АХҬЫСҚӘА

«Аԥсны аҳәынҭқарраҟны акраамҭатәи ахылаԥшреи апаллиативтә цхыраареи рсистемазы Урыстәылатәи ахылаԥшреи аԥсихологиатә цхыраареи рстандартқәа» атемала астол гьежь мҩаԥыргеит Аҟәа

Аусмҩаԥгатә асоциалтә проект «Аиҷаҳара аҵакыра» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, уи Урыстәылатәи Афедерациа ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала зықәрахь инеихьоу ауааи аинвалидцәеи рыцхыраара асоциалтә хырхарҭа змоу икоммерциатәым аиҿкаара (СОНКО) «Агәырӷьара зцу ажәра— Ставрополь» инанагӡоит.

Аиԥылара атезис хадақәа:

Аԥышәеи аҷыдареи. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа Урыстәылатәи лколлегацәа рыдгылара аҵак ду шамоу азгәалҭеит, инаҵшьны илҳәеит ареспубликаҿы агеронтологиеи агериатриеи русхкқәа ашьақәгылара аетап аҿы ишыҟоу, урҭ рыҿиараҿы аҭыԥантәи аҷыдара ҳасаб шазутәу.

Гәыцәс иамоу аволонтиорцәа роуп.

Астол гьежь аусура рхы аладырхәит ацхыраара зҭаху рыцхырааразы аԥышәа аиура иазхиоу ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

Ацхыраара аҟынтә асистемахь. 

Ставропольтәи аиҿкаара анапхгаҩы Татиана Василиева хәышықәсатәи лԥышәа ҳацеиҩылшеит иагьазгәалҭеит ихиоу ашаблонқәа шыҟам — асистема адаптациа шазутәу.

Адемографиатә сахьа аԥсахра. 

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба асоциалтә система ареформа шазутәу азгәеиҭеит: уаанӡа зықәрахь инеихьаз аҭаацәарақәа рымацара ирхылаԥшуазҭгьы, иахьа зҽызыԥсахуа асоциалтә ҭагылазаашьаҿы иҷыдоу аинститутқәеи рыҿиара аҭахуп.

Аекспертцәа Урыстәылатәи астандартқәа Аԥсны аҭагылазаашьақәа ишрықәыршәатәу иалацәажәеит, аҭыԥантәи аспециалистцәеи аволонтиорцәеи разыҟаҵаразы ашьаҿақәа азгәарҭеит.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image