ачҳара рылазароуп. Згәы бзиоу иақәыртәаны иасларц раҳҳәон, ирыбӷыҷларц. Ахәыҷқәа иаҳзаарго еиԥшым, аӡәы дҭынчуп, егьи – мап. Аӡәы ҳгәыҳҽанӡамкәа дыҳәҳәар илшоит. Аҽы мшәозароуп, уи иазыҟаҵазароуп», - ҳәа еиҭалҳәоит Мариа. 

Абар, шьҭа мызкы ҵуеит аклуб аҿы ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы акурсқәа цоижьҭеи. Апроект аԥҟарақәа рыла, уи иазыԥҵәоуп ԥшьынҩажәа сааҭ. «Ашанеи» ианвалидцәа рфонди ирыбзоураны иалԥшаан жәаҩык. Дара зегьы ааба-ааба сааҭ иныҟәалоит.

«Ҳәарада, ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә курсқәа хәыда-ԥсадоуп. Аха аа-сааҭк рышьҭахь, азыҟаҵарақәа иацырҵарц рҭаххар, ахә ахшәаатәхоит. Аҽқәа рбара ҳцәыцәгьоуп, зегьы хәыда-ԥсада разыҟаҵаразы алшара ыҟам. Уажәы еиҭа "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟынтә агрант аиуразы аҩбатәи аицлабра ҳхы алаҳархәырц ҳгәы иҭоуп. Ахәыҷқәа еиҭа ԥарада иазыҟаҳҵаларц ҳҭахуп. Уи адагьы аманеж ахыб амаӡам, ҭагалан – аӡын ахәыҷқәа мбааӡакәа иазыҟаҳҵаларц», - лҳәоит Мариа. 
Апроект аԥсҭазаара аиурцаз иазоушьҭын 4 миллионки 800 мааҭ. Мызктәи абонемент ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы 18 000 иаԥсоуп. Зныктәи раара ҩнызқь инацны. Ҳәарада, хәыда-­ԥсада акурсқәа рахысра аҭаацәа рзы цхыраагӡа дууп.  

Аклуб ахь ҳаннеи аамҭазы Владислав аҽы дақәырианы аманеж дакәдыршон. Иан Раҭха дгылан дизыԥшын. Лара иҿыԥшыларала илдыруеит, ахьаа имоу имаму. Аҽы дшақәиоу изыманшәалазар еилылкаауеит.  

«Мгәала аҽы данақәиоу иаҳа игәаԥхоит. Дтәаны, макьана ахьаақәа имоуп, ааигәа дахьԥырҟаз азы. Уи аҽы деигәырӷьоит, дымшәакәа ааигәара днеиуеит. Владислав даара дхаауп, аӡәы инапы икызар, уи дигәаԥхеит ауп иаанаго, аха даахьаҳәны данимыхәаԥшуагьы убап», - еиҭалҳәоит ан лхәыҷы иҷыдарақәа ртәы. 
Владислав иеиԥш иҟоу ахәыҷқәа рзы Аԥсны аҽыхәшәтәразы алшарақәа абанӡаманшәалоу ҳәа Раҭха санлазҵаа, лара илҳәеит, – ахәыҷы ареабилитациа данахысуа аамҭазы еиуеиԥшым аҽыхәшәтәратә бҩарҵәырақәа рахь дныҟәозароуп ибжьамыжькәа, ианаамҭоу, аха ҳара ҳҿы уи аиҿкаара цәгьахеит. Лцәажәара иацҵо иазгәалҭеит:

Аҽыкәабарахь аамҭала дыз­ныҟәаӡом, аӡҭарчы маругак агуп азы. Амассаж изыҟазҵо зны дычмазаҩхоит. Мызкы сыԥшын зегьы еицалагарцаз, аха ишахәҭаз еиԥш иамуит. Зегьы комплексла ианыҟоу ауп ахәыҷы ианиныруа, мызкы – акы, егьи амза даҽакы, ус иахьиныԥшуа збаӡом. Еиҳарак Москва ҳаҟоуп, уаҟоуп зегьы ҳаур ахьалшо, уажәы иаарлсны еиҭа уахь ҳцараны ҳаҟоуп. Ҳара иҳамоуп ареабилитациатә центр, аха ззанааҭ здыруа аҳақьымцәа ҳагуп». 

Илариа жәохә шықәса лхыҵуеит. Лара ДЦП ицәгьоу аформа лымоуп. Аклуб аҿы аус анаҳуаз аҽны, ахәбатәи аҽазыҟаҵара лыман. Лара лымаха-лышьаха зегьы еибархха иахьыҟоу азы дзыцәаӡомызт. Ес-ҩажәа минуҭ дааԥшуан, ҽыла аҽыхәшәтәрахь дааргаанӡа. 

Илариа аус лыдызуло Ирена Аҩӡԥха илҳәоит, раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа раан рыҩџьагьы шеишьцылоз. Ахәыҷқәа уара ишуҭаху еиԥш иаразнак угәра ргаӡом. Аҽы данақәиаз, илзыманшәалахаша аҭыԥ иашьҭан.  

«Аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь лыцәара аамҭа иацлеит. Уи иаанаго еимырхха иҟаз лҟәартәрақәа лырдо далагеит. Аҽазыҟаҵарақәа лыхәоит. Лцәаныррақәагьы раарԥшра далагеит. Ус ами Илариа?», - лҳәан Ирена знапы лкыз ахәыҷы данлыхәаԥшит. Илариагьы дааԥышәарччеит. Уи аамҭазы лазыҟаҵаҩи лареи рҽы Таисони аныҟәара иаҿын. 

Ирена ахәыҷқәа аус рыдуларазы ҷыдала акурсқәа ирхысыз дреиуоуп. Аҵара рҵон Ушински ихьӡ зху аҭҵаарадырратә университет аҿы онлаин ҳасабла. Шықәсыбжак атеориа рыман. Аҵыхәтәантәи ҩымз аԥышәа иатәын. Азшьақәа, аԥышәарақәа, зегьы ишахәҭоу еиԥш иарҭон. Нанҳәамзазы адипломқәа рырҭеит. Раԥхьатәи лзанааҭ аԥсихолог инацлеит даҽа хырхарҭакгьы. 

«Арҭ ахәыҷқәа ҷыдоуп. Аус рудыларагьы мариам. Дарбанзалак изнеишьа уақәшәароуп. Жәаҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Дара зегьы рчымазарақәа еиԥшым. Ари ҳаргьы раԥхьатәи ҳԥышәоуп. Ҳара ҳзы иҿыцуп ҳазҿу, ахәыҷқәа рзгьы усоуп, аха ҳаишьцылеит. Ахәыҷқәа зцәажәаӡом азы рыбжьы шҭырго ала еилаҳкаауеит ирҭаху. Санихәаԥшлак еилыскаауеит изыманшәалоу, мамзаргьы иҭагылазаашьа аԥсахра ҳашьҭало. Ари ихьанҭоу усуп ҳәа сызҳәаӡом, аха араҟа аҭакԥхықәра ду ацуп. Ҳус ахәыҷқәа хәарҭас ироурц ҳҭахуп. Зынӡа ҿызымҭуаз, рыбжьы ҭырго иалагеит, уаанӡа ан илмаҳацыз. Ахәыҷы аԥстәы ду данақәиалак, уаанӡа изымҳәоз, изаамырԥшуаз ацәаныррақәа ӡыриго далагеит», - ҳәа еиҭалҳәоит Ирена. Лара еснагь лхазы идырны илыман, ахәыҷқәа аус рыдулара шылҭахыз, аха дшәон илылымшар ҳәа. 

«Ара ҩыџьа заҵәык русеицура акәӡам иҟоу, ара иҳабжьагылоуп аԥстәгьы. Ахәыҷы уи дацәымшәартә иҟаҵатәуп, бзиа ибароуп. Дшацәшәо иаартны изҳәаӡом. Абарҭ зегьы анеидысхәыцлалак, сызҿу аус иацу аҭакԥхәықәра  ибзианы еилыскаауеит», - азгәалҭоит Ирена. 

Ари амза иалагӡаны иага хҭыс ҟалахьеит, аха азыҟаҵаҩ иалылкаауеит руак.  
«Рома ҳәа ҷкәынак дҳамоуп. Ҩажәи акы шықәса ихыҵуеит. Аҽы аҟынтә дкаҳар ҳәа дшәон, аха уи атәы изҳәаӡомызт, сара еилыскаауан иҽырхха дшақәтәаз ала. Сиацәажәо саналага исирдырит ихлахаҵ шыгьежьуаз. Саалаган ашаха идҿасҳәалеит, ашәарҭадара изаԥысҵарцаз. Дсыргәыбзыӷуан дымшәарцаз. Аԥшьбатәи амш аҽны  дызкыз ашаха иҭахымхеит. Диашахәҵәаӡа ихала дтәон илақәа агәырӷьара рхубаало. Ҽнак «Ирена, бзиа шәызбоит, иҭабуп аҽы ақәтәашьа ахьысшәырҵаз» ҳәа сеиҳәеит. Сара сылаӷырӡ сызнымкылеит. «Сгәы сзырхьуа, саамҭа ахьынҵәо ауп, нас арахь саартә еиԥш аҭагылазаашьа сауӡом» иҳәеит. Аклуб аусзуҩцәа ҳааилацәажәан, Рома изаԥаҳҵеит аҭагылазаашьа, мчыбжьык ахь знык иадамхаргьы арахь дааларцаз». 

Агәыҳалалратә усқәа ирхылҿиаауеит ахҭыс бзиақәа. Иҳәатәуп, аклуб ахь ишаауа аҽықәтәара бзиа избо згәы бзиоу ахәыҷқәа. Дара аԥара рызшәаӡом, аха рыблақәа амца рхуп аҽқәа ианрықәтәо. Аусзуҩцәа урҭ шәмааин ҳәа рарҳәаӡом, аха аҽқәа рбараҿы ирыцхраауеит. Акрырҿарҵоит, аӡахьы иргоит, иркәабоит. «Аԥхын зегьы ашьыжь асааҭ ааба рзы ашә илагылан, уаха асааҭ жәбанӡа ара иҟан, нас аҩныҟа иаҳгон. Ҳара ҳхәыҷра ҳгәаладыршәоит. Аӡиас ахь ицоит, амца еиқәҵаны акы рӡуеит, адәаҿы ихәмаруеит», - ҳәа еиҭалҳәоит Мариа. 

Иааидкыланы аԥхын аклуб ахь иныҟәоит хынҩажәаҩык ахәыҷқәа. Араҟа ҩажәи жәаба ҽы рбоит. Абжа аспорт иазкуп, ҽқәак иҽмазаҩу ахәыҷқәа аус рыдырулоит, егьырҭ уақәтәаны унеи-ааирцаз ирымоуп. Аклуб аҿы аҽқәа ииуеит, аҽырыҩрақәа ирылахәу ачемпионцәа рааӡоит. Ҽык абара ҩажәи жәаҩа нызықь мааҭ ирызтәоит. Аспорт иазку ракәзар, урҭ рбара еиҳагьы ицәгьоуп. Уи адагьы араҟа ирааӡоит акәатақәа, акәытқәа, аџьма, аҽада. Аԥшәмацәа ргәы иҭоуп ахәыҷқәа арҭ аԥстәқәа зегьы рхы иархәаны иахьыхәмаруа апарк аиҿкаара. 

Альбина Жьиба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image